pressadmin-2
Цандрыԥшь аҳаблаҿы акцизатә дыргақәа змамыз асигареҭқәа рыԥшааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә дырра ала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан, ԥхынгәымза 20 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа Хадеи аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭеи русзуҩцәеи Цандрыԥшь аҳаблаҿы иҟоу, атәылауаҩ Кешьиан А.А ихатәы ҩны аҿы ирыԥшааит 1 164 блок инарзынаԥшуа абаџьқәҵарадатә дәқьан (Duty Free) адыргақәеи Аԥсны акцизтә еизга амаркақәеи рыда иҟаз асигареҭқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш азгәарҭоит .
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 23 рзы 32 шықәса ҵуеит Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә символика – Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби рышьақәырӷәӷәара ҟалеижьҭеи.
Асааҭ 19:40 рзы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟынтәи Сегреи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭанӡа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аоркестр ацны, 1200 шықәса реиҳа зхыҵуа Аԥсны аҭоурых аазырԥшуа аԥсуа бираҟқәа 16 кны ажәлар рымҩасра мҩаԥгахоит. Аныҟәара ашьҭахь ауаа зегьы еизоит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа, араҟа асааҭ 20:00 рзы Атеатралтә плошьад аҿы акәашареи ашәаҳәареи ҟалоит. Имҩаԥгахоит аҳәынҭқарратә рҿиаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи алархәны аныҳәатә концерт.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәдырӷәӷәеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан ԥхынгәы 23, 1992 шықәса рзы асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа иескизқәа рыла.
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ зкәакьҭа иашоу аш иалхуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аш аурала ашьацԥшшәылеи ашкәакәеи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп.
Хыхьла илбаауа актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа шьацԥшшәылоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аԥсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Ашьац ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа.
Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ ахәы иазааигәаны иануп абираҟ аурала зоура 0, 38, зыҭбаара х-цәаҳәак ираҟароу иҟаԥшьыхәхәароу акәакьҭа иаша. Аԥшьыркца агәҭаны иарбоуп хыхьынтә ҵаҟала иаарту арӷьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.
Аҟәа ақалақь аҿы иаатит аскульптор Марина Ешба илызку афотоцәыргақәҵа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Абанк афоие аҿы еицырдыруа аԥсуа скульптор, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩы Марина Ешба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәаҵа аатит.
Ахәаԥшцәа ирыдгалаз акомпозициа иалалеит уи лусумҭақәа 16 фотосахьа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ианлаамҭаз инхоз ауаа рпортретқәагьы.
«Цәыргақәҵак иҭагӡаны ХХ ашәышықәазы инхоз иналукааша Аԥснытәи аҳәса рхыԥхьаӡараҿы иҟоу Марина Ешԥҳа лнысымҩа, аҟазараҿы ллагала, лхаҭара атәы аарԥшра даара ицәгьоуп, убри аҟара аҵак ду лымоуп.
"Раԥхьатәи аԥсуа дипломат иԥҳа, раԥхьатәи аскульптор, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩы, абри зегьы Марина Ешԥҳа лоуп. Лара лҟазара атәы ишаҭаху еиԥш иҭҵааӡам. Асоветтә скульптура иаман ахатәы традициа дуқәа. Лара раԥхьатәи лырҵаҩы Белошова иреиӷьӡаз лакәын. Ацәыргақәҵаҿы иҟоуп асериа аус здылулоз асоветтә медалқәа ааба. Иара убас урҭ аусурақәа азгәаҭан иреиӷьу асахьаркыратә знеишьа аазырԥшыз ҳәа. Марина Ешԥҳа Москва раԥхьаӡа акәны иаалыртит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа. Иахьагьы иҟоуп лара лусумҭақәа Урыстәыла амузеиқәа рҿы, урҭ ирықәҭыхзар, Аԥснытәи агалереиазы артефакт иаҩызахон», - ҳәа лҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ԥшьҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акра азы шықәсыбжак ҳәа амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымырхит.
Аҟәа. Ԥхынгәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, ԥхынгәымза 18 – 19 рзы имҩаԥысуан азин еилазго раарԥшра иазырхаз ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Имҩаԥгаз аусҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны амҩатә ԥҟарақәа реилагара иазкны еиқәыршәахеит ҩынҩажәа инарзынаԥшуа аԥкаанҵақәа.
Амилициа аусзуҩцәа 20 цыра амаининг аппаратқәа рыԥшааит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа 20 цыра амаининг аппаратқәа рыԥшааит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы.
Акәасқьа ақыҭан, Бекир-оглы Русҭам Џьемал-иԥа ихатәыҩны ахьгылоу аҵакыра аҿы, ацхыраагӡатә хыбра аҩныҵҟа Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи 17-цыра аппарат рыла ишьақәгылаз амаининг-ферма рыԥшааит. Аиқәыршәагақәа аҿыхны Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.
