АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

Аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы Аԥсны иаагахо аҩыҟаҵаратә материалқәа рзы акцизқәа рҟынтәи ақәиҭтәра азԥхьагәазҭо азакәан ахь аиҭакра рыдыркылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы  «Акцизқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.   

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аиба.

«Акцизқәа рзы» азакәан Аԥсныҟа иаагахо аҩыҟаҵаратә материалқәа акцизқәа рыхшәаара аҟынтәи ақәиҭтәра азԥхьагәазҭо аиҭакра алагалара азы адгалара ҟаҵоуп.

Иарбоу аиҭакра аҩыҟаҵара аусхкы назыгӡо аҭыԥантәи анаплакқәа реикәыршаратә ԥаратә хархәагақәа даҽаџьара ахьарԥшра армаҷра алнаршоит.  

Азакәан апроект адкылара ахымԥадатәра  анаҩс експортла идәықәҵахо аалыҵ аҭыжьразы аӡа аҳасабала ахархәара зауа аҩыҟаҵаратә материалқәа Аԥсныҟа раагараан ишьақәыргылоу ашәахтәқәҵара иадҳәалоуп.

 Убас ала, аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа рконкуреттә лшара адгылара аҭара азы абарҭ атауарқәа рзы акцизқәа ршәара азы иҟоу аԥҟара аиҭакрақәа ралагалара азы адгалара ҟаҵоуп:

- ажьырӡы;

- аҩыҟаҵаратә материал.

Азакәан апроект иарбоу атауарқәа рзы абарҭ ақәҵақәа рышьақәыргылара азԥхьргәанаҭоит:

- акциаза ахшәаара иаҵанакуа  ирҭииз атауарқәа рыхәԥса аҟынтәи 6%;

- иалагалахо атауарқәа рҳазалхратә хәыԥса аҟынтәи 0%.

Азакәан апроект аҭыԥантәи анаплакқәа рақәхарџьқәа рырмаҷра адагьы, Аԥсны иҭыжьу атауарқәа  експортла  рыҭира аҟынтәи абиуџьет ахь алагалақәеи ашәахтә шәатәқәеи рыҟаҵара алнаршоит.  


Read 182 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 17:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.