Уи иажәақәа рыла, аусурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп уаҵәтәи амш азы.
«Ҳара излауа ала амца ахьхуҵҟьо аҭыԥқәа рҿы амца арцәара ҳаҿуп. Амашьынақәа рыла адгьыл ааганы агәмсам ахыхь иақәрыԥсоит. Убри ала уахь аҵәыҵәри анеира ацәыуадаҩхоит, иара убри ала амца аибакра еиҳа имаҷхоит. Аха уеизгьы 5-7 мшы агәамсамеизакырҭа алҩа ахылҵлоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Ҭемыр Бигәаа.
Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу агәамсамеизакырҭа амца акит мшаԥымза 9 рзы. Амца амҽханакит 700 инаркны 800 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа агәамсамеизакырҭа.