Џьансыхә Адлеиба дырбандаҩуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Џьансыхә Адлеиба 30 мшы ҳәа дырбаандаҩуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аофициалтә саит аҿы.
Ԥхынгәымза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (абџьар, мамзаргьы абџьар аҳасабала рхы иадырхәо амаҭәарқәа рыла ауаажәлара раҳаҭыр амбара аазырԥшуа ахулиганра, ауаажәларратә зинеиҿкаара ӷәӷәала аилагара) азы Адлеиба Џьансыхә Иван-иԥа ирбаандаҩра азы аӡбамҭа адкылара азы аҳәара ҟанаҵеит.
Аҟәа ақалақь Апрокуратура: зықәра наӡам изакәанымкәан иаанкылараан ақәымчраз факткгьы шьақәыргылаӡам.
Аԥсны атәылауаа арҩышьыгатә маҭәашьар «прегабалини» анаркотикатә хархәага «метадони» рыдырбалеит аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы уи аоперативтә усзуҩцәеи Гагра аихамҩатә вокзал амилициа аусзуҩцәеи автомашьына «ВАЗ 2114» ааныркылеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Мумџьиан В.А., уи амашьына дицҭатәан –Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ Каленџьиан Г.В. Автомашьына Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа ихан. Хаҭала агәаҭараан Мумџьиан В.А. идырбалеит ҵәаҟьак ахәшә «Лирика 300 мг» зҭаз, Каленџьиан – аполитиетилентә еилаҳәара иагәылаз аххыраԥшра змоу ишкәакәоу амаҭәашьар, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.
Бадра Гәынба: ҳара атәыла аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра иазырхоу апроектқәа ҳҭахуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект Апарламент аҿы ирыдкыланы иҟалар, усҟан уи Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рыбжьара иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа аиԥшымзаара аҭышәынтәалара иацхраауеит ҳәа агәаанагара имоуп. Иара хаҭала зыдгалара мҩаԥысуа апроект изеиԥшразаалак амилаҭтә шәарҭара аҵаны ибом.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект алацәажәара иазкны имҩаԥысыз аилацәажәара аҿы дықәгыло, Бадра Гәынба иҳәеит:
«Сара иарбоу азакәан апроект аганахьала сгәаанагара атәы сҳәар сҭахуп. Сара уи жәаҳәарада садгылоит. Уи аус адулара мҩаԥган, ихадоу уи ахәҭаны иҟоуп ицәырҵыр залшо ҳәа иԥхьаӡоу ашәарҭарақәа зегьы ҳасаб азуны еиқәыршәоу иарбоу азакәан апроект.
Резо Занҭариа Аԥсны Аҳәынҭқарра Мрагыларатәи ахәҭа асоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы азакәан апроект азы: «Ари ажәалагала — аекономикатә ҿиара азы иреиӷьу авариантқәа иреиуоуп».
Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа – «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект авторцәа дреиуоуп.
Аԥхьаҩцәа ирыдаагалоит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы иарбоу апроект алацәажәара иазкны имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы уи иқәгылара.
Резо Занҭариа: Ҳара иахьа ҳазлацәажәо азҵаара адунеитә економика аҿы зынӡа иҿыцӡам. Ҳара зегьы иаадыруеит иара шаҟа хра злоу алҵшәақәа аанарԥшыр ауа атәы. Апарт-отельқәа — ари атуристтә усхкы аҿы акыр зҵазкуа инструментны иҟоуп, уи иааизакны аҳәынҭқарра еиԥш, уи иахьыҟоу арегион азгьы ахашәалахәы аанагоит. Иарбоу азакәан апроект хра злоу аганқәа ртәы аӡәгьы даҽазнык изеиҭаҳәара аҭахӡам, уи аполитикатә ҟазшьа аҵаҵара хықәкыс иҟамзар. Аполитизациа араҟа зынӡа иаҭахны иҟаӡам.
Иарбоу апроект хра злоу аганқәа аазырԥшуа аргументқәа рацәаны иҟоуп. Иаажәгозар тәылак апарт-отельқәа мап рцәызкыз? Иаагозар, Кипр ахатәы биуџьет 30-40% рыла аизырҳара алнаршеит абас еиԥш иҟоу аинвестициақәа раҳасабала. Атуристтә усхкы аҟны ихадоу хә-инструментк мацара ыҟоуп. Зегьы реиҳа ахашәалахәу зцу — уи еища абиуџьет алагалақәа алазгало, аиҳарак иуникалу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа змоу арегионқәа рҿы иҟоу асанаториақәа роуп. Уи аҩыза аҭагылазаашьақәа ахьыҟам аԥсшьарҭа ҩнқәеи атуристтә базақәеи дыргылоит. Аҟәеи Гагреи ақалақьқәагьы ас еиԥш иҟоу апроект анагӡара иазинтересуп.








