АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2024

«Апатырқалԥшшәахәы змоу алакә» Аԥсны.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акинокомпаниа «Урал» Аԥсны ашықәсҿыцтәи ахәыҷтәы лакә аҭыхрақәа мҩаԥнагоит. Афильм арежиссиор Антон Риажских Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҭырхуа афильм афабула далацәажәеит.

«Ҳара зегьы иаадыруеит Ашықәс Ҿыц амандаринақәа рыфҩы шахоу. Зегьы шьҭа уи ҳашьцылахьеит, аха иабантәиаауеи амандаринақәа – уи иазхәыцуа рацәаҩӡам. Шәааи ҳхаҿы иааҳгап анашанатә тәылак, апринци апринцессеи аҳи ахьыҟоу… Убри атәылаҿы зегьы ҭәышәынтәаланы иҟалаанӡа, зегьы насыԥ рыманы иҟалаанӡа, абзиабара аԥыжәара аиуаанӡа – амандаринақәа нашанахаӡом, урҭ агәазыҳәарақәа нарыгӡаӡом.  Убри аҟнытә зегьы бзиахароуп,  зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟалароуп ари атәыла аҿы, адунеи зегьы аҿы амандаринақәа ауаа бзиақәа, ауаа разқәа ргәазыҳәарақәа нарыгӡо иҟалартә еиԥш…  Абас еиԥш иҟоуп ари алакә», – ҳәа еиҭеиҳәеит арежиссиор.

Антон Риажских, аҭыхрақәа амандаринақәа аныҟало асезон азы ишымҩаԥымсуагьы, Аԥсны даара ирцәоуп акинематограф иазыманшәалоу аҭыԥқәа, иара Гагра ақалақь аҿы аҭыхрақәа рымҩаԥгара игәы иҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Афильм «Апатырқалԥшшәахәы змоу алакә» аҭыжьра азԥхьагәаҭоуп Ашықәс Ҿыц аламҭалазы. 

 


Read 214 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.