АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2024

«Амагә зшьоу Цгәаба» аԥсышәала ицәажәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсышәала ицәажәо амультфильм «Амагә зшьоу Цгәаба» аԥхьарбара Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы имҩаԥысит.  Аԥсышәала аиҭага аҿы уи ахьӡ аиуит «Амагә зшьоу Цгәаба». 

2011 шықәсазы иҭыхыз амульфильм «Амагә зшьоу Цгәаба» – акреилызцо,  аромантикара злоу цгәуп, уи раԥхьаӡа акәны ахәаԥшцәа ирбеит аблокбастер «Шрек» аҿы. Агәыкра злоу ацгәы ахатә хныҟәгашьеи ахымҩаԥгашьеи  аԥҟарақәа ирықәныҟәо инхоит. Иара излаҟам ала иахцәажәеит, шьҭа уи ахьӡ ариашара иашьҭоуп. Инашаноу аҟызрцына ахьтәы кәтаӷьқәа ахьыҟоу абааш ахьгылоу аҭыԥ аҿы ажәҩан аҟынӡа изызҳауа алаԥшхырԥагатә аҟәыджәлацқәа ртәы анеилнакаа, уи урҭ рыԥшааразы амҩа иқәлоит. Амҩан алакә афырхаҵа иаԥылоит аӷьыч Кисеи алажә Шалтаи-Болтаи.Ацгәаба урҭ рыцхыраарала ақалақь аҿаԥхьа иаду ахара ариашара аҽазнашәоит, убри аан цас ауазма иара ҵыхәаԥҵәарада абандитцәеи азинхьчаҩцәеи реиҿаҳарақәа иаарылашәо иаауеит.

Амультфильм аҿы еиуеиԥшым атемақәа  – аиҩызара, ачарҳәара, аҳаҭыр, апату, аламыс, агәнаҳарақәа рыҵыҵра, уҳәа уԥылоит.  Алаҭын-америкатә мотивқәа, иццакны зҽызыԥсахуа асиужет,  ашьҭазаара, аиҿахысрақәа, аисрақәа, уҳәа реиԥш иҟоу  адинамикатә сценақәеи иччарху амоментқәеи рыррацәара ахәаԥшцәа хәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи  ахнахит.  

Сара ахаангьы исымбаӡацызт ахәыҷқәа абас, имҵысуа, ҭыԥк аҿы итәаны, рыла ааихмырсыӷьӡакәа, аинтерес ду аарԥшны акы иахәаԥшуа. Иаамсҭашәоу, ахымҩаԥгашьа иақәшәо ацгәаба ахәыҷқәа зегьы ргәы иақәшәеит, урҭ агәырӷьареи аччареи рзаанагеит.   Аиҭага акәзар, уи убас иԥшӡаны, аиумор аҵаны инагӡан, амультфильм ахәыҷқәа ракәым адуцәагьы ргәы иҭымҵәо ацәанырра бзиақәа рызцәырнагеит.  Ари амультфильм ахәыҷқәа ишрызкугьы, саргьы ацгәабеи уи аҩызцәеи изыниаз-изынԥаз аилкаара сагәыланахалеит.   «Амагә зшьоу Цгәаба» 6+ ҳәа қәрала азкызаара аазырԥшуа арбага амоуп, аха уеизгьы, автор араҟа даара аҵак ду змоу атемақәа дырзааҭгылон. Ажәытә лакә иҿыцу аԥхьараҿы ацгәы ачарҳәара иақәшәоит, уи инамаданы иара ахатә гхақәа еилнакаауеит, агәнаҳарақәа ранажьреи агәнаҳа аҵыҵреи рзы амҩақәа аԥшаауеит. Ахҿыхреи ахамеигӡареи  акыр аамҭа еиԥҟьаз, еилагаз аизыҟазаашьақәагьы реиҭарҿиара алшоит.

Амультфильм адублиаж Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿаҵа ала акиностудиа «Аԥсныфильм» аҿы иҟаҵоуп. Ари аԥшьгара аԥсуа бызшәеи акультуреи рыҿиара адгылара аҭара иазырхоуп.  

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы  Гәында Кәыҵниа ишеиҭалҳәаз ала, амультфильм «Амагә зшьоу Цгәаба» – рхатәы аԥсуа бызшәа ала амультфиль иахәаԥшырц зҭаху рзы ҳамҭаны иҟоуп.

«Ҳара уажәаԥхьагьы амультфильмқәа рдублиаж ҟаҳҵахьан. Уажәы аԥсышәала иҳарцәажәеит «Амагә зшьоу Цгәаба». Аиаҭагара аус адырулон Виачеслав Аблоҭиа напхгара зиҭоз акоманда ду. Амультфильм сааҭки бжаки ицоит. Ҳара иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп иҵегьы еицырдыруа афильмқәеи амультфильмқәеи рдублиаж аҟаҵара», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Адублиаж арежиссиор – Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа. Уи иажәақәа рыла, амультфильм «Амагә зшьоу Цгәаба» залхыз уи даара аинтерес ахьаҵоуи иахьшыҩрҵагоуи рзы ауп.

«Аԥсуа бызшәа аиталиатә фильмқәа еиҳа иақәшәоит. Убри аҟнытә есымша еиҳа аԥсуа бызшәа ианаало гәаҭаны афильмқәа алаҳхуеит. Усҟан аматериал еиҭашьақәгыланы аԥсуа цәаҩа ахыланы иҟалоит. Уажәы, иаагозар, ҳара ҳҿы ирхианы ишьҭоуп америкатәи афильм «Ишԥаӷьычтәу миллионк». Ҳара уи цәыббрамзазы ахәаԥшцәа дырбара ҳәгәы иҭоуп.  Ари даара ибзиоу фильмуп, еицырдыруа, ипопулиару америкатәи актиорцәа лассы аԥсышәала ицәажәоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Зынӡа амультфильм аус адырулон 15-ҩык. Ароль хадақәа абжьы ахарҵон Роман Сабуа, Милана Ломиеи Леон Барчани. 

Виачеслав Аблоҭиа иажәақәа рыла, ари афильм аус адулара фымз ирылагӡаны имҩаԥысуан,  раԥхьа уи аиҭагара, анаҩс атекст асинхронизациа мҩаԥгатәын. Аперсонажцәа рдикциа автор аԥхьанатә ишихәыцыз еиԥшҵәҟьа ааныжьра, - аредакциазура инанагӡо ахыдҵа ауп. Уи аамышьҭахь актиорцәа аарыԥхьоит, аӡәаӡәала рҽанырҵоит. Акыр аҵак ду аҵоуп амонтажи амузыкеи инарыгӡо ароль, урҭ атфосфера ҷыда аԥырҵоит.

Аԥсныпресс акорреспондент ахәыԥшцәа хәыҷқәа амультфильм аҿы еиҳа иргәаԥхеи ҳәа дрызҵааит. Ахәыҷқәа гәахәарыла амульфильм ахәаԥшра аҟынтәи ироуз ацәаныррақәа ртәы еиҭарҳәеит. Убас, Владислав Ҳашба даараӡа игәаԥхеит Сан-Рикардо ақалақь аҿы Цгәабеи Кисеи ахьеицыкәашо асцена. Ари асцена инаҵшьны иазгәанаҭоит Цгәабеи Кисеи ирылоу аамсҭашәара, аҟәышра, агәеилцареи. Нестор Шаматаа иакәзар игәаԥхеит Цгәаба хамеигӡарала, акы иацәымшәакәа аҟызрцына ахьеиқәнархо асцена.  

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 170 times - Ахәаша, 02 Нанҳәа 2024 11:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.