АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Мшаҧы.2024

Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» азааигәара иҟоу аҵакырақәа рҿы инхо ауааԥсыра реизара азԥхьагәаҭаӡам.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза   2 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи зыргылара мҩаԥысуа аҳаирбаӷәаза ааигәара иҟоу аҵакырақәа рҿы инхо  ауааԥсыра рхаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаатәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аргылара иазку аинвестициатә проект анагӡара иадҳәалоу хадара злоу аспектқәа ирылацәажәеит.

Бабышьра ақыҭа ахаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ иарҳәеит акыр зҵазкуа аӡбамҭақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра ринтересқәа ҳасаб амҭаӡакәа ирыдыркылар ҳәа ишшәо, уи ӷәӷәала  агәҭынчымра шрызцәырнаго.  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ урҭ агәра диргеит ас еиԥш идуу, акыр зҵазкуа  азеиԥшмилаҭтә проект анагӡара, адгьыл зымпыҵаку рзинқәа рыхьчареи араҟа инхо зегьы ринтересқәа рынагӡареи алзыршо амилаҭтә закәанԥҵара анормақәа инарықәыршәаны ишымҩаԥысло азы.

«Ари акырӡа зҵазкуа апроект ҳара зегьы ҳаиднакылроуп. Ҳара шәара зегьы шәзыӡырҩра ҳазхиоуп, азҵаарақәа зегьы рыӡбара хазы-хазы азнеишьа аиуоит, хшыҩзышьҭрала иҭҵаахоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Бабышьра ақыҭа ахаҭарнакцәа, иарбоу апроект анагӡара араион азы, иааизакны атәыла зегьы аҿиаразы иаҵоу аҵакы еилкааны, аҳаирбаӷәаза аргылара аԥырхагахара аҳасабала еилкаахар зылшо амитингқәеи апротестқәеи реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы агәҭакқәа шрымам азгәарҭеит.  Акызаҵәык, ақыҭауаа агәҭынчымра рызцәырызго, аҳәынҭқарратә интересқәа рынагӡараан аҭыԥантәи ауааԥсыра ринтересқәа ԥырхага шырмоуа агәрагара ауп. 

 


Read 161 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 15:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.