АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Мшаҧы.2024

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы аусдкылареи аинвестициақәеи рыпроблемақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. «Аусдкылареи аинвестициақәеи Аԥсны аекономикатә ҿиара афактор аҳасабала» атема ала астол гьежь мҩаԥысит аԥшьаша, мшаԥымза  4 рзы Аԥсны Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы.

Адискуссиақәа ирылагаанӡа еизаз зегьы адискуссиақәа рылахәхара згәы иҭаз, аха иахьымӡаз, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аҟны иҟоу  аекономикеи азини Ринститут адиректор, аекономикатә наукақәа рдоктор Заур Шьалашьаа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы, афилософиатә наукақәа ркандидат Олег Дамениа иажәахә аҿы аполитикатә усура алҵшәа бзиа заанарԥшуам анаукатә дыррақәа рыда ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аҳәынҭқарра аҿиара аҿы ихадоу векторны иҟоуп раԥхьа инаргыланы ауаҩи уи иеизҳазыӷьареи, убри аҟнытә аиҳарак ахшыҩзышьҭра зҭатәу ихадоу ахырхарҭақәаны иҟоуп – ашәарҭадара, аекономика, акультура ҳәа иазгәеиҭеит.

Аиԥылара амодератор, Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр анаукатә усзуҩ Илона Мерцхәлаа Аԥсны аусдкылаҩцәа рыбжьара имҩаԥгаз азҵаара аихшьаалақәа ртәы еиҭалҳәеит. Уи арбагақәа рыла, абизнес ахыҵхырҭа хадақәаны иҟоуп ахатә ԥаратә еизакы аҭаҵәахқәеи аусура аҟынтәи ироуа ахашәалахәи.  Аусдкылара аҿиара еиҳа анегативтә нырра  азҭо ашьаҭакратә капитали ахатәы еикәыршаратә хархәагақәеи разымхара, абанктә кредитқәа раиура иацу ауадаҩрақәа, иахәҭоу азинтә еиҿкаара аҟамзаара, иара убас ашәахтәқәҵара иҳараку аҩаӡареи.

Аекономист, аусдкылаҩ  Лили Дбар лгәаанагарала, иҭышәынтәалоу ашәахтәқәҵара асистема ахьыҟоу аусура ахкқәа роуп ибзианы аҿиара зауа.   «Аусдкылаҩцәа шаҟа шәатәу, иахьшәатәу атәы ибзианы ирдыруазар ауп», – ҳәа агәраганы дыҟоуп лара.

Лили Дбар лажәа иацҵо, иахьатәи амш азы ашәахтә хкқәа рацәаны иҟоуп, аха убри аан акыр феида злоу аусхкуқәа рҿы, иаагозар акриптовалиута арҳара аганахьала, зынӡа ашәахтә ҳәа акгьы абиуџьет ахь иршәаӡом.  «Иабоу аусхкы анагӡаразы зынӡа ақәиҭымтәра алагалатәуп, мамзаргьы уи аганахьала ашәахтәқәҵара алагалатәуп», – ҳәа иазгәалҭеит лара.

Ауаажәларратә Палата алахәыла Ҭемыр Ԥлиа Аԥсны аус зуа абизнесменцәа  акадрқәа разымхара аганахьала апроблемақәа  маҷымкәа ирызцәырҵуеит, аиҳарак анџьныр-техникатә усзуҩцәа, урҭ рӷьырк Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иахҟьаны ареспублика ааныжьны ицеит ҳәа иазгәеиҭеит. Ҭемыр Ԥлиа игәаанагарала, аҳәынҭқарра абизнес адгылара аҭара азы аҽазышәарақәа ҟанаҵоит, иаагозар, аусдкылаҩцәақәак амаругақәа раагара аҿы  ацхырааа рыҭарала, аха ас еиԥш ацхырааа еилымхада зегьы ироулароуп.

