pressadmin-2
Мшаԥымза 5 рзы иҟалаз абылраан ааха зауз ахәыҷқәеи урҭ рани Краснодартәи абылрахәышәтәратә Центр ахь ииаргеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра аан ааха зауз ҩыџьа ахәыҷқәеи урҭ рани Шәачатәи анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр аҟынтәи асанитартә авиациа ала Краснодартәи атәылаҿацәтә абылрахәышәтәратә Центр ахь ииаргеит. Урҭ рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчаа Аминистрра апресс-маҵзура.
Акоманда «Крылья Абхазии» амҵәышәмпыл азы аҳәса ркомандақәа рыбжьара ареспублика ачемпион ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Крылья Абхазии» амҵәышәмпыл азы аҳәса ркомандақәа рыбжьара ареспублика ачемпион ҳәа ахьӡ ранашьоуп. Афинал аҿы урҭ акоманда «РШВСМ» аҟынтәи амҵәышәмпыласыҩцәа асчиот 57:71 ала ириааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы. Акоманда «Крылья Абхазии» ачемпионат раԥхьаӡа акәны иалахәын.
Аматч аҿы ахԥатәи аҭыԥ азы еицлабуан акомандақәа «Спартак 2», «Очамчыра». Аибарххара зныԥшуаз аиндаҭлара аҿы асчиот 50:54 ала аиааира ргеит аҟәатәи амҵәышәмпыласыҩцәа.
Еилкаахеит анапылампыл азы ахацәеи аҳәсеи ркомандақәа рыбжьара ачемпионат I атур аихшьаалақәа.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анапылампыл азы ахацәеи аҳәсеи ркомандақәа рыбжьара ачемпионат хацыркхеит.
Ахацәа ркомандақәа рыбжьара актәи атур ахәмаррақәа реихшьаалақәа абас ала ишьақәгылеит:
Уфа ақалақь, «Белаиа» аӡиас аԥшаҳәа аҿы аколоннада аргылара иалагеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Уфа ақалақь, «Белаиа» аӡиас аԥшаҳәа аҿы, Аиҩызара Амонумент азааигәара аколоннада аргылара иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Башинформ».
Башкириеи Аԥсни рыбжьара аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рыхьӡ ала ҳаԥхьаҟа иргылахараны иҟоу аколоннада ашьаҭа аҳасабала раԥхьатәи ахаҳә ашьҭаҵара мҩаԥысит жьҭаарамза, 2023 шықәса, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Уфа ақалақь ахь инаигӡоз авизит аан.
Аколоннада Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу аколоннада аиԥш-зеиԥшу асахьа аиуеит. Ари аргыламҭа аҳаракыра – 12 м. рҟынӡа инаӡоит, аура – 30 м., аҭбаара – 6 м. рҟынӡа инаӡалоит. Аргыларазы ахархәара роуеит афельзиттә хаҳә, мамзаргьы агранит.
33 цыра амаининг-аппаратқәа рымхра мҩаԥыргеит Очамчыра ақалақь аҿы.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 4 маининг-ферма ықәгоуп Очамчыра ақалақь аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭеи УЭБиПК «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа алархәны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә иалҵшәаны иаарԥшын изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аобиектқәа жәпакы.
Убас, Шьынқәба имҩала игылоу Хачаа Анатоли Руфим-иԥа иҩны аҿы ирыԥшааит 4 маининг-аппарат.
Лакоба имҩала игылоу ахатәыҩны аҿы ирыԥшааит 15 цыра аус зуаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа. Иабоу амаругақәа зтәу Кәачахьиа Роза Аполлон-иԥҳа лоуп.
Ақыҭанхамҩа Аминистрра аконкурстә Комиссиа 337 проект алнахит.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, мшаԥымза 5 рзы, атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Анапхгаратә хықәкытә программа «2024 шықәсазы Ареспублика Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара» анагӡара азы аконкурстә Комиссиа аилатәара мҩаԥигеит.
Аусуратә гәыԥқәа рыла еихшаз акомиссиа алахәылацәа, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыцырхырааны, мызқәак рыҩныҵҟа зыдгалара мҩаԥгаз апроектқәа аҭыԥ аҿы рынагӡара азы иҟоу алшарақәеи апроектқәа ралхразы ишьақәыргылаз акритериақәеи ахыдҵақәеи иахьынӡарықәшәои ҭырҵаауан.
Ақыҭанхамҩа Аминистрра ахь, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы еиԥш уажәгьы, арахәааӡара, аҵиааӡара, амеханизациа, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара, уҳәа ирызку апроектқәа нашьҭхеит.
