pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа «Атәымтәылатә иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны рыпрограммақәа (рыпроектқәа) рынагӡара иазку уснагӡатәқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа аԥсахрақәа ралагаларазы  Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"1.Атәымтәылатә иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны рыпрограммақәа (рыпроектқәа) рынагӡара аԥҟаразы 2019 шықәса 04 лаҵарамза аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу  Аамҭалатәи аԥҟара иалагалазааит абарҭ аԥсахрақәа:

1) пункт 2.2. аҟны ахԥатәи абзац аҟны ажәақәа «инагӡахо аусмҩаԥгатәқәа реиқәыԥхьаӡа» рнаҩс ихарҭәазааит ажәақәа «, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу (аусмҩаԥгатәқәа ирышьашәалоу апрограмма (апроект) анагӡаразы иазԥхьагәаҭоу) икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыхьыӡқәа арбаны, )» рыла;

2) аҩбатәи абзац пункта 3.1. ажәақәа «анагӡара ааамҭақәа» харҭәаазааит ажәақәа «, инагӡахо аусмҩаԥгатә иарбанзаалак, уи иазоушьҭхо афинанс амҽхаки Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу иашьашәалоу икоммерциатәым аиҿкаара ахьӡи арбаны, (апрограмма (апроект) анагӡаразы иашьашәалоу икоммерциатәым аиҿкаара адԥхьалара азԥхьагәаҭазар);» рыла;

3) ихарҭәаазааит апункт 3.1.1 абри аҵакы змоу:

«Атәымтәылатә иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаара, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа радԥхьалара азԥхьагәазҭо иашьашәалоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанаго апрограмма (апроект) иацнаҵоит адокументқәа абри атәы зҳәо:

- икоммерциатәым аиҿкаара ашәҟәы аҭагалареи аҳазалхратә шәҟәҭагалараҿы ишықәыргылои рзы аинформациа;

- аганқәа еиқәшаҳаҭны аусмҩаԥгатә анагӡаразы ирыдыркылаз аԥҟара (знапаҵаҩра азԥхьагәаҭоу аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәагьы убрахь иналаҵаны); 

- аусмҩаԥгатә иашьашәалоу апрограмма (апроект) анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны афинанс азоушьҭра амҽхак»;

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал» Лакоба имҩеи Калмыков имҩеи реихысырҭеи Лакоба имҩеи Џьонуа имҩеи реихысырҭеи рҿы иажәхьоу аӡымҩангагақәа аҿыц ала рыԥсахра мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аспециалистцәа аӡцәцарақәа рыҟамлара азы иқәсхьаз, зхархәаратә ҽҳәара нҵәахьаз аҭыџьтә ӡымҩангагақәа апластик иалху ашәырақәа рыла ирыԥсахит. «Аӡымҩангагақәа ирыдҳәаланы ауадаҩрақәа ыҟан, лассы-лассы иԥжәон, уи азы адырра анҳаулак аҭыԥ ахь ҳаауан, еиҭашьақәҳаргылон. Убри аҟнытә аӡбара рыдыркылеит урҭ рыԥсахразы. Ажәытә шәыра акыр иқәсхьан, ибаахьан, ижьакцеит. Уажәы апластик иалху ашәыра шьҭаҳҵеит, уи аспециалистцәа ишырҳәо ала 120 шықәса анҵыра амоуп. Здиаметр 110 миллиметр рҟынӡа иҟоу ашәыра 100 метра рҟынӡа инагоуп, 63 мм. иҟоу - 70 метра», - ҳәа иҳәеит «Аӡыканал» анџьныр хада Мираб Анқәаб. Ашәырақәа рышьҭаҵара аламҭалазы аӡҩаршьҭақәа рыҟаҵара иазкны комплексла аусурақәа мҩаԥган. Иарбоу аҭыԥ аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы аҳҭнықалақь Ахадара афинанстә цхыраарала имҩаԥысуан.

