АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Мшаҧы.2024

Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы амаининг аппаратқәа хәба ааныркылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатә  аан мшаԥымза 3 рзы аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа иаанкыланы игәарҭеит Урыстәлантәи Аԥсныҟа ицоз автомашьына  Toyota Mark X.

Амашьны аҩныҵҟа ирыԥшааит Whatsminer M30S + ҳәа амарка змоу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хәба. Урҭ амашьына асалони аидараҭыԥи рыбжьара иҭаҵәахын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.

Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ А. Кәарҷиа. Уи уажәаԥхьагьы аиԥш-зеиԥшу азинеилагара азы административтә хьырхәра дақәдыршәахьан.

Амаининг аппаратқәа аконфискациа азыруит. Ари аус аматериалқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵахеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы иҟарҵо адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы акриптовалиута арҳаразы аппаратқәа Аԥсныҟа рыиагара аҽазышәарақәа еиҳа лассы-лассы иҟало иалагеит.

Ари аус азхьаԥшра аҳасабала аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы автомашьынақәа аҳазалхратә гәаҭара рахгара аетап аан аусуа арӷәӷәара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 94 times - Асабша, 06 Мшаҧы 2024 18:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.