АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга аекипаж аҟынтәи руаӡәы Шәача ақалақь аҿы аоперациа изыруит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 2 рзы Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара назыгӡаз Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга Ми-24 аекипаж аҟынтәи руаӡәы амедицинатә цхыраара азы Шәача ақалақь ахь  амедусбарҭа ахь дыргар акәхеит. Уаҟа уи ахирургиатә ԥҟара изыруит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҩбатәи апациент Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра дахысуеит, уи игәабзиара аҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

 

Даҽаӡәы атәылахьчара Аминистрра арратә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра дахысуеит, уи игәабзиара аҭагылазаашьа  хар амаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп.

Мшаԥымза 2 рзы  Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга МИ-24 Гәылрыԥшь араион Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара нанагӡеит. Уи ашьҭахь аԥырратә машьына амца акит. Амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак инеит атәылахьчара Аминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа. Аекипаж алахәылацәа рыхҩык  – Гьаргь Ԥачлиа, Витали Корнеев, Едуард Мкртчан рыԥсқәа ҭоуп. Урҭ Агәыӡера аҳаблан иҟоу арратә хәышәтәырҭа ахь инаргеит.


Read 196 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 18:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.