АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

I, II , III агәыԥ иаҵанакуа аибашьра аинвалидцәа аҳәынҭқарратә аԥтекақәа рҿы амедицинатә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи хәыда-ԥсада иргар рылшалоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәлатәи еибашьреи Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуаз аибашьратә еиҿагыларақәеи рветеранцәа рзы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.   

Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ареспубликатәии аусбарҭақәа рҿы агәабзиарахьчаратә еиҿкаарақәа рыла ирыҭоу арецептқәа рыҟазараан, I, II агәыԥқәа ирыҵанакуа аинвалидцәа Аԥсны аус зуа аҳәынҭқарратә аԥтекақәеи ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәеи рҿы хәыда-ԥсада ахәшәқәа ргара, III агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа –  ахәԥса 50-процент рҟынӡа иагырханы агара азин рымоуп.

Азакәан апроект І, ІІ, III агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ареспубликатәии аусбарҭақәа рҿы агәабзиарахьчаратә еиҿкаарақәа рыла ирыҭоу арецептқәа рыҟазараан, Аԥсны аус зуа аҳәынҭқарратә аԥтекақәеи ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәеи рҿы хәыда-ԥсада ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи ргара азы азин рыҭара азԥхьагәанаҭоит. 

І, ІІ, III агәыԥқәа ирыҵанакуа аинвалидцәа аҳәынҭқарратә аԥтекақәа рҿы хәыда-ԥсада иргарц зылшо ахәшәқәеи амедициинатә маҭәахәқәеи рсиа аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәахоит.  

Убас ала, азакәан апроект І, ІІ, III агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа  рзы ишьақәырӷәӷәоу асиа ала аҳәынҭқарратә аԥтекақәа рҿы ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи хәыда-ԥсада роура аҳасабала асоциалтә дгылара рыҭара азы иназыцҵоу ауснагӡатәқәа азԥхьагәанаҭоит.


Read 175 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 15:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.