АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Мшаҧы.2024

Аԥсны аҳәынҭқарра аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аусзуҩцәа аҽазыҟаҵаратә семинар «Ацифратә технологиақәа рыларҵәара аамҭа азы ауаҩы изинқәа рыхьчара алыршара» рхы аладырхәраны иҟоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аусзуҩцәа О.Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Азиндырратә Университет аҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Анаука-ҭҵааратә Центр  имҩаԥнаго аҽазыҟаҵаратә семинар рхы аладырхәраны иҟоуп. Хәажәкырамза 17 рзы авидео-конференц еимадара аформат ала имҩаԥысло  асеминар атема  «Ацифратә технологиақәа рыларҵәара аамҭа азы ауаҩы изинқәа рыхьчара алыршара».   

«Аԥснытәи азинхьчаратә институт иарбоу аусмҩаԥгатә алахәхара Аԥсни Урыстәылеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппаратқәа ирыбжьоу аусеицура иабзоурахеит. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа лыхьӡала Урыстәылатәи Афедерациа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Татиана Москалькова лҟынтәи ааԥхьара ашәҟәы ааит.  

Анас Кьышьмариа урыстәылатәи лколлега иҟалҵаз ааԥхьара азы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.  

«Ҳара гәахәара дула иҳадаҳкылоит Шәара шәҟынтәи  иҳауз алшара. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аусузуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра 2023 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аҩганктәи аиқәшаҳаҭра иарбоуп. Жәаҳәарада, ҳаппаратқәа рыҩаӡара аҿы аԥышәаеимдара, аусуратәи аиҩызаратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраалароуп», - ҳәа иазгәалҭеит Анас Кьышьмариа. 

 

 


Read 115 times - Аԥшьаша, 04 Мшаҧы 2024 16:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.