Ауаажәларратә Палата алахәыла, аусдкылаҩ Давид Ԥлиа, Аԥсны иҟоу абизнес аиҳарак Урыстәыла иадҳәалоуп, аха зусураҿы Ҭырқәтәылантәи иаагоу атауарқәа зхы иазырхәо анаплакқәагьы ыҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Ари атәыла абанкттә сектор уажәы Мраҭашәара аҟынтәи акыр ақәыӷәӷәара аманы иҟоуп, убри аҟнытә аԥснытәи абизнесменцәа аӡәырҩы атауарқәа рыхәԥса ашәара аганахаьала ауадаҩрақәа рызцәырҵит, уи, жәаҳәарада, русура негативла ианыԥшуеит.  Давид Ԥлиа иажәа иацҵо, ас еиԥш иҟоу апроблемақәа  егьырҭ атәылақәа аус рыцураангьы ицәырҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит. «Даара  акыр аџьабаа убароуп  иахьа Молдавиантәи аҩыҟаҵаратә материал аагара азы», - ҳәа иазгәеиҭеит Давид Ԥлиа.   Иара убасҵәҟьа ареспублика аусдкылаҩцәа реиҳараҩык  афинанстә ҭаҵәахқәа рымаӡам, убри аҟнытә иарбоу аҭагылазаашьа алҵра азы иҟоу, хымз рыҩныҵҟа ашәахтәқәа ршәара аҽҳарахырԥара алагалара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Аҟәатәи иаарту Аинститут аректор, аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Валери Кәарҷиа  иахьатәи амш азы акыр иуадаҩу аҭагылазаашьа змоу ақыҭанхамҩа адгылара аҭара ихадоу ахырхарҭақәа ируакзароуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп.  

Ақыҭанхамҩа аҿиара иазку ауснагӡатәқәа раҳасабала Валери Кәарҷиа аинвестициақәа ралагалара, аалыҵ аҭиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи иалагалоу аԥаратә хархәагақәа еффективра рхархәара иахәҭоу ахылаԥшра аҭара алыршареи азгәеиҭеит.  Уи иара убас хыхь иарбаз ауснагӡатәқәа зегьы хымԥада ақыҭа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгазароуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы, аекономикатә наукақәа ркандидат Хаҭуна Шаҭиԥа Аԥсны аекономика аинвестициа алагалара иадҳәалоу апроблемақәа дрылацәажәеит.  Урҭ иреиуоуп –  аекономика аҿы иҟоу асистематә кризис, зыҩаӡара лаҟу анапхгараҭара  ахаҭабзиара, аинфраструктуратә ԥкрақәа, икәадоу азинтә шьаҭа, аекономика ареалтә сектор ахь имаҷны аинвестициақәа ралагалара. Уи лгәаанагарала, аԥаратә хархәагақәа радыԥхьалара мацара азхом, избан акәзар, аинвестициақәеи аинвестр дуқәа рзы ицәырҵуа азинҷыдақәеи рхыҵхырҭақәа ирыдҳәалоу  ашәарҭарақәа маҷымкәа  иҟоуп.  

Аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә тенологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Бадрик Ԥлиа, анагӡаратә мчра ала инагӡаны аус зыдулам азҵаарақәа аанханы иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иаагозар, ицәырҵуеит иҿыцу аинструкциа, убри аан ажәытә аԥыхӡамкәа иаанхоит.

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут анаукатә усзуҩ, аекономикатә науақәа ркандидат, Аҟәатәи Иаату Аинститут апрофессор Фрида Лазба азакәанԥҵаратә усура аҿы азинтә культура аҩаӡара ашьҭыхра иаҵоу аҵакы ахадара дазааҭгылеит. Уи лгәаанагарала, аҵыхәтәаны аҳәынҭқарра иаиуо инагӡаны аилкааразы азакәанқәа рыдкылара еиҳа инарҵауланы ашьаҭарка хымԥадатәны иҟоуп.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә теориа акафедра адоцент Анетта Гамсаниа ихшыҩрку апротекционизм хра аманы илыԥхьаӡоит.  «Ҳара ҳхатәы ҭыжьыҩцәа адгылара рыҭара ҳацәымхашьозароуп», - ҳәа илҳәеит лара. Убри аан уи лажәа иацҵо, қәҿиарала аҿиара зауа аекономикатә усура иахәҭоу аҳасабыркреи аҳасаббареи ахылаԥшреи аиураан ауп ианзалыршахо ҳәа иазгәалҭеит.  

 

 

 

 

 


Read 90 times - Ахәаша, 05 Мшаҧы 2024 10:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.