pressadmin-2
Аслан Бжьаниеи Михаил Мурашкеи Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара асистемақәа ринтеграциа азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашәахьа, мшаԥымза 22 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаатыз Аҩбатәи Аԥснытәи амедицинатә форум алахәхаразы иааз Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ибара гәахәара дула ишидикыло азгәеиҭеит. Аслан Бжьания Михаил Мурашко ҭабуп ҳәа иеиҳәеит COVID-19 аантәи апандемиаз иҟаиҵаз ацхыраараз. Иара иажәақәа рыла атәылақәа еиныруан – Аԥсныҟа иаауан Урыстәыла аҳақьымцәа, ҩынтә аусура хнартит Атәылахьчара аминистрра агоспиталь.
«Аиҩызара иаша ахьаарԥшхо ауадаҩра, аҭагылазаашьа хьанҭа аан ауп. Арҭ аусқәа реихшьаалала игәоумҭарц залшом Аԥсны аковидаамҭатә ҭагылазаашьа аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҿы аасҭа ишеиӷьыз. Уи зегьы шьаҭаны иазыҟоу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз ҳҳақьымцәа хамеигӡара русуроуп, шәара иаҳзыҟашәҵоз ацхыраароуп. Уи зегьы азы ҭабуп ҳәа шәаҳәара ҳарааԥсом», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев дидикылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр дидикылеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев Аԥсныҟа дааит Аҩбатәи Аԥснытәи Амедицинатә форум аҽалархәразы.
Асас аԥсшәа иаҳәо, Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿу. «Амилаҭ ргәабзиара зегьы рзы аԥхьа игылоуп. Ҳара агәабзиарахьчара иадҳәалоу апроблемақәа ҷыдала хшыҩзышьҭра раҳҭоит. Аҳақьымцәа, аспециалистцәа, аҵарауаа еизаны еицәажәоит, рԥышәа еимырдоит, уи, хымԥада, алҵшәа бзиақәа аанагоит. Ари амилаҭ ргәабзиара азҩыдатәра иацхраауеит», - ҳәа аиԥылараҟны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул дидикылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҩбатәи Аԥснытәи Амедицинатә форум аҽалархәразы Аԥсныҟа иааз Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул дидикылеит.
Аиԥылараҟны агәабзиарахьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ҩ-республикак рыбжьара аусеицура иамоу аҵакы.
Аслан Бжаниа Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжаниа Урыстәылатәи АФедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит ареспублика атәылауаа зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкааразы.
«Агәабзиарахьчара аҿиараҟны илагаламҭазы, ауааԥсыра ргәабзиара ахьчараҟны илшамҭақәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкааразы», - аҳәоит аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа.
Аслан Бжьаниа Аҩбатәи Аԥснытәи Агәабзиарахьчаратә Форум иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ашәахьаҽны, мшаԥымза 22 рзы иаатит Аҩбатәи Аԥснытәи Агәабзиарахьчаратә Форум.
Афорум иалахәын аԥснытәи, урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа - аспециалистцәа, Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемикцәа, рдокторцәа, ркандидатцәа.
Афорум сасцәа дахьқәаны иалахәын: Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, Алада Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьикгаев, Приднестровиа агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҩбатәи Аԥснытәи Агәабзиарахьчаратә Форум далахәын. Уи Афорум иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәы раҳәо иазгәеиҭеит:
«Ҳаҭыр зқәу Афорум алахәцәа, асасцәа!
Асҭамыр Багаҭелиа: Ирфан Аргәын есымша дахьыҟазаалакгьы зҭоурыхтә ԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иазхиаз уаҩын.
Аҟәа. Мшаԥымза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 21 рзы Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩ, шықәсырацәа инеиԥынкыланы Аԥсны адгыларазы Сҭампылтәи Акомитет напхгара азҭоз Ирфан Аргәын иԥсы ҭазҭгьы 90 шықәса ихыҵуан.
Ирфан Аргәын иԥсҭазаара зегьы Аԥсны амилаҭтә интересқәа рыхьчара иазикит. Иара Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа рымадара арӷәӷәареи аԥсны-ҭырқәтәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи Аԥсни Ҭырқәтәылеи имҩаԥысуа ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара аҿы аԥсуа диаспора ароль ашьҭыхреи Аԥсны жәларбжьаратәи апозициақәа рыӷәӷәахареи аус аҿы илага ду алоуп.
Аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Ирфан Аргәын дзеиԥшрауаҩыз, Аԥсны иаиҭоз ацхыраара, уҳәа ртәы еиҭеиҳәеит.
«2018 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа сара насыԥ сыман Ҭырқәтәыла иҟоу Ареспублика Аԥсны Азакәанмчы змоу Ахаҭарнакра аҿы аусура. Ахаҭарнакра аусура ихадоу ахырхарҭақәа иреуан ҳдиаспора аус рыдулара. Сҭампыл иҟоу Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациа аилатәарақәа руак аҿы аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхараҳәа аисра азҵаара иалацәажәон. Ари аусмҩаԥгатә ихы алаирхәуит Аԥсны адгылара азы Сҭампылтәи Акомитет алахәыла Ерол Кәыҭелиа. Сара алшара соуит уи иҿцәажәара, иара Аԥсны адгыларазы Сҭампылтәи Акомитет аусура атәы, уи аԥызҵаз, ианаԥырҵаз, Аԥсны иарбан цхыраароу ианаҭоз, аиҳарак Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан, уҳәа атәы сзеиҭеиҳәеит. Даара ажәа ԥхақәа иҳәеит уи Ирфан Аргәын изы», - ҳәа еиҭеиҳәеит Асҭамыр Багаҭелиа.
