АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Нанҳәа.2024

Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ԥхынгәымза 31 рзы имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ижәны амшьына аԥсҟы зкыз х-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ԥхынгәымза 31 рзы имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ижәны амшьына аԥсҟы зкыз х-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылеит. Ареидтә усмҩаԥгатә алагеит ашьышь, асааҭ 5 инаркны, ахәылбыҽха асааҭ  9 рҟынӡа имҩаԥысуан.  

Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа есыҽны апассаџьырцәа рыиагара амаршрутқәа рҿы аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭоит. Амчыбжь аҩныҵҟа инеиԥынкыланы амаршруттә таксиқәеи автобусқәеи рныҟәцаҩцәа иџьбароу арыжәтәи анаркотикатә маҭәашьарқәеи  рыдкылара аганахьала ареидқәа мҩаԥыргоит.

Еиҳа ипопулиару ахырхарҭақәа иреиуоуп Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҟынӡа ареис. Астационартә Амҩа-ԥыԥшырҭатә Ҭыԥ «Бзыԥ» аҿы Ареспубликатә наркодиспансер амобилтә лабораториа ыҟоуп, араҟа аспециалист Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа иааныркылаз  амашьынарныҟәцаҩцәа аҭыԥаҿы рмедицинатә гәаҭара мҩаԥигоит.

Убас, хҩык амашьынарныҟәцаҩцәа арыжәтә ыжәны ишыҟоу арҵабыргит имҩаԥгаз атест, урҭ автомашьына арныҟәцара аҟынтәи иаԥырганы административтә ҭакԥхықәра иақәыршәахеит, дара равтомашьынақәа ракәзар, мызкы иалагӡаны ахараԥсатә машьынаргыларҭа аҿы иргылахоит. Зынӡа ашьжьымҭантәи ареид амҩаԥгарала 22 пкаанҵа еиқәыршәан.

 


Read 182 times - Аԥшьаша, 01 Нанҳәа 2024 20:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.