АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2024

Алеқсандр Анқәаб Гәында Сақаниеи Гәында Кәыҵниеи идикылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Абызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы Гәында Кәыниеи Аусбарҭа аспециалист хада Гәында Сақаниеи идикылеит.

Аусбарҭа ахаҭарнакцәа инарыгӡо аусура азы аҳасабырба ҟарҵеит, аԥсуа бызшәа аҵара иазырханы иазԥхьагәаҭаны ирымоу апроектқәа ирылацәажәеит.  

Аԥыза-министр Аусбарҭа ала иҭыжьыз ашәҟәқәа, иара убас аусеилыргара азы ахархәага   идырбеит. Ааигәа иҭыҵит ахәыҷқәа рзы иҩыз Платон Бебиеи Владимир Ҵнариеи рышәҟәқәа, алагаратә ҩаӡареи ишьаҭарку аҩаӡареи рҿы аԥсуа бызшәа аҵаразы ацхыраагӡа, Сергеи Зыхәба аԥсшәахь еиҭеигаз Г.Х. Андерсен илакәқәа. Уажәазы актәи ахәҭа ауп иҭыҵыз, аҩбатәи ахәҭа аҭыжьразы аиқәыршәара иаҿуп.

Аусбарҭа аспециалистцәа иара убас аԥсуа бызшәа зҵарц зҭаху рзы Аусбарҭала иаԥҵаз аиутуб-канал Apsua Content иалацәажәеит.  Иарбоу аканал аҿы иахьазы иҭагалоуп 100 инареиҳаны авидео, аудиошәҟәқәа, аплеибӷьыцқәа.


Read 200 times - Аԥшьаша, 01 Нанҳәа 2024 21:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.