pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала шәира Амш шәыдысныҳәалоит!

Иахьа Шәара аԥсҭазааратә ԥышәа ду рҳаны аҳәынҭқарра напхгара ашәҭоит, атәыла аекономикатә лшарамч, уи акультуратәи адоуҳатәи ҭынха рыҿиара гәацԥыҳәарала шәалахәуп. Шәара шәыпрофессионализм, ауаажәларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду ҳтәыла аԥхьаҟагьы асоциалтә-економикатә ҿиара, ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара, Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа арӷәӷәаразы ицхыраагӡа дуны иҟоуп. Иахьа Аконституциа ахьчара знапы иану иаҳасабала Ахада имаҵзураҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет, ахьыԥшымра, аҳәынҭқарратә акра аиқәырхаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыжәгоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара, атәылақәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аус аҟны шәлагаламҭа. Шәара ишәыбзоураны акрызҵазкуа аполитикатә ӡбамҭақәа алыршоуп, аԥсҭазаара иаларҵәоуп аинвестициатә проектқәа жәпакы, аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рыҟны имҩаԥысуеит аиҭакрақәа, ацәгьоура иаҿагыланы ақәԥара. Аԥхьаҟа иҟаҵатәу рацәоуп, аха ҳара агәра ҳгоит Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара иазкны шәгәы иҭашәкыз аус бзиақәа рынагӡара шәылшап ҳәа.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра  Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыхьӡала гәык-ԥсыкала  ишәыдысныҳәалоит  Шәира Амш!

Аҟәа. Мшаԥымза  6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥмза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз, шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииагаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа  иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит. 

Ахәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри азы ҭелла реиҿцәажәараан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адырра ииҭеит Шәача ақалақь  Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр аҳақьым хада  Андреи Аргунов.  

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауз ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ахәыҷқәа Шәача ақалақь, Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр ахь инаргеит.  Ахәыҷқәа ӷәӷәала аблырхәрақәа роуит.  

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Шәача ақалақь ахада Алеқсеи Копаигородскии ҭелла  еиҿцәажәаны ахәыҷқәа урыстәылатәи ахәышәтәырҭахь рыиагара азы еиқәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа – хаҵеи ԥҳәыси урҭ ҩыџьа рхәыҷқәеи ааха роуит. Абылра ҟалеит В.Арӡынба имҩала игылоу аҩны аҿы.

«Амца акит ҩ-еихагылак змоу аҩны. Иҷыдру аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә гәыԥ амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ицеит 19 сааҭи 24 минуҭи рзы. Амца арцәара иалахәын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба», ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.

Иҟалаз амцакра  иахҟьаны иблит ҩ-уадаки аҩны ахыбреи.  

Ааха зауз ауаа ахәышәтәырҭахь инаргеит.

Абылра аҿы аблырахәрақәа зауз ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ахәыҷқәа ареспублика анҭыҵ ргара  хымԥадоуп, ҳәа адырра ҟарҵеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.

Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа. Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш. Урыстәыла Шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатәи астратегиатәи усеицура арӷәӷәара иадгылоу иаҳасабала, инашәыгӡо аусгьы ахә ҳаракны иршьоит. Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала лыҵшәа змоу ҳусеицура аԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, ахирра». 

 

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.    Ҭамаз Ҭарба мшаԥымза 20 рзы Москва ақалақь аҿы, атурнир  ММА Асериа-79 аҳәаақәа ирҭагӡаны аиндаҭлара далахәхоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  Уи диацлабуеит Никита Бархатов.

Аҟәа. Мшаԥымза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа, 1991 шықәсазы ииз Грачиов Сергеи Сергеи-иԥеи 1985 шықәсазы ииз Лашкова Викториа Евгени-иԥҳаи Аԥсны аҵакыра аҿы иӷәӷәоу ацәгьоура  – зыкапан дуу анаркотиатә маҭәашьар анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны изакәанымкәа аахәареи аиагареи аҵәахреи рзы ахара рыдҵоуп.

Сергеи Грачиови Викториа Лашковеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә  ҟәшеи русзуҩцәа еицынарыгӡаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан, Гәымсҭа ақыҭан, иарбоу ахаҿқәа Бзыԥтәи амҩаду ала амашьына иақәтәаны ишцоз иааныркылеит.  

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 10 рзы, Москва ақалақь аҿы Москватәи аԥсуа диаспора еиҿнакаауа,  Фазиль Искандер диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазку ахәылԥаз мҩаԥысраны иҟоуп.

«Ари ҳара зегьы бзиа иаабоз, ҳаҭыр ду зқәаҳҵоз Фазиль изку агәалашәарақәеи аинтерес зҵоу ажәабжьқәеи рыда аклассик ирҿиамҭақәа  «аҟазаара ҳаамҭазтәи асиужет» иахьатәи Аԥсны аҿы иҿыцу, еиҳа иқәыԥшу аԥхьаҩцәа рабиԥара ахаҭарнакцәа рыблала аарԥшра аҽазышәара ауп», – ҳәа иҳәеит «Москватәи Аԥсуа Диаспора» ахада Беслан Агрба.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апаламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала «2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы»  Азакәан ахь ариашарақәа аларгалеит.

 Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредитә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. 

«Ԥхынгәымза, 2023 шықәса рзы Апарламент адепутатцәа «2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Азакәан рыдыркылеит. Аҟәа араион абиуџьет ахь азакәан аԥсахрақәа аларгалаанӡа 98,4 миллион мааҭ аԥаразшәара азԥхьагәаҭан.

Иҳаҩсыз афинанстә шықәса аихшьаалақәа рыла, араион аҿы апрофицит шьақәгылеит.  Афинансқәа Рминистрра адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса рзы Аҟәа араион абиуџьет ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа рҿы иаанханы иҟан 37 миллион мааҭ иеиҳаны», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Ҳалуашь.   

Атәыла афинанстә ресурсқәа еиҟараны реихшареи арепсубликатә биуџьет ахархәагақәа еффективла рхархәареи рзы, Апарламент аҿы Аҟәа араион абиуџьет ахь ареспубликатә ԥаразшәара 37 миллион мааҭ рыла аркьаҿреи иарбоу аԥаратә хархәагақәа  ари араион аҿы аргылара-еиҭашьақәыргылаатә усурақәа рымҩаԥгара  азы шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа ахь адәықәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.