Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа Москва ақалақь, Урыстәылатәи агуманитартә университет абазала 2024 шықәса ԥхынгәымза 29 инаркны нанҳәамза 11 рҟынӡа имҩаԥысуа жәларбжьаратәи апроект «Аԥхынтәи аинститут» ахы аланархәуеит.
Аделегацииа аилазаараҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аспирант Даур Хьибба, аҭоурыхдырҩы, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара Ахаҭарнакра Ахеилак алахәыла Асҭанда Киути Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи археологиеи аетнологиеи ркафедра арҵаҩы Софиа Смыри.
Апроект Урыстәыла анаукеи реиҳаӡоу аҵарадырреи Рминистрреи 2023 шықәса раахыс адунеи еиуеиԥшым атәылақәеи арегионқәеи рҟынтәи қәрала иқәыԥшу аҭҵааҩцәеи арҵаҩцәеи рзы иаԥҵоу, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә университет ашьаҭала еиҿкааз Асоциалтә Центри раԥшьгаралеи иҟарҵо адгылареи инагӡахоит.
Апроект ахықәкы хаданы иҟоуп – аҭҵааҩцәеи арҵаҩцәеи ҳаамҭазтәи Урыстәыла аҭҵаара-дырратә шьақәгылашьа, урыстәылатәи агуманитартә наука аихьӡарақәа дырдырреи жәларбжьаратәи аҭҵаара-дырратә усеицура активизациеи.