Жәларбжьаратәи агуманитартә проект «Ақьиара Амиссиа» Аԥсны мшаԥымза 22 инаркны лаҵарамза 4 аҟынӡа имҩаԥыслоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 22 инаркны лаҵарамза 4, 2024 шықәсанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Москватәи аҳәынҭқарратә акультура Аиститут алархәны Жәларбжьаратәи агуманитартә проект «Ақьиара Амиссиа» нанагӡалоит. Апроект Аԥсны араионқәа зегьы амханакуеит.
Москватәи аҳәынҭқарратә акультура Аинститут 38-ҩык астудентцәеи арҵаҩцәеи 12 мшы ирылагӡаны актиортә ҟазареи арежессуреи рзы амастер-классқәа мҩаԥыргалоит, аинтеллектуалтә хәмарреи бреин-ринги мҩаԥыргоит, ареспублика аҿари дареи еиԥылоит, иара убас згәабзиара алшара ԥку ахәыҷқәа рзы амастер классқәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
Имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара апрограмма алахәхара азы азыҳәамҭқәа рыдкылара мҩаԥыслоит мшаԥымза 29 инаркны лаҵарамза 17 аҟынӡа.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апрограмма «2024 шықәсазы Ареспублика Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара» анагӡара азы атәыла абиуџьет аҟны иазоужьхоит 100 млн. мааҭ.
Аԥсны аекономика Аминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, алимит аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аусхкқәа рыла апроектқәа рынагӡара афинснсыркра азԥхьагәаҭоуп:
- анапҟазареи жәлар рнаплакреи – 15 млн. мааҭ;
- ааглыхреи амаҵзурақәеи – 30 млн. мааҭ;
- азеиԥш крыфара – 20 млн. мааҭ;
- атуризм – 35 млн. мааҭ.
Апарламенттә Еилакы ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара азы ахьырхәра зарӷәӷәо азакәан апроект иааиуа асессиа аилатәара ахь ахәаԥшразы анагара иадымгылаӡеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 19, ахәашаҽны имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы азакәан апроектқәа ԥшьба ирыхәаԥшит:
- «Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы»,
- «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат истатус азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 273 аиҭакра алагаларазы»,
- «Ареспублика Аԥсны анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рзы»,
- «Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан аиҭакра алагаларазы.
«Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» азакәан апроект Ареспублика Аԥсны Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкылеи Ашьаустә Закәанеидкылеи аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит.
Азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәынҵа аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Азакәан апроект имцырку ахцәажәара, даҽакала иуҳәозар ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәо, џьара акала ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыларҵәара азы ахьырхәра аҳасабала 200 нызықь мааҭ ахшәаарала 3 – 5 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара ақәҵара азԥхьагәанаҭоит.
Азакәан апроект ала иаартны ақәгыларала, мамзаргьы амассатә информациа ахархәагақәа, ма аинформациа-телекоммуникациатә ҳақәа, асоциалтә ҳа «Интернет» уахь иналаҵаны ахархәарала имцырку ахцәажәара, даҽакала иуҳәозар ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәо, џьара акала ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыларҵәара азы ахьырхәра аҳасабала 200 нызықь мааҭ ахшәаарала 3 – 6 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара ақәҵара азԥхьагәанаҭоит.
Имцырку ахцәажәара ауаҩы ихьанҭоу ацәгьоура, мамзаргьы ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоуразы ахара идҵара ацзар, иарбоу азакәан апроект ала ахьырхәра аҳасабала 200 нызықь мааҭ ахшәаарала 3 – 6 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара ақәҵара азԥхьагәаҭоуп.
Иарбоу азакәан апроект ала имцырку ахцәажәара азы ашьаустә ҭакԥхықәра аҟынтәи ахақәиҭрагьы азԥхьагәаҭоуп. Убас, ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿы зыларҵәара мҩаԥигаз егьи ахаҿы иаҳаҭыр лазырҟәуа адыррақәа аҿаԥиҽзар, заҳаҭыр ларҟәыз ауаҩы дақәшаҳаҭзар, усҟан уи ашьаустә хьырхәра аҟынтәи дақәиҭыртәуеит».
Иабоу азҵаара акыр аамҭа аҩныҵҟа алацәажәареи абжьыҭира амҩаԥгареи рышьҭахь, Аилак алахәылацәа ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара азы ахьырхәра зарӷәӷәо азакәан апроект иааиуа асессиа аилатәара ахь ахәаԥшразы анагара иадымгылаӡеит.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада ҿыц Чынгыз Раиымбеков дидикылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада ҿыц Чынгыз Раиымбеков дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла Анапхгара аофициалтә саит.
Амиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба дызлахәыз ари аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа араҟа инанагӡо апроектқәа.
Амиссиа анапхгаҩ Ҿыц атәыла аԥыза-министр ԥхьаҟатәи аусура азы иҟоу азԥхьагәаҭарақәа ртәы изеиҭеиҳәеит.
Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ареспублика аҿы имҩаԥнаго аусуа ахәшьара аҭо, Алеқсандр Анқәаб, ахәҭакахьала, уаанӡатәи Амиссиа анапхгаҩцәа ауааԥсыра рзы акыр иуадаҩыз аамҭақәа рзы агуманитартә ҭагылазаашьа аиӷьтәаразы рлагала атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.








