АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Мшаҧы.2024

Мшаԥымза 2 рзы – адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Есышықәса, мшаԥымза 2 рзы, еицырдыруа алакәқәа раԥҵаҩы Ганс Христиан Андерсен (1805 – 1875 шш.) иира Амш аҽны адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит. Ари амш ахықәкы хаданы иҟоуп  – ахәыҷтәы литература азхьаԥшра, ахәыҷқәа ашәҟәыԥхьара ргәаԥхо аҟаҵара, ашәҟәытә литература адгылара аҭара. Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш аԥҵара аԥшьызгаз еицырдыруа анемец шәҟәыҩҩы Иелла Лепман лоуп. Ганс Христиан Андерсен ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиа аԥҵара аԥшьгаҩыс иҟазгьы лара лоуп. Иелла Лепман ахәыҷқәа рзы алитература азы аҳамҭа «Анобельтә ҳамҭа хәыҷы» ҳәа ахьӡ алҭеит. Уи ранашьахоит адунеи зегьы аҿы иреиӷьу ахәыҷтәы шәҟәқәа равторцәа.

Ахәыҷтәы шәҟәқәа ахәыҷы иҩныҵҟатәи адунеи арбеиоит идунеихәаԥшышьа дырҭбаауеит, адырра ҿыцқәа раиура игәадырԥхоит. Ахәыҷқәа рзы иҩуан еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, Т. Аџьба, уҳәа убас аӡәырҩы. Аԥсуа прозаикцәеи апоетцәеи реиҳарак имаҷымкәа ахәыҷқәа ирзырхоу ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи аповестқәеи рымоуп.  

Иарбан ахәыҷтәы шәҟәқәоу иахьа еиҳа изызҵаауа,  иарбан шәҟәқәоу ахәыҷқәа еиҳа бзиа ирбо атәы Аԥсныпресс акорреспондент изеиҭарҳәеит аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа ашәҟәҭирҭақәеи рҿы.

Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгаҩы Гәында Кәыҵниа лажәақәа рыла, ахәыҷтәы литература аҭыжьра  Аусбарҭа аусураҿы аԥыжәара змоу хырхарҭаны иҟоуп. Уаанӡагьы, лара аԥсуа бызшәа Аҳәынҭқарратә фонд анапхгаҩыс даныҟаз аамҭазгьы иԥшӡаны асахьақәа рыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы шәҟәқәаеи алабҿабатә цхыраагӡақәеи  рҭыжьра   ахшыҩзышьҭра ду арҭон.

«Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы еиҭаргахьеит: Джанни Родари иҩымҭа «Чополинно» (Мушьни Аҳашба), Коллоди Карло иаԥҵамҭа «Пинокио ихҭысқәа» (Алықьса Гогәуа), Ганс Христиан Андерсен илакәқәа раԥхьатәи ахәҭа Сергеи Зыхәба, аҩбатәи ахәҭа Шамил Аҟәысба, аурыс лакәқәа «Колобок», «Курочка ряба» еиҭеигеит Валентин Коӷониа, Нелли Ҭарԥҳа еиҭалгеит «Апринц хәыҷы» уҳәа иҵегьы.

«Иахьа ахәыҷқәа еиуеиԥшым агаджетқәа – асмартфонқәеи апланшетқәеи еиҳа рхы иадырхәоит, ашәҟәқәа еиҳа имаҷны иркуа иалагеит.  Аха ҳара ҳгәаанагарала, ашәҟәытә культура ажәытәра иамгаӡеит. Ашәҟәқәа ахәыҷқәа рзы ихымԥадатәиуп. Ахәыҷтәы шәҟәқәа ахәыҷқәа рааӡареи рдунеихәаԥшышьа арҭбаареи рҿы ихадоу ароль нарыгӡоит», – ҳәа илҳәеит лара.

2023 шықәсазы Аҳәынҭқарратә Еилакы ала иҭыжьын абарҭ ахәыҷтәы шәҟәқәа: Г. Х. Андерсен «Алакәқәа» («Сказки»), хы-шықәса инаркны фы-шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы «Аенциклопедиа ахәыҷқәа рзы» («Энциклопедия для детей)», «Асааҭи аамҭеи» («Время и часы») Г. С. Кәыҵниа, «Иссиру ашьҭыбжьқәа» («Чудесные звуки») Д. В. Шамба, П. Х. Бебиа иажәеинраалақәа , «Ашәҭқәа рашәа» («Песня цветов») Г. Сақаниа, «Сыпсадгьыл амра» В. Аҵнариа, «Аԥсуа бызшәа асахьатә жәар. Раԥхьатәи сышәҟәы» («Иллюстрированный словарь абхазского языка»), уҳәа убас иҵегьы.

