АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

Аҟәа араион абиуџьет ахь ареспубликатә ԥаразшәара 37 миллион мааҭ рыла иркьаҿуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апаламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала «2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы»  Азакәан ахь ариашарақәа аларгалеит.

 Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредитә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. 

«Ԥхынгәымза, 2023 шықәса рзы Апарламент адепутатцәа «2024 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы» Азакәан рыдыркылеит. Аҟәа араион абиуџьет ахь азакәан аԥсахрақәа аларгалаанӡа 98,4 миллион мааҭ аԥаразшәара азԥхьагәаҭан.

Иҳаҩсыз афинанстә шықәса аихшьаалақәа рыла, араион аҿы апрофицит шьақәгылеит.  Афинансқәа Рминистрра адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса рзы Аҟәа араион абиуџьет ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа рҿы иаанханы иҟан 37 миллион мааҭ иеиҳаны», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Ҳалуашь.   

Атәыла афинанстә ресурсқәа еиҟараны реихшареи арепсубликатә биуџьет ахархәагақәа еффективла рхархәареи рзы, Апарламент аҿы Аҟәа араион абиуџьет ахь ареспубликатә ԥаразшәара 37 миллион мааҭ рыла аркьаҿреи иарбоу аԥаратә хархәагақәа  ари араион аҿы аргылара-еиҭашьақәыргылаатә усурақәа рымҩаԥгара  азы шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа ахь адәықәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

«Ҳара ҳгәаанагарала, Шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа  ахархәагақәа реизырҳара шьаҭанкыла аргылареи ареконструкциеи зҭаху аобиектқәа еиҳа ирацәаны аус рыдулара алнаршоит. Иазгәаҭатәуп Аҟәа араион Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан еиҳа ааха зауз араионны ишыҟоу, уи аҳәынҭқарра аганахьала ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахны иҟоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Ҳалуашь.  

Азакәан апроект иара убас абиуџьет адефицит 100 миллион мааҭ ацҵареи, анаҩс иарбоу ахархәагақәа ареспубликатә биуџьет «аргылара» аҟәша ахь анашьҭреи азԥьагәанаҭоит. 

 

 


Read 57 times - Ахәаша, 05 Мшаҧы 2024 14:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.