«Аҩнеихагылақәа рыгәраҵақәа ақәоурақәа рышьҭахь аӡы рыҵалон. Ари азҵаара аӡбара комплексла азнеира рыӡбеит – аӡҩаршьҭратә црыӡмҩангага зегьы рхиоуп, аихацқәа ҟаҵаны ишьҭоуп. «Аӡыканал» аусурақәа рхыркәшара ашьҭахь русурақәа рынагӡара иалагоит Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аиқәыршәазаара», - ҳәа иҳәеит Мираб Анқәаб. 

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 19 рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәеи ақалақьтәи араионтәи аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа аҳәынҭинспекциа аҟәшақәа русзуҩцәеи, апрофилатикатәи ареидтәи усмҩаԥгатәқәа рынагӡараан иаадырԥшит  172 амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Убас иаагозар, Гагра араион аҿы 32 пкаанҵа еиқәыршәоуп, Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Мысра» аҿы - 11 пкаанҵа, Гәдоуҭа араион аҿы - 18 пкаанҵа, Аҟәа араион аҿы - 20 пкаанҵа, Аҟәа ақалақь аҿы - 35 пкаанҵа. Ахараԥсатә ргыларҭа ахь инаган ԥшь-машьынак.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара «Ленинград ахьчаразы» амедал занашьоу аветеранцәа, мамзаргьы «Амацәаз иҭакыз Ленинград иалахан иҟаз» адырга занашьоу  зныктәи ашәатәқәа рызшәара азы 3 млрд. мааҭ инареиҳаны иазоунажьуеит.   Уи азы ақәҵара инапы аҵаиҩит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. XXVII Жәларбжьаратәи аконференциеи ацәыргақәҵеи «LIBCOM-2023»: «Аинформациатә технологиақәа, акомпиутертә системақәеи абиблиотекақәа рзы акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа» мҩаԥысуеит абҵарамза 19 - 24 рзы Суздаль ақалақь аҿы. Абри азы адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аконференциа аԥсуа ган аҟынтәи рхы аладырхәуеит И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа, абиблиотека аусзуҩцәа Елеонора Агәмааи Светлана Гергиеи.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа:

– Урыстәыла Аҳәынҭқарратә иаарту анаука-техникатә библиотека;

– Аелектронтә библиотекақәеи иҿыцу аинформациатә  технологиақәеи реиқәыршәаҩцәеи рхархәаҩцәеи еидызкыло Жәларбжьаратәи ассоциациа;

– Амилаҭтә библиотекатә ассоциациа «Ҳаԥхьаҟатәи абиблиотекақәа».

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспубликатә хәышәтәырҭа акардиологиа аҟәша аҿы иаатит интенсиву атерапиа азы апалата, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Интенсиву апалата азы иаахәоуп афымцакардиографқәа ҩба, адефибриллиатор, уахыки ҽнаки рыла ашьақәыӷәӷәара аҩаӡара узырбо амонитор,  уахыки ҽнаки рыла  афымцакардиограмма арбагақәа зныло амониторқәа.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Тарас Шамба ихьӡ зху Аҟәатәи апарк аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рӷьырак хыркәшоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Абҵарамза 18  рзы аҳҭнықалақь аҟны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа реиҳарак ахьхыркәшоу Тарас Шамба ихьӡ зху апарк иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи ақалақь ахада Беслан Ешбеи. Урҭ «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥлиа инапхгарала имҩаԥгаз аусура рыдыркылеит.

Ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаԥгоу аусурақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит. Гектарк аиҳа зҵазкуа апарк аиҭаеиҿкааразы ахарџь иартәеит 18 млн. мааҭ инарзынаԥшуа. Апарк аҵакыра иамҽханакуеит – 14300 ԥшьыркца метра. (110 метра аҭбаареи 130 метра ауреи).

