АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны 2024 шықәсазы имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазку хықәкылатәи апрограмма аиҭарақәа алагалоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара  «Ареспублика Аԥсны 2024 шықәсазы имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазку» анапхгаратә ҽҳәаракьаҿлатәи ахықәкытә программа аиҭакрақәа аланагалеит.

Аусшәҟәы адгылара мҩаԥылгеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

««Имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазку» анапхгаратә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥыза-министр идҵала иаԥҵан аусуратә гәыԥ. Уи иалалеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, аминистрцәа Реилазаара, апрофилтә министррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа, иара убас аусура иадыԥхьалан Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа. Апрограмма ашьақәырӷәӷәареи акомиссиа аԥҵареи раахыс 4 еилатәарак мҩаԥган», – ҳәа илҳәеит лара.  

Акомиссиа ала ирыдыркылеит, ашәҟәы иҭаргалеит  280 зыҳәамҭа.

«Апрограмма аҭагылазаашьа ашьашәалара азы имҩаԥгаз агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла ишьақәыргылан азеиԥш рбагақәа. Зынӡа зеицҵалыҵ 398 977 726 мааҭ рҟынӡа инаӡо аинвестициатә проектқәа  рыдгалара мҩаԥган.  Иалаҵаз арзаҳалқәа рыла иаҭаххо асубсидиақәа реицҵалыҵ 256 912 395 мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа адырра ҟалҵеит Кристина  Озган.

Акомиссиа   зыдгалара мҩаԥгаз 280 зыҳәамҭа рҟынтәи  170 аҳәынҭқарратә дгылара аҭаразы аӡбамҭа аднакылеит.

«Аминистрцәа Реилазаара иҟоу ақәҵара ала аусхкқәеи апроектқәа рыхәԥсақәеи алимитқәа ахьышьақәырӷәӷәоу инамаданы, иалкаахаз апроектқәа асубсидиақәа рзоуҳажьырц азы аусхкқәа рыла аԥаратә хархәагақәа  аиҭеихшара мҩаԥгатәуп», – ҳәа илҳәеит Кристина Озган.   

Убри аан лара лажәа иацҵо азеиԥш еицҵалыҵ аҿы алимит 100 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи аԥхьанатә иазԥхьагәаҭаз апрограмма иақәшәоит ҳәа иазгәалҭеит. Аус злоу азеиԥш лимит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭеихшара ауп, убри аан уи азы  иназыцҵоу афинансыркара аҭахны иҟам.

Иҿыцу аредакциа аҿы Апрограмма V аҟәша иаҳәоит: 

«Апрограмма афинансыркра ахыҵхырҭаны иҟоуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа. Урҭ рзеиԥш еицҵалыҵ 100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә абарҭ аусхкқәа рынагӡара азы аиқәыршәагақәа раахәара азы иҟалаз ахарџьқәа рхарҭәаара азы аҳәынҭқарратә финанстә дгылара ахь иазырхахоит:

1) анапҟазареи жәлар рнапҟазареи – 2 493 640 мааҭ;

2) ааглыхреи амаҵзурақәа рынагӡареи – 33 561 574 мааҭ;

3) азеиԥш крыфарҭақәа русура – 19 847 286 мааҭ;

4) атуризм – 44 097 500 мааҭ». 

 

 


Read 58 times - Ахәаша, 02 Нанҳәа 2024 17:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.