АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

Аҳәынҭқарратә Миграциатә Маҵзура аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иҟоу аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара мҩаԥнагалоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа  аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рҿы азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Аҳәынҭқарратә Миграциатә Маҵзура аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә отриад ала ирыҭахо амиграциатә хсаалагақәа ралагалара ҟалаанӡа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы амҩаԥгара азы азин аҭара аганахьала адгалара ҟаҵоуп. 

«Уи Ареспублика Аԥсны ахь иаауа, иара убас уи иалҵны ицо аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы адыррақәа реизак ашьақәыргылара, иара убас илегалымкәа инагӡо амиграциа иадҳәалоу афактқәа рырмаҷреи алнаршоит», – ҳәа иазгәаҭоуп  азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы. 


Read 163 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.