АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2024

Џьамил Дмитриенко иганахьала ашьаус хацыркуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Нанҳәамза 1 азы Аҟәа ақалақь апрокуратура Џьамил Дмитриенко иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  99, ахәҭа 1, ахәҭаҷ  29, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа (гәҭакылатәи ауаҩшьра аҽазыҟаҵара) рҟазшьақәа рыла ашьаус хацнаркит.

Хәажәкырамза, 2024 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы Аԥсны иахьаҵанакуа ашьаустә цәгьоура аҽазыҟаҵара мҩаԥысуеит ҳәа аоперативтә информациа роуит.  

«Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит Аҟәа ақалақь, абжьаратәи ашкол №6 аҿы аҵара зҵо Дмитриенко  Џьамил Асланбек-иԥа. Анаҩс ишеилкаахаз ала, уи ауаажәларра рзы ишәарҭоу анагӡашьала ацәгьоура анагӡаразы агәҭакы иман. Инагӡаз  аусмҩаԥгатәқәа рыла еилкаахеит, ацәгьоуразы игәҭакы анагӡареи уи азы ихымԥадатәиу адыррақәа раиуреи рзы Џьамил Дмитриенко асоциалтә ҳа Telegram ала аекстремисттә хырхарҭа змоу, аҵарадырратә усбарҭақәа рҿы массала ауаҩшьрақәа апропаганда мҩаԥызго  агәыԥ «Kolumbайн» далалеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит.

Иарбоу агәыԥ активла алахәылара назыгӡоз, Џьамил Дмитриенко ацәгьоура аҟаҵаразы иҭҟьо амцабџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа  раахәаразы алшарақәа рыԥшаара далагеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа ацәгьоура аҟаҵара аҽазышәара ԥхьдырҟәҟәааит. Џьамил Дмитриенко даанкылан.  

Иарбоу афакт ала аматериал ашьаусмҩаԥгаратә ӡбамҭақәа рыдкыларазы Аԥсны апрокуратура Хада ахь идәықәҵоуп.


Read 199 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.