АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Мшаҧы.2024

30 шықәса раԥхьа «Аԥсуа-қырҭуатә конфликт аполитикатә ҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы Аҳәамҭа» анапаҵыҩра мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  30 шықәса раԥхьа, мшаԥымза 4 рзы Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адкыларақәа Рыҩны аҿы  «Аԥсуа-қырҭуатә конфликт аполитикатә  ҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы Аҳәамҭа» анапаҵыҩра мҩаԥысит. Аусшәҟәы аҵаҟа рнапынҵақәа ықәдыргылеит: аԥсуа ган аҟынтәи Сократ Џьынџьал, ақырҭуа ган аҟынтәи – Алеқсандр  Кавсаӡе, аусмҩаԥгатә иалахәын Борис Пастухов – Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала, Едвард Бруннер – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара,  В. Манно – Европатәи Атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилак аҟынтәи.

Иара убасҟан, 30 шықәса раԥхьа, Аганқәа иара убас еиқәшаҳаҭны рнапы аҵарҩит «Ахҵәацәеи  зҭыԥ иахгоу ахаҿқәеи хатәгәаԥхарала рыртьежьра азы Ԥшьганктәи аиқәшаҳаҭра».  

Аганқәа аҭынчра ашьақәыргылара азы иаарласны аоперациа алагареи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа реилазаара аҿы урыстәылатәи арратә контингент алахәхареи рзы аҳәара шыҟарҵо шьақәдырӷәӷәеит.  

Аганқәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿакаара Ашәарҭадара Ахеилак  ахь Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амиссиа Қырҭтәыла анаԥшра азы амандат арҭбаара азы ааԥхьара ҟарҵеит.

«Аԥсны иара ахатәы конституциеи азакәанԥҵареи, иашьашәалоу аҳәынҭқарратә атребутикеи: агимн, агерб, абираҟ амоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Ааԥхьара аҿы.

Аганқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла: адәныҟатәи аполитикеи адәныҟаекономикатә еимадарақәеи; аҳәаахьчаратә маҵзура; аҳазалхратә маҵзура; аенергетика; атранспорт; аимадара; аекологиа; аԥсабаратә цәырҵра бааԥсқәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгара; ауаҩи атәылауаҩи рзинқәе рхақәиҭреи рыхьчара; амилаҭмаҷра рзинқәа рыхьчара, уҳәа рганахьала аусеицура азы азинмчқәа инамаданы азеиԥш еилибакаара роуит.

Аганқәа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара  азы анаҩсгьы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ишақәшаҳаҭу азгәарҭеит.  ***  ***

««Аԥсуа-қырҭуатә конфликт аполитикатә ҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы Аҳәамҭа» аҿы  ишьақәырӷәӷәан Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа рыҟамзаара», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр (1997 – 2010 шш.), Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.  

Иара лаҵарамза 3, 1994 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ Хада иҟаиҵаз ажәахәи «Аԥсуа-қырҭуатә конфликт шьаҭанкыла аҭышәынтәалара азы аполитикатәии азинтәии аелементқәа рганахьала Ажәалагалақәа» ҳәа хыс измаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ажәахә ацҵагьы рҿы иарбоу Аҳәамҭа абас еиԥш азинтә лкаа шаҭаз ҩаԥхьа игәалаиршәеит.  

«Аԥсуа-қырҭуатә конфликт шьаҭанкыла аҭышәынтәалара азы аполитикатәии азинтәии аелементқәа рганахьала Ажәалагалақәа» ҳәа хыс измаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ажәахә аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭан абас: «Аԥсны аимак аиҿак зцу аззҵаарақәа рыӡбара аналыршахалак ашьҭахь имҩаԥгахо аиҿцәажәарақәа  ирылҵшәаны иаԥҵахо, асуверентә зинқәа змоу аидгылатә ҳәынҭқарра иалоу асубиектны иҟалоит. Аидгылатә ҳәынҭқарра ахьӡ анаҩстәи аиҿцәажәарақәа раан аганқәа рыла ишьақәыргылахоит. Аганқәа ԥхынҷкәынмза 21, 1991 шықәса рзы иҟаз ԥыхьатәи  Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоу аҳәынҭқарра атерриториалтә акзаара азхарҵоит»…  Убас ала, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аԥсни Қырҭтәылеи ирыднагалон иҿыцу аидгылатә ҳәынҭқарра аԥҵара, анаҩс уи ахьӡгьы еиқәшаҳаҭны ахҵара»,  – ҳәа еиҭеиҳәеит Сергеи Шамба.

Аполитолог, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иабжьгаҩ Асҭамыр Ҭаниа иажәақәа рыла, «Аԥсуа-қырҭуатә конфликт аполитикатә ҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы Аҳәамҭа» еиҳа лассы-лассы изызхьаԥшуаз усшәҟәны иҟан. Уи аҵак ду арҭон, избан акәзар, ари аусшәҟәы аҿы Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа раԥыхра афакт, иара убас аусеицура амҩаԥгара ахьалшо аусхкқәа арбан.

«Иарбоу Аҳәамҭа адкылара ашьҭахь иҭыҵит лаҵарамза 3, 1994 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ Хада иҷыдоу ихаҭарнак, швеицартәи адипломат Едвард Бруннер иҟаиҵаз ажәахәи «Аԥсуа-қырҭуатә конфликт шьаҭанкыла аҭышәынтәалара азы аполитикатәии азинтәии аелементқәа рганахьала Ажәалагалақәа» ҳәа хыс измаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ажәахә ацҵагьы. Уа иара убас  иарбан мшаԥымза 4  рзы иҟаҵаз Аҳәамҭа аҿы ишаҳәо ала, аганқәа зыхьӡ шьақәыргылатәу Аидгыларатә ҳәынҭқарра аԥҵара азы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥыргало атәы.

Араҟа зыӡбахә ҳәаз аконфедерациа аҟазшьа змоу аҳәынҭқарра аԥҵара ауп.  Усҟантәи аамҭазы «Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азы Акт» рыдрымкылаӡацызт,  Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара азеиԥш ҳәынҭқарратә ҵакыра  аҳәаақәа ирҭагӡоу аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара алыршара азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан.  Аԥсуа ган азы уи иара аинтересқәа ирықәшәоз усшәҟәны иҟан. Жьҭаарамза 12, 1999 шықәса рзы  «Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азы Акт» адкылара ҟалаанӡа имҩаԥысуаз Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара азы аиҿцәажәаратә процесс зегьы иалагӡаны, аԥсуа ган есымша ари аусшәҟәы  иазхьаԥшуан, уимоу, аиҿцәажәаратә процесс иалахәыз  зегьы уи иақәныҟәаларц азы ааԥхьара ҟанаҵон. Абри ала ауп иарбоу аусшәҟәы ахадареи актуалреи злаарԥшыз», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Асҭамыр Ҭаниа.

 

 

 

 

 


Read 117 times - Аԥшьаша, 04 Мшаҧы 2024 19:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.