«Адгьыл аҵаҟа ажрақәа алдоуп ахыхь аӡқәа ҭамтәаларц азы. Ара ишьҭаҵоуп 5 нызқь ԥшьыркца метра ахаҳәцәы. Иҟаҵаны ишьақәыргылоуп  58 шьаҟа алашарабагақәа, иара убас еиҭашьақәыргылоуп 12 ҭыџь шьаҟа Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәазы», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба, апарк аԥхьаҟатәи аиҿкаааразы иазԥхьагәаҭоу аусқәа ртәы ацҵаны.

Апарк аҿы арымӡқәа шьақәыргылоуп. Афонтан еиҭашьақәыргылоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Москватәии Урыстәылазегьтәии Иԥшьаӡоу Апатриарх Кирилл Иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

"Иԥшьаӡоу Шәаҳаракыра! Аԥсны аиашахаҵаратә қьырсианцәа рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш.

Аԥсны Шәара зыхьӡ нагоу аиашахаҵаратә динхаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа рдоуҳатә ԥыза иаҳасабала шәеицырдыруеит, ҳаҭыргьы шәықәырҵоит. Шәара шәыԥсҭазаара Анцәа имаҵ аура, ауаа рыгәқәа рыҟны аиашахаҵаратә нцәахаҵара ашьақәырӷәӷәара иазышәкит. Шәара апатриарх иаҳасабала имҩаԥыжәго аԥшьамаҵзура аҳаҭырқәҵара ду иаԥсахеит. Иаса Қьырса иҳәамҭақәеи Евангельтәи ажәеи ауаа ирыларҵәо, урҭ ақьыиареи арыцҳаибашьареи абзиабареи ахачҳареи реиԥш иҟоу аҟазшьа шьахәқәа  ирыҵоу аҵакы деилшәыркаауеит. Шәаамсҭашәареи ақьырсиан ҵасқәа рышьақәырӷәӷәареи ирыбзоураны адунеи зегьы аҿы хьӡи-ԥшеи шәыманы шәҟалеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа таитәи абокс азы адунеи аԥхьахә агара азы аицлабраҟны аиааира згаз Инал Гадлиа дидикылеит.

Аԥснытәи аспортсмен зыкапан 48 кьыла иҟоу рыҩныҵҟа урыстәылатәи аизгатә гәыԥ далан.

Аицлабра мҩаԥысуан Ҭырқәтәыла Анталиа ақалақь аҟны.

Аслан Бжьаниа аспортсмен қәыԥш аиааира идиныҳәалеит, аспорт аҟны аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит.

«Аферы муара! Уеихьӡарақәа ҳреигәырӷьеит. Иара убас ашкол аҿгьы аҵара бзианы иуҵалароуп»,- ҳәа ахықәкы ацәхьамҵра, аҽазҵәылхра, ахы агәрагара шаҭаху дазхьарԥшны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ақәԥаҩ Аҳәынҭқарра Ахада аҵара бзианы ишиҵало азы ажәа ииҭеит, иара убас аԥхьаҟатәи аицлабрақәа рҟынгьы иҟазара аарԥшра дшазхиоу иҳәеит.

Абоксиор иазыҟаҵаҩ Ҭемраз Гьергьедаа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ареспубликаҟны аспорт аҿиара иаиҭо адгыларазы. «Ари аҩыза адгылара - таитәи абокс аҟны мацара акәӡам, егьырҭ ахкқәа рҟынгьы ишыҟоу убаратәы иҟоуп. Атәыла анапхгара аҿар реиҵааӡараҟны абас аҵак ду змоу ахырхарҭа ишазыҟоу аабоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит уи азы»,- ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Сариа Џьопуа атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура азы Адепартамент анапхгаҩыс дҟаҵоуп. Уи азы адҵа инапы аҵаиҩит атәыла адәныҟати аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Сариа Џьопуа 2015 шықәса рзы ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи Ауниверситет (ақ. Москва)  агуманитартәи асоциалтәи анаукақәа рфакультет, «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» рзанааҭҵара  далгеит.

2016 шықәсазы лара Мадридтәи Ауниверситет Комплутенсе «жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» рфакультет «адунеитә политика» азанааҭҵара  далгеит.

2016 шықәса инаркны  лара Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус луеит. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.