АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Мшаҧы.2024

Очамчыра ақалақь аԥшаҳәа ҭагалан аламҭалазы идырҿыцраны иҟоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Очамчыра араион Ахадара аҿы ақалақь аԥшаҳәа ацҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

«Очамчыра_Информ» иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥшаҳәа ԥыхьатәи архәҭа аҟынтәи Аалӡга аӡиас аҟәара аҟынӡа еиҭашьақәыргылахоит. Иарбоу апроект анагӡара ашьҭахь Очамчыратәи аԥшаҳәа ареспублика аҿы зегь реиҳа идуу иреиуахоит. Иара убас иацҵахоит уаанӡа излагахьаз ариаҵәара апроцессгьы. 

Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргылара» апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, иахьазы 600 метра рҟынӡа инаӡо аҵакыра аҿы 2,5 нызықь ԥшьыркцатә метр ахаҳәцәы  шьҭарҵахьеит.

«Зынӡа ишьҭаҵатәны иҳамоуп 3,5 нызықь ԥшьыркцатә метр ахаҳәцәы. Ҭагалан аламҭалазы аусурақәа зегьы рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Кәакәасқьыр.  

Иара ишазгәеиҭаз ала, аԥхьанатә апансионат «Амшынеиқәатә бырлашц» («Черноморская жемчужина») 5 нызықь ԥшьыркцатә метр ахаҳәцәы хәыда-ԥсада иарбоу аусурақәа рзы иазоунажьит.   

Аусурақәа зегьы араион ахада Беслан Бигәаа хаҭала иҟаиҵо ахылаԥшрала имҩаԥысуеит. Работы проходят под личным контролем главы Администрации района Беслана Бигвава.    


Read 101 times - Ашәахьа, 08 Мшаҧы 2024 10:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.