Иҳаҩсыз 2023 - тәи ашықәс бжьымз азы анагӡара арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы иахыԥхьаӡалан 371,3 млн. мааҭ рыла еиҳаны (2023 шықәса 7 мыз рыла иахыԥхьаӡалан 1 млрд. 952,0 млн. мааҭ.).
02.Нанҳәа.2024
Ҳазҭоу ашықәс бжьымз рыҩныҵҟа абиуџьет иалагалан 2,3 млрд. мааҭ аҳазалхратә шәатәқәа.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 7 мзы рзы аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 132% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.
Атәыла абиуџьет ахь иалагалоуп 2 млрд. 323 млн. мааҭ. Аплантә рбага 1 млрд. 762,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи ахыхь иацҵаны анагӡара 560,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.