АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Мшаҧы.2024

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа ареспублика ахьӡала арратә хәмаррақәа рконкурс «Саянский марш» АрМИ – 2024» иалахәхоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 инаркны мшаԥымза 9 аҟынӡа ски-альпинизм азы Арратә жларбжьаратәи ахәмаррақәа  - 2024 «Саянский марш» мҩаԥгахоит.

«Саянский марш» алахәхаразы Абакан ицеит Аԥсны, Иран, Киргизиа, Китаи, Узбекьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аруаа ркомандақәа.

Аицлабрақәа мшаԥымза 6 азы Красноиарсктәи атәылаҿацә, Мраҭашәаратәи Саиантәи ашьхара аҿы иҟоу Арратә округ Хада иатәу арра-спорттә зыҟаҵара Ацентр «Ергаки» абазаҿы ирылагоит.

Жәларбжьаратәи арратә конкурс иалаху аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа рзы Абакан аҳаирбаӷәаза аҿы аныҳәатә дкылара еиҿкаахеит. Инагӡан атәылақәа ргимнқәа.   

Аԥснынтәи «АрМИ – 2024» иалахәхо аруаа аицлабрақәа ахьымҩаԥгахо Красноиарсктәи атәылаҿацә ахь инаргеит.  

Аицлабрақәа ралагара амш аҟынӡа аруаа зегьы амедицинатә гәаҭара, аконкурс аетапқәа рхысразы аинструктортә зыҟаҵарақәа ирхысны аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит.  

 

 


Read 125 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 19:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.