АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2024

Аминистрцәа Реилазаара ахықәкытә программа «Ареспублика Аԥсны агәабзиарахьчара асистема акадртә еиқәыршәара» аиҭакрақәа аланагалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара 2024 шықәсазы ахықәкытә программа «Ареспублика Аԥсны агәабзиарахьчара асистема акадртә еиқәыршәара» аиҭакрақәа аланагалеит. Аусшәҟәы  адгалара мҩаԥигеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Аминистр анапхгаратә хықәкытә программа  аҿы  егьырҭ афакультетқәа рахь ииасыз ҩыџьа астудентцәа «ахәышәтәра аус» азанааҭҵара ала Ҟәбинатәии Ставропольтәии амедицинатә университетқәа рҿы актәии ахәбатәи акурсқәа рҿы аҵара зҵо ҩыџьа егьырҭ астудентцәа рыла рыԥсахразы ажәалагала ҟаиҵеит.

Иара убас амедицинатә ҵараиурҭақәа, аклиникатә ординатура аҿы аҵара зҵо рсиа  «апсихиатриа», «арентгенологиа», «апедиатриа» азанааҭқәа рыла хҩык ардинаторцәа рыла  иацҵаны ихарҭәаахоит. Урҭ рҵара аҳәынҭқарратә финансркра 2024 шықәса раахыс имҩаԥысуеит.

«Абарҭ зегьы – ҳара даараӡа иаҳҭаху азанааҭқәа роуп», - ҳәа иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр.

Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа апрограмма анагӡаразы уаанӡа иазԥхьагәаҭаз афинанстә хархәагақәа рлемит иахысуам, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба. 

 

 

 


Read 49 times - Ахәаша, 02 Нанҳәа 2024 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.