«Ахәыҷы даныхәҷу инаркны иибо, ииаҳауа, дызхәаԥшуа, дзыԥхьо аԥсышәала ианыҟамла апроблема ду ахылҿиаауеит, уи дандухалак даара ицәгьоуп ибызшәа ирҵаны, уи ала дхәыцо, дцәажәо, аус алиуо иҟаҵара, убри азоуп ахәыҷқәа рыла ҳзалагаз. Иҭҳажьуа ашәҟәқәа, рапхьаӡа иргыланы ҳаԥсуа литератураҿы ахәыҷқәа ирызкны игәылагалоу роуп, урҭ алҳаԥшаауеит, иара убас, ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аҿаҵа рыҭаны идҳарыҩуеит

Ҳара ҳҽазаҳшәоит иԥшӡаны, сахьала еиқәыршәоу ашәҟәқәа рҭыжьра. Уи азы аусура иадҳаԥхьалоит адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ахәыҷқәа абарҭ ашәҟәқәа агәыбылра рыкра, аԥхьара ргәаԥхо иҟаларц азы. Аҳәынқарратә Усбарҭа ала 2023 шықәсазы иҭыжьыз ахәыҷтәы литератуа азеиԥш тираж 7000 екземплиар рҟынӡа инаӡеит», - ҳәа илҳәеит Гәында Кәҵниаԥҳа.  

Сахьа ԥшӡала иҩычоу ахәыҷтәы шәҟәқәа ааухәар ҟалоит аҟәатәи ашәҟәҭирҭақәа «Абырлаш», «Амцабз», «Знайка», «Канцелярский парк», уҳәа убас егьырҭ  рҿы.

Ашәҟәҭирҭа «Абырлаш» аусзуҩ Џьулиетта Табаӷәуа ишеиҭалҳәаз ала, иахьа ашәҟәыҭирҭақәа рҿы аахәаҩцәа рацәаӡам. Аԥсышәала иҭыжьу ахәыҷтәы шәҟәқәа ракәзар, еиҳа лассы-лассы иазҵаауеит «Аенциклопедиа ахәыҷқәа рзы», иара убас аԥсышәала иҭаҩу аудиолакәқәа.  

Ашәҟәҭирҭа «Амцабз» аҿы аус зуа Манана Кәыҵниа лажәақәа рыла, еиҳа иаархәо аԥсышәалеи аурысшәалеи иҭыжьу ахәыҷтәы литература ауп.

«Урысшәала иҭыжьу ахәыҷтәы литература ассортимент еиҳа идууп, уи лассы-лассы идырҿыцуеит, ашәҟәқәа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаҳзаауеит. Ҳара жәаҳәарада иҭрыжьуа, мамзаргьы еиҭаҭрыжьуа  аԥсуа шәҟәқәагьы ҳауеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аԥсышәала иҭыжьу ахәыҷтәы шәҟәқәа еиҳа иаархәо арбан, ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Манана Кәыҵниа «Аенциклопедиа ахәыҷқәа рзы», Анӡор Мықәба илакәқәа «Ажьа гәымшәа», аԥсуа бызшәа аҵараҿы хра злоу цхыраагӡаны иҟоу апланшет «Аилыҷҷа», аԥшқақәа рзы ашәҟәқәа-апанарамкақәа ҳәа изышьҭоу зсиужет асахьақәа мацарала еиқәыршәоу аҭыжьымҭақәа.   

Аканцелиартә тауарқәа рыдәқьан «Знайка» аҿы идуу ашәҟәқәа рыҟәша ыҟоуп.  Араҟа ирҭиуеит зссортимент дуу аурыс бызшәала еиԥш аԥсышәалагьы иҭыжьу ахәыҷтәы шәҟәқәа. Араҟагьы, егьырҭ адәқьанқәа рҿы еиԥш, еиҳа изызҵаауа аԥсышәала иҩу «Аенциклопедиа ахәыҷқәа рзы», иара убас аԥшқақәа рзы ашәҟәқәа-апанарамкақәа ҳәа изышьҭоу зсиужет асахьақәа мацарала еиқәыршәоу аҭыжьымҭақәа.     

«Иаҳҭахын аԥсышәала иҭыжьу ахәыҷтәы шәҟәқәа еиҳа ирацәазар, атематика еиҳа иҭбаазар, ахәқәа ракәзар, маҷк иадамзаргьы еиҵазар», – ҳәа лгәазыҳәара атәы лҳәеит адәқьан аусзуҩ.

Ахәыҷтәы литература егьа аамҭа уадаҩ ианысзаргьы, иахьатәи аамҭазы иара игәылҭәаау, ихазу хырхарҭоуп алитераураҟны.

 

 

 

 

 

 

 


Read 115 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 20:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.