pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза  27 рзы «Ареспублика Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидкыла актәи ахәҭа аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан инапы аҵаиҩит.

Ареспублика Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 259, ахәҭа 3 иҿыцу аредакциа ала ишьақәыргылоуп:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа «Аԥсны иҟоу аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы ауснагӡатәқәа рзы» Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит.

Азакәан атекст иаҳәоит:

Ахәҭаҷ 1

Абри Аконституциатә закәан ала «Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз «Аԥсны иҟоу аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы (анаҩс – Аиқәшаҳаҭра), Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы ауснагӡатәқәа шьақәыргылахоит.

Ахәҭаҷ 2

Абри Аконституциатә закәан ала Аиқәшаҳаҭра азинмчы амазаара аамҭа иҭагӡаны Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа 3, 4 иарбоу  аобиектқәа, адгьыл хәҭақәа, амшын аӡымҽхак, иара убас Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 5 иарбоу ахыбрақәа, аргыларақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара шыҟамло арбоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла  иҟоу  Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи  Афедерациа  адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара-Апарламент ԥхынҷкәынмза  27 рзы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы азакәан инапы аҵаиҩит.

«Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқшаҳаҭрақәа рзы» Азакәан абарҭ аиҭакрақәа алагалоуп:

1) ахәҭаҷ 5 абас еиԥш аҵакы змоу ахәҭа 21 ала ихарҭәаахоит: «21. Аратификациа зызу Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра ала Ареспублика Аԥсны Аконституциеи  Ареспублика Аԥсны Аконституциатә закәанқәеи рыла иазԥхьагәаҭоу  анормақәа ракәымкәа даҽакы шьақәырӷәӷәазар, усҟан Ареспублика Аԥсны Аконституциеи Аконституциатә закәанқәеи рнормақәа ахархәара аиуеит»;

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  – Урыстәылатәи Афедерациа ахь аиҳарак ацитрустә шәырқәа зышьҭуа тәыланы иҟоуп. Аԥснытәи ацитрустә шәырқәа акы иаламҩашьо  иҵәыҵәы-хаау агьама амоуп. Ари традициала ашықәсҿыцтәи аишәа зырԥшӡо шәыр хкуп.

Ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раламҭалазы амандаринақәа рыиагара амҽхак азҳауеит. Иахьазы уахыки-ҽнаки рыла Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагахоит 700 тонн рҟынӡа ацитрустә шәырқәа, бжьаратәла мышкала аҳазалхратә гәаҭара иахысуеит 500  рҟынӡа ацитрустә шәырқәа ыиазго аидарамҩангагатә машьына. Ацитрустә шәырқәа аиҳарак Урыстәылаҟа ауп иахьырго: Москва, Петербург, уҳәа егьырҭ ақалақьқәа рахь, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа   Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа  апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иҷыдоу ихаҭарнак, Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа иусуратә визит хыркәшахеит.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Лугансктәи Жәлартә Республикеи Донецктәи Жәлартә Республикеи рнапхгарақәа рхадацәа рԥыларақәа мҩаԥысит.  Лев Кәыҵниа иара убас дырԥылеит Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рхадацәа Андреи Алексеенкои Антони Кольцови.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь, Аҟәатәи амҩаду ала игылоу аҩны аҿы ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә шәарҭадара аҟәшеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» аспециалистцәа рыцырхырааны, Еныкь Аинар Беслан-иԥа итәыз, акриптовалиута арҳара иазкыз 25-маруга ԥшааны иаҿырхит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра жәларбжьаратәи аусеицура Аусбарҭа аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа 2023 шықәсазы русеицура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза 27 рзы «Аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азы» азакәан инапы аҵаиҩит.  Адокумент кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҟны.

Азакәан атекст иаҳәоит:

«Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз «Аԥсны иҟоу аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәазааит».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа                                       изаамҭанытәиим асессиа аилатәара аҿы Аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿ иҟоу аргыларақәа Урыстәыла аҭареи ахархәареи рзы Аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит ҳәа иаанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура. Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент аҿаԥхьа еилагылаз. Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаара иаҿагыло ауаа рахь днеит. Уи адепутатцәа ирыдыркылаз аӡбамҭа далацәажәеит: «Зегьы агәҭынчымра рызцәырнагеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, Апарламент адепутатцәа реиԥш Апарламент ахь иаауаз ауаагьы. Иахьа ҳара иакымкәа аделегациақәа ҳадаҳкылеит, ганрацәала ҳалацәажәеит ари Аиқәшаҳаҭра ареспублика шәарҭара анамҭо адкылара азҵаара. Акоординатқәа ирыдҳәалоу ахәҭа урыстәылатәи аган иаднакылеит. Иаанханы иҟан «ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара» иадҳәалоу азҵаара. Амчра ахаҭарнакцәеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиԥыларагьы мҩаԥысит. Араҟа ҳара акы ҳаицазкылсит – азакәанқәа аиҭакра рылагалара. Уи – «Жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рзы» азакәан, Аграждантә закәанеидкыла, иҷыдоу, аҳәынҭдача аҭара иадҳәалоу Аконституциатә закәан ауп. Уаҟа аргылара ахԥатәи ахаҿқәа ирыҭахар, Аиқәшаҳаҭра амчра ацәыӡуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра иазырхынҳәхоит ҳәа иарбоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.