АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Аԥснытәи аԥсылманцәа Аурычра амыз ахыркәшара азгәарҭеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Адунеи аҿы иқәынхо аԥсылманцәа зегьы рзы Иԥшьоу амыз иалагӡаны ҽынла изҵаз ачгара ахыркәшара ашьҭахь иааиуа амш Ураза-баирам (Ид аль-Фитр) ҳәа изышьҭоу ныҳәамшны иԥхьаӡоуп.  Аԥсуаа ари аныҳәамш Аурычра-ныҳәа ҳәа иашьҭоуп. Аҟәеи Гәдоуҭеи аус зуа аџьамаақәа рыҟны аныҳәа ахьӡала Иаҳхылаԥшхәу иганахьала имҵахырхәеит, Аҟәырҟан иаԥхьеит, аныҳәатә чысла аишәақәа дырхиеит, ахыҷқәа рзы агәырҿыхгатә программа еиҿкаахеит.   

Аԥсны амыфҭы атәыла иқәынхо аԥсылманцәа рахь адныҳәаларатә ааԥхьара ҟаиҵеит:

«Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы! Шәахьымҩахыҵуазаалакгьы Ҳазшаз илԥха, игәыԥха шәыцзааит!

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку адоуҳатә Усбаҭа ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала шәара, шәҭаацәа, ишәзааигәоу ауаа зегьы ари аныҳәа ду, иԥшьоу Аурычра-ныҳәа  («Ураза-Байрам») шәыдысныҳәалоит! Аллаҳ сиҳәоит ҳара инаҳагӡаз ачгара, аматанеирақәа, хра злоу аусқәа, иааҳарԥшыз агәыҳалалреи ахачҳареиа идикыларц, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц.

Аллаҳ сиҳәоит доусу ҳҭаацәақәа рҿы аилибакаареи аизҳазыӷьареи ҟаларц, ҳтәыла аҿы – аҭынчреи аҭышәынтәалареи.

Аллаҳ имчала иахьа иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы иҟоу, ақәыӷәӷәарақәа зхызго аԥсылманцәа зегьы рҭагылазаашьа аиӷьтәра алиршарц азы ҳиҳәоит».  

Аурычра-Ныҳәа, Ураза-баирам (атиурк бызшәала), мамзаргьы Ид аль-Фитр (араб бызшәала) –  Иԥшьоу амз Рамадан азы изҵаз ачгара ахыркәшара ашьҭахь  иааиуа амш азы иазгәарҭо аныҳәа ауп. Аԥсылман дин ала, «Аурычра-ныҳәа» амш аҽны, ашьыжьтәи аматанеира ашьҭахь аныҳәатә мҵаныҳәара аламҭалазы  акыр змоу аԥсылманцәа иалаҟам ауаа рзы афатә-ажәтә ала асадаҟы ҟарҵоит (Закиат аль-Фитр). Уи ашьҭахь аџьамаа аҿы аколлективтә ныҳәатә мҵахырхәара мҩаԥгахоит. Аурычра-наҳәа (Ураза-Баирам) хымш иазгәарҭоит. Арҭ амшқәа ирылагӡаны аԥсылманцәа аныҳәатә чысла аишәақәа дырхиоит, доусы рыуацәеи рҭынхацәеи ргәылацәеи рчеиџьыка агьама ддыркуеит.  


Read 129 times - Аԥшьаша, 11 Мшаҧы 2024 12:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.