pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза  11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу амца зкыз агәамсамеизакырҭа 70% рҟынӡа инаӡо амҽхак аҿы абылра аанкылара алыршоуп. Абри азы адырра Аԥсныпресс ахь иҟаиҵеит Гагратәи «Иҷыдоу автонхамҩа» ахада Ҭемыр Бигәаа.

«Агәамсамеизакырҭа аҵакыра зегьы аҟынтәи 60-70 % арцәара алыршоуп, аха агәамсамеизакырҭа макьана алҩа ахылҵуеит.  Ус абжьааԥны иҟалоит амца зку аҭыԥқәа адгьыл ақәыԥсараан», – ҳәа иҳәеит Ҭеиыр Бигәаа.  

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡбаратә експертиза аусхкы аганахьала аусеицура арӷәӷәара иазкын мшаԥымза 9 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз Аԥсны аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Лагәлааи Урыстәыла аиустициа аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Евгени Зубарчукови Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа Аминистрра аӡбара-експерттә усура аганахьала аҳәынҭқарратә политика анагӡаразы Адепартамент адиректор Владимир Лукианови уи ихаҭыԥуаҩ Екатерина Козыревеи реиԥылара.

Аиԥылара аҿы аганқәа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Адунеи аҿы иқәынхо аԥсылманцәа зегьы рзы Иԥшьоу амыз иалагӡаны ҽынла изҵаз ачгара ахыркәшара ашьҭахь иааиуа амш Ураза-баирам (Ид аль-Фитр) ҳәа изышьҭоу ныҳәамшны иԥхьаӡоуп.  Аԥсуаа ари аныҳәамш Аурычра-ныҳәа ҳәа иашьҭоуп. Аҟәеи Гәдоуҭеи аус зуа аџьамаақәа рыҟны аныҳәа ахьӡала Иаҳхылаԥшхәу иганахьала имҵахырхәеит, Аҟәырҟан иаԥхьеит, аныҳәатә чысла аишәақәа дырхиеит, ахыҷқәа рзы агәырҿыхгатә программа еиҿкаахеит.   

Аԥсны амыфҭы атәыла иқәынхо аԥсылманцәа рахь адныҳәаларатә ааԥхьара ҟаиҵеит:

«Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы! Шәахьымҩахыҵуазаалакгьы Ҳазшаз илԥха, игәыԥха шәыцзааит!

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку адоуҳатә Усбаҭа ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала шәара, шәҭаацәа, ишәзааигәоу ауаа зегьы ари аныҳәа ду, иԥшьоу Аурычра-ныҳәа  («Ураза-Байрам») шәыдысныҳәалоит! Аллаҳ сиҳәоит ҳара инаҳагӡаз ачгара, аматанеирақәа, хра злоу аусқәа, иааҳарԥшыз агәыҳалалреи ахачҳареиа идикыларц, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Енвер Нанба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп.

Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы иааиуа 2024-тәи аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аиԥылара рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, ашьаусԥшааратә Усбарҭа анапхгаҩы Алхас Габлиа.

Араион аҿы иҟоу изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Денис Аиба.

Ҳазҭоу 2024 шықәса актәи аԥшьбара азы араион аҿы азеиԥшшьоуратә хырхарҭақәа змоу 27 цәгьоура ҟалеит. (2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы  –  35), урҭ рахьынтә иааартын 20.  Ацәгьоурақәа раатра 74% рҟынӡа инаӡоит.

Ашәҟәы иҭагалаз 27 цәгьоура рҟынтәи  11 ицәгьоу ркатегориа иаҵанакуеит, урҭ рахьынтә хәба аартуп.

Аминистр араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура хар амам ҳәа ахәшьара аиҭеит, убри аан аԥхынтәи аамҭахәҭа азы араионтә Усбарҭа ахь адҵақәа шырӷәӷәахо, насгьы иара хаҭала уи ахылаԥшра шаиҭало азгәеиҭеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Асад Ураза-баирам аныҳәа идиныҳәалеит.  

«Ари аныҳәамш азы  гәык-ԥсыкала  сшәыдныҳәалар сҭахуп. Шьамтәыла иқәынхо аԥсылманцәа зегьы рзы ари аныҳәа ирзаанагааит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аиашареи ахирреи.  

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Ураза-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

«Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!

 

Ишәыдысныҳәалоит иԥшьоу амза Рамадан ахыркәшара иазҳәоу Ураза-баирам аныҳәа!

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Аураашьа» ( анапхгаҩы –  Валери  Ҭаниа)  Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуаз афестиваль аҿы Гран-при агеит.

Ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә рҿиара азы III Урыстәылазегьтәи афестиваль-конкурс «Агәахәтәы аҟынӡа шьаҿак» («Шаг к мечте») мшаԥымза   5-7 рзы  Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуан.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акоммуналтә усзуҩцәа иахьа Алаҳаӡы ақыҭан,  700 инаркны 800 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа амца зкыз агәамсамеизакырҭа аҿы абылра аанкылара иалагеит.   Гагратәи «Иҷыдоу автонхамҩа» ахада Ҭемыр Бигәаа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иахьатәи амш азы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы еиҭеиҳәеит.

«Ҳара уажәы агәамсам еизакырҭа аҵакыраҿы ҳаҟоуп, амца ахьхуҵҟьо аҭыԥқәа рҿы амца арцәара ҳаҿуп. Аҭагылазаашьа иацы аасҭа акыр еиӷьуп иахьа. Атехника ашьыжь, асааҭ 8 инаркны аусура иаҿуп. Амашьынақәа рыла адгьыл ааганы агәмсам ахыхь иақәрыԥсоит. Убри ала уахь аҵәыҵәри анеира ацәыуадаҩхоит, иара убри ала амца аибакра еиҳа имаҷхоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа инарыгӡаз аусмҩаԥгатәқәа раан Аԥсны атәылауаҩ  Габуниа В.Иу. ихатәы ҩны алыӷәра аҿы ирыԥшааит  75 аппарат рыла ишьақәгылаз аус зуаз амаининг-ферма.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.