АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

Мшаԥымза 10, Москва ақалақь аҿы Фазиль Искандер диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазку ахәылԥаз мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 10 рзы, Москва ақалақь аҿы Москватәи аԥсуа диаспора еиҿнакаауа,  Фазиль Искандер диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазку ахәылԥаз мҩаԥысраны иҟоуп.

«Ари ҳара зегьы бзиа иаабоз, ҳаҭыр ду зқәаҳҵоз Фазиль изку агәалашәарақәеи аинтерес зҵоу ажәабжьқәеи рыда аклассик ирҿиамҭақәа  «аҟазаара ҳаамҭазтәи асиужет» иахьатәи Аԥсны аҿы иҿыцу, еиҳа иқәыԥшу аԥхьаҩцәа рабиԥара ахаҭарнакцәа рыблала аарԥшра аҽазышәара ауп», – ҳәа иҳәеит «Москватәи Аԥсуа Диаспора» ахада Беслан Агрба.

Ахәылԥаз апрограмма аҿы иҟоуп  – еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа, актиорцәа, апоетцәеи алитераторцәеи рықәыгыларақәа.

Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиорцәа Фазиль Искандер ипоезиатә рҿиамҭақәеи иҩымҭақәа рыла иқәыргылоу аспектакльқәа рцыԥҵәахақәеи рыла еизаз асасцәа ргәалаҟазаара шьҭырхуеит.

Ахәылԥаз алагара аамҭа: асааҭ 19:00 рзы.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Москва ақалақь, Пречистенка амҩа, 12/2,  ахыбра. 6 аҿы иҟоу А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы. 

 


Read 78 times - Ахәаша, 05 Мшаҧы 2024 14:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.