АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩи аӡбаҩцәеи злахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩи аӡбаҩцәеи злахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада 2021 шықәса хәажәкырамза 1 инаркны Ахантәаҩы имаҵзура аанызкылоз Лиудмила Хоџьашвили имҩаԥылгаз аусуразы иҭабуп ҳәа лаиҳәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ԥлиа Диана Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы имаҵзурахьы лалхра лыдиныҳәалеит.

  «Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵара аҳәынҭқарра азинхьчаратә лшара арӷәӷәеит, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи аԥхьаҟа рырҿиаразы азинтә шьаҭа азышьҭанаҵеит», - ҳәа атәыла Азакәан хада анормақәа рықәныҟәара ахылаԥшраҟны иамоу аҵакы азгәаҭаны иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

Ԥлиа  Диана илҳәеит Аконституциатә ӡбарҭаҟны аханатә имҩаԥысуаз аусура ишацҵахо. 

«Идҵаало рызҵаарақәа рыхәаԥшраан изықәныҟәатәу ихадароу принципны иҟоуп аконституциатә закәанра, Аконституциа ԥыжәара аҭара. Иҟаҳҵо алкаақәа рыҟны иарбоуп Аконституциатә ӡбарҭа иаӡбо азин азҵаарақәа шракәу, фактла ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ахәшьара шырнамҭо», - ҳәа илҳәеит Ԥлиа Диана.

Лара иара убас иазгәалҭеит Аконституциатә ӡбарҭа фышықәса рыҩныҵҟалатәи  аусурала ишааԥшыз атәылауаа рыдҵааларақәа рыҟны азакәанқәа рыԥҟарақәак рконституциатәра апроблемақәа ииашаны ишышьҭырхуа, ишаӡбо азинмч змоу аусбарҭақәа иҟарҵо азыҳәамҭақәа рыла, иара убас ишрыхәаԥшуа Аконституциа арҽеирақәа рзы аԥшьгарақәа.   

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Аконституциатә ӡбарҭа амҩаԥгара иазку азҵаарақәа рзы азакәанԥҵара асистематизациеи анализи рзура иазку аусуразы, азакәанԥҵаратә актқәак рыхәаԥшреи аԥсахрақәа ралагалареи рзы ҷыдала ажәалагалақәа ҟаҵан ҳәа адырра иҭан.   

Аиԥылараҟны ирылацәажәеит азинхьчаратә лшареи аконституциатә аӡбареиҿкаареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 30 шықәса ахыҵра амш азы азԥхьагәаҭеи.    .

Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Ахада Иусбарҭа  анапхагаҩы Абесалом Кәарҷиеи.

 


Read 128 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 18:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.