АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Мшаҧы.2024

Пауерлифтинг азы Аԥсны Ачемпионат аихшьаалақәа ҟаҵоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Пауерлифтинг азы Аԥсны Ачемпионат аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Хәажәкырамза 31 рзы имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 21-ҩык аспортсменцәа, урҭ рахьынтә 4-ҩык аҭыԥҳацәа.

Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы иҟарҵо адыррақәа рыла, адисциплина «хыхкеицлабра» аҿы ахацәа рыбжьара Вилкс акоефицент ҳасаб азурала ( аспортсмен икапани ишьҭихыз акапани реишьашәалара – АП. аред. азгәаҭа)  актәи аҭыԥ ааникылеит Рамзан Делианиди (зыкапантә категориа 67 рҟынӡа иҟоу рыбжьара, ишьҭихыз акапан 310 кьыла иҟоуп), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Еслан Наҷҟьебиа (зыкапантә категориа 75 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара, ишьҭихыз акапан 330 кьыла иҟоуп), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Богдан Ериоменко (Урыстәыла, зыкапантә категориа 100 кьылак рҟынӡа инаӡо рыбжьара, ишьҭихыз акапан 365 кьыла иҟоуп).

Аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Мариа Книазева (зыкапантә категориа 67 кьыла рҟынӡа инаӡо, ишьҭылхыз акапан 305 кьыла иҟоуп), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Амина Кьышьмариа (зықәратә категориа 60 кьыла рҟынӡа инаӡо, ишьҭылхыз акапан азеиԥш еицҵалыҵ 240 кьыла иҟоуп), ахԥатәи аҭыԥ аанылылеит - Светлана Делибалтиан (зыкапантә категориа 60 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара, ишьҭылхыз акапан азеиԥш еицҵалыҵ 215 кьыла иҟоуп).

Адисциплина «ишьҭаланы ашьҭыхра» аҿы ахацәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Евгени Тапкин (Урыстәыла,  зыкапантә категориа 100+ рыбжьара, ишьҭихыз акапан  азеиԥш еицҵалыҵ 145 кьыла рҟынӡа инаӡоит), аҳәса рыбжьара –  Аигиуль Кар (зыкапантә категориа 75 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара, ишьҭылхыз акапан азеиԥш еицҵалыҵ 60 кьыла ыҟоуп).

Адисциплина «ахәамц ашьҭыхра» (хыԥхьаӡарала зхатә хәамц еиҳа ишьҭызхуа реицлабра) аҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Николаи Стороженко (зыкапантә категориа 40 кьыла иҟоу рыбжьара, 66 - нтә иҽышьҭихит), Евгени Тапкин (52,5 кьыла иҟоу рыбжьара, 60–нтә иҽышьҭихит) иара убас Мариа Книазева (30 кьыла иҟоу рыбжьара, 33-нтә лҽышьҭылхит).


Read 133 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 16:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.