Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵарауаа ҿарацәа злахәыз аиԥылара мҩаԥигеит. Аҵарауаа ҿарацәа реидгыла актәи аилатәара иалахәыз аԥсшәа раҳәо, аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭҵаарадырра амаҵ ахьазыруазы, амчхара аусбарҭақәеи аҵарауаа ҿарацәеи русеицура қәҿиарала имҩаԥыслоит ҳәа агәра шиго иҳәеит.
«Ҳара ҳтәыла ари, ма ани азҵаара инамаданы алкаа ҟазҵо аспециалистцәа аҭахуп. Абас еиԥш иҟоу ауаа шаҟа ирацәахо аҟара, ҳтәыла анапхгарагьы ирыдыркыло азыӡбақәа иашахоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҭҵаарадырра азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иабжьгаҩ Милана Бжьаниа лықәгылараҿы иазгәалҭеит иахьа аԥсуа уаажәларра аҭҵаарадырратә еилазаара аҩныҵҟа адырра ҵаулақәа змоу иҿыцу аҭҵаарадырратә еидгыларақәа рышьақәыргыларазы азыҳәара шыҟоу.
Аҿар аҭҵаарадырра ргәы азҭаҵаразы, урҭ аҳәаанырцәҟа рцара аанкыларазы, уи лгәаанагарала, иаҭахуп аҭҵаарадырра адгылара аҭара, аинвестициа алагалара.
Аслан Бжьаниа аилатәара иалахәыз акрызҵазкуа апроблемақәа ҩба ирызхьаирԥшит: Аԥсны аҭоурых еицакра амамкәа аиқәырхареи ҳтәыла аекологиа аиҷаҳареи.
Аилатәараҟны иара убас иқәгылоз ирҳәеит аҵарауаҩ қәыԥш ироль атәы; Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аҭҵаарадырра-техникатәи аинновациатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра атәы; аҵарауаа ҿарацәа раԥшьгарақәа адгылара рыҭара атәы; аҵарауаа ҿарацәа адгылара рыҭаразы ахада иҟны агрантқәа рфонд аԥҵара атәы; аҳәынҭқарразы аҭоурых гәалашәара аиқәырхара иамоу аҵакы атәы; абжьаҟазаратә ӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа наҟа-ааҟ разхаҵара атәы; амилаҭтә аԥсуаҭҵааратә ҭҵаарадырра иахьеи уаҵәи; 1921-1931 шш. Аԥсны иҟаз аполитикатә процессқәа рыҭҵаара иамоу актуалреи уи аҵаки ртәы.
Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аҵарауаа ргәаанагара шьаҭас измоу аинформациа ауаажәларра рҟынӡа анагара иамоу аҵакы атәы.
«Аҳәынҭқарреи аҵарауаа ҿарацәеи русеицураҟны даҽа хырхарҭакны иҟалароуп иара убас аиҩызара ҳзызуа атәылақәа, ҷыдала, Урыстәыла аус ацура. Аҳәынҭқарра аргылараан ҳара ҳажәлар ргәазыҳәареи астратегиатә ҩызара ҳзызуа – Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьеиԥш иҟоу ацхыраара ҳазҭо шьаҟаҵас иҟалароуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа игәаанагарала аҵарауаа русураҟны аҵак ду змоу хырхарҭаны иҟалароуп аԥсуа бызшәа, акультура, амилаҭтә хаҿра аиқәырхара. «Арҭ азҵаарақәа рыҟны шәара шәганахьала адгылара сауеит ҳәа сазыԥшуп», - иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҿарацәагьы иҟоу апроблемақәа ирылацәажәеит, ари, ма ани азҵаара, мамзаргьы аҳәынҭқарратә ҵакы змоу ауснагӡатәқәа рыӡбаразы ргәаанагарақәа рҳәеит.
Ҷыдала, ажәалагала ҟарҵеит аҿар рыҩныҵҟа аҭҵаарадырра апропаганда азуразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә информациатә хархәагақәа рыҟны аҵарауаа ҿарацәа реихьӡарақәа раарԥшразы, урҭ рзы Аҳәынҭқарра Ахада ипремиа аԥҵаразы, есышықәсатәи аҭҵаарадырра афестивадь амҩаԥгаразы.
Аԥсуа радио адиректор Адгәыр Гәынба иҳәеит аҿар реихьӡарақәа рылацәажәаразы аефиртә аамҭа рыҭара дшазхиоу.
Аиԥылара хыркәшо, Аҳәынҭқарра Ахада уи иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит реиҿцәажәаразы, иҳәеит ажәалагалақәа зегьы нҭырҳәыцааны ишыҭҵаахо, урҭ реиҳарак шрыдыркыло.