Азыҳәамҭақәа аус зуа анаплакқәа, афермақәа, ақыҭанхамҩатә аарыхра знапы алаку ақыҭауаа рҟынтәи инашьҭын. Акомиссиа ахь зынӡа инашьҭын 500 проект. Урҭ рахьынтә иалкаахеит 337 проект. Иарбоу апроектқәа рыхәԥса аицҵалыҵ 100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аконкурс иахысыз алахәыла изы иҷыдоу амаругақәа раахәара азы ақыҭанхамҩа Аминистрра атендерқәа мҩаԥнагоит. Аконкурс алахәылацәа аӡәырҩы иҟарҵаз аҳәарақәа инарықәыршәаны егьи ацхыраара рыҭахоит. Апрограмма ахарџь ала анаплакқәеи анхамҩақәеи рзы аргылара-монтажтә усурақәа мҩаԥысуеит. Ирабоу ахықәкқәа рынагӡара азы ақыҭанхамҩа Аминистрреи аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылареи» аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.
Очамчыра ақалақь аԥшаҳәа ҭагалан аламҭалазы идырҿыцраны иҟоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Ахадара аҿы ақалақь аԥшаҳәа ацҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
«Очамчыра_Информ» иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥшаҳәа ԥыхьатәи архәҭа аҟынтәи Аалӡга аӡиас аҟәара аҟынӡа еиҭашьақәыргылахоит. Иарбоу апроект анагӡара ашьҭахь Очамчыратәи аԥшаҳәа ареспублика аҿы зегь реиҳа идуу иреиуахоит. Иара убас иацҵахоит уаанӡа излагахьаз ариаҵәара апроцессгьы.
Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргылара» апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, иахьазы 600 метра рҟынӡа инаӡо аҵакыра аҿы 2,5 нызықь ԥшьыркцатә метр ахаҳәцәы шьҭарҵахьеит.
«Зынӡа ишьҭаҵатәны иҳамоуп 3,5 нызықь ԥшьыркцатә метр ахаҳәцәы. Ҭагалан аламҭалазы аусурақәа зегьы рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Кәакәасқьыр.
Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы амаининг аппаратқәа хәба ааныркылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатә аан мшаԥымза 3 рзы аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа иаанкыланы игәарҭеит Урыстәлантәи Аԥсныҟа ицоз автомашьына Toyota Mark X.
Амашьны аҩныҵҟа ирыԥшааит Whatsminer M30S + ҳәа амарка змоу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хәба. Урҭ амашьына асалони аидараҭыԥи рыбжьара иҭаҵәахын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.
Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азҵаара аартны ишыҟац иаанхеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәеи ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа алархәны.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан АдәАР Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Мрагылара ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагулиа, адепутат Баҭал Џьопуа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аформат аиқәырхара аинтерес шрымоу азгәарҭеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы адиалог амҩаԥгаразы.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала иира Амш инамаданы адныҳәаларақәа аауеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала иира Амш инамаданы адныҳәаларақәа аауеит.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра шәанахагыл инаркны, Шәара аҭакԥхықәра дууи ахықәкынагӡареи аарԥшны ҳтәыла аҿиара иазку иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбара шәнапы ашәыркит. Шәара шәнапхгарала, Аслан Гьаргь-иԥа, Аԥсны анхара аҩаӡара ашьҭыхреи ҳтәылауаа реизҳазыӷьареи иазырхоу акыр зҵазкуа апрограммақәеи апроектқәеи рынагӡара мҩаԥысуеит.
Агәра ганы сыҟоуп, Шәара аринахысгьы Аԥсны хра злоу аҿиара азы инашәыгӡало аусура иабзоураны атәыла арӷәӷәара адагьы аҳәаанырцәтәи атәылақәа аус рыцура аҳәаақәа рырҭбаареи шалыршахо».
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски.
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, азин сышәҭозар, гәык -ԥсыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Шәира Амш!
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҿы шықәсырацәа зҵазкуа, аиашьаратә ажәларқәа ринтересқәа ирықәшәо Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи акыр ҳаҭыр ақәырҵоит. Агәра ганы сыҟоуп Шәара шәԥышәеи шәдыррақәеи ирыбзоураны иҳабжьоу аҩганктәи апартниортә еизыҟазаашьақәа анаҩсгьы аҿиара шаиуо.
Ари амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит раԥхьа иргыланы агәабзиара, агәамч, аҭынчреи аизҳазыӷьареи, шәнапы злаку аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усура аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи!»








