АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Мшаҧы.2024

Ақыҭанхамҩа Аминистрра аконкурстә Комиссиа 337 проект алнахит.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, мшаԥымза 5 рзы, атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Анапхгаратә хықәкытә программа «2024 шықәсазы Ареспублика Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара» анагӡара азы аконкурстә Комиссиа аилатәара мҩаԥигеит.

Аусуратә гәыԥқәа рыла еихшаз акомиссиа алахәылацәа, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыцырхырааны, мызқәак рыҩныҵҟа зыдгалара мҩаԥгаз апроектқәа аҭыԥ аҿы рынагӡара азы иҟоу алшарақәеи апроектқәа ралхразы ишьақәыргылаз акритериақәеи ахыдҵақәеи иахьынӡарықәшәои  ҭырҵаауан.

Ақыҭанхамҩа Аминистрра ахь, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы еиԥш уажәгьы, арахәааӡара, аҵиааӡара, амеханизациа, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара, уҳәа ирызку апроектқәа нашьҭхеит. 

Азыҳәамҭақәа аус зуа анаплакқәа, афермақәа, ақыҭанхамҩатә аарыхра знапы алаку ақыҭауаа рҟынтәи инашьҭын. Акомиссиа ахь зынӡа инашьҭын 500 проект. Урҭ рахьынтә иалкаахеит 337 проект. Иарбоу апроектқәа рыхәԥса аицҵалыҵ  100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аконкурс иахысыз алахәыла изы иҷыдоу амаругақәа раахәара азы ақыҭанхамҩа Аминистрра атендерқәа мҩаԥнагоит.  Аконкурс алахәылацәа аӡәырҩы иҟарҵаз аҳәарақәа инарықәыршәаны егьи ацхыраара рыҭахоит. Апрограмма ахарџь ала анаплакқәеи анхамҩақәеи рзы аргылара-монтажтә  усурақәа мҩаԥысуеит.  Ирабоу ахықәкқәа рынагӡара азы ақыҭанхамҩа Аминистрреи аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылареи» аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.

Аԥсны араионқәа рыла аихшарақәа абас ала ишьақәгылоит:

- Гал араион: ахәаԥшразы инашьҭын  16 проект, зегьы ирыхаԥшуп. Урҭ рынагӡаразы иаҭаххо ахарџь азеиԥш еицҵалыҵ 10 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

- Ҭҟәарчал араион – ахәаԥшразы инашьҭын 26 проект, иалкаауп 24 проект. Урҭ рынагӡаразы иаҭаххо ахарџь 10 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

- Очамчыра араион  – ахәаԥшразы инашьҭын  265 проект, урҭ рахьынтә иалкаан 145 проект. Урҭ рынагӡаразы иаҭаххо ахарџь азеиԥш еицҵалыҵ 35 млн. мааҭ иеиҳауп;

- Гәылрыԥшь араион – ахәаԥшразы инашьҭын 43 проект, урҭ рахьынтә иалкаахеит 39 проект. Урҭ рынагӡаразы иаҭаххо ахарџь азеиԥш еицҵалыҵ  15 млн. 191 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

- Аҟәа араион – ахәаԥшразы инашьҭын 40 проект, урҭ рахьынтә иалкаахеит 30 проект. Урҭ рынагӡара азы иаҭаххо ахарџь  15 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

- Гагра араион – ахәаԥшразы инашьҭын 11 проект, урҭ рахьынтә иалыркааит 8 проект, урҭ рынагӡара азы иаҭаххо ахарџь 9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

- Гуәдоуҭа араион – ахәаԥшразы инашьҭын 125 проект, урҭ рнагӡаразы ахарџьынҵа 70 млн. мааҭ рҟынӡа итәоит, иалкаан  75 проект, урҭ рынагӡаразы иаҭаххо ахарџь азеиԥш еицҵалыҵ 25 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, аконкурстә комиссиа апроектқәа ралкаара иазку аусура нҭырҳәцааны инанагӡеит.

«Ҳара акомиссиа аилазаара ду зегьы аусуратә гәыԥқәа рыла еихаҳшеит, араионқәа рахь ҳцаны иҟаҵахо ацхыраара излауа ала ахықәкызаара алыршаразы   азыҳәамҭақәа алазҵаз зегьы рылшамҭақәа еилаҳкаауан.  Убри аан акырӡа аҵанакуеит ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа зегьы амҽхакра», - ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа. – Аԥаратә хархәагақәа разымхареи апрограмма алахәхара азы азыҳәамҭақәа алазҵаз рхыԥхьаӡара арацәареи иахҟьаны, иҳаҩсыз ашықәс азы иалаҵаз апроектқәа маҷымкәа иаанханы иҟоуп.   Аҳәынҭқарра ақыҭауаа ирынаҭо ацхыраара араионқәа рҿы амикроекономика аҭагылазаашьа аиӷьтәрахь икылнагоит, иарбоу аусхкгьы аҿиара хра злоу аныррагьы анаҭап  ҳәа агәыӷра ҳамоуп».

2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ақыҭанхамҩа аҿиара азы иазоужьыз 150 млн. мааҭ рҟынтәи ахәҭак аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷамаҷақәа рықәхра азы ахимиатә маҭәашьарқәеи араионтә Аматор-трактортә Станциақәа рзы аԥсахга хәҭақәеи амаругақәеи раахәаразы идәықәҵахоит.  

 

 

 

 


Read 97 times - Ашәахьа, 08 Мшаҧы 2024 11:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.