АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2024

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аинвестициатә еиҩызара ахарџьқәеи ахашәалахәқәеи иалкаау аҳасаббара аԥҟара шьақәнаргылоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аинвестициатә еиҩызара азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан анагӡара хықәкыс иҟаҵаны, Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа хадақәа рыла хазы игоу ауснагӡатәқәа рынагӡара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.  

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра иадҵоуп афинансқәа Рминистрра ақәыршаҳаҭны аинвестициатә еиҩызара ахарџьқәеи ахашәалахәқәеи иалкаау аҳасаббара  аԥҟара ашьақәыргылара.

Аиустициа Аминистрра иадырҵеит Аинвестициатә еиҩызара аҟазаара зырҵабыргуа аусшәҟәқәа, аԥҵара арыцхә, аиқәшаҳаҭра абжьаҵара арыцхәи уи аномери, аиҩызара напхгара азҭо анапхгаҩы, мамзаргьы анапхгаҩцәеи,  уҳәа атәы зҳәо  аинформациа ахьыҵәаххо анотариус илы иарбоу аинформациа аарԥшра аԥҟара ашьақәырӷәӷәара.

Ақәҵара анагӡара азы ахылаԥшра афинансқәа Рминистрреи аиустициа Аминистрреи иадҵоуп.


Read 33 times - Ахәаша, 02 Нанҳәа 2024 18:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.