АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Мшаҧы.2024

Иаҭыр Ажьиба афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иаҭыр Ажьиба Аԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. 

Уи азы мшаԥымза 2, 2024 шықәса рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Ажьиба Иаҭыр Рауф-иԥа диит жьҭаарамза 8, 1990 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан.  

2008 шықәсазы далгеит  Б. Г. Ҭарба ихьӡ зху Бамборатәи абжьаратәи ашкол.

2008 шықәсазы  дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет.  Уи  далгеит 2013 шықәса рзы.

2013 – 2017 шш. – Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университет аспирант.  

2018 шықәсазы иоуит аҩбатәи иреиҳау аҵарадырра, далгеит  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет латәарадатәи аҟәша.  

2019 шықәсазы Амилаҭтә ҭҵааратә Университет  аҟны иҟоу «Иреиҳау аекономика ашкол» аҿы «Аҳәынҭқарратә ҭаххрақәа рзы аахәатәқәа рганахьала атәылауаҩратә зини аконтактә системеи рзы актуалра злоу азҵаарақәа» ҳәа апрограмма ала аквалификациа ашьҭыхра азы акурсқәа  дырхысит.

2014 – 2015 шш. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аҟны арратә маҵзура дахысуан.  

Ԥхынгәымза, 2013 шықәса рзы Аԥсны афинансқәа Рминистрра  Азиндырратә усбарҭа аспециалист хада имаҵураҭыԥ иоуит.  

Ԥхынҷкәынмза, 2015 шықәса рзы – афинансқәа Рминистрра афинанстә усура аиҿкаареи алицензиа аҟаҵареи Русбарҭа аиҳабы.

Рашәарамза, 2017 ш. –  афинансқәа Рминистрра Азиндырратә усбарҭа аиҳабы.

Мшаԥымза 2, 2024 ш. – афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшаара драбуп.

 


Read 127 times - Аԥшьаша, 04 Мшаҧы 2024 20:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.