
pressadmin-2
2023 шықәсазы ашәахтәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет ахь иалагалаз ашәатәқәа реицҵалыҵ 5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса аихшьаалақәа рыла ашәахтәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет ахь иалагалаз ашәатәқәа реицҵалыҵ планла ишьақәырӷәӷәаз 4 млрд 318,1 млн. мааҭ рыла 5 млрд 212,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убас ала, азԥхьагәаҭаратә рбагақәа рынагӡара 121% рҟынӡа инаӡеит.
2022 шықәса иаҿырԥшны алагалара адинамика 122% рҟынӡа инаӡоит, даҽакала иуҳәозар 933,5 млн. мааҭ.
2023 шықәсазы ашәахтә лагалақәа араионқәа рҿы абасала ишьақәыгылоуп:
Ахра Кецба: автоԥгаԥса аҟамзаара азы Урыстәыла атәылауаа рзы ахараԥса 4-5 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭыхтәуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә еилазаара «Гарант-страхование» аҿы Аԥсны автоԥгаԥса ҟамҵаӡакәа урыстәылатәи аномерқәа змоу амашьынақәа рыла ареспубликаҟа иаауа рзы ахараԥса ашьҭыхразы ажәалагала ҟарҵоит.
«Ахараԥса уажәы иҟоу фышә мааҭ рҟынтәи 5 нызықь мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра хымԥадатәиуп», - ҳәа «РИА Новости» акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит аилазаара адиректор ихаҭыԥуаҩ Ахра Кецба.
Аԥсны автоԥгаԥса азы азакәан рыдыркылеит 2006 шықәсазы, аха уи анагӡарахь 16 шықәса рышьҭахь ауп ианыиас.
Ахра Кецба иажәақәа рыла, иахьа иҟоу ахараԥса ахышәа-ҵышәа автомашьынарныҟәцаҩцәа рмашьынақәа ареспублика аҿы аԥгаԥса аҟаҵаразы астимул рынаҭаӡом.
«Аԥгаԥса аҟамзааразы ахараԥса уажәы иҟоу 600 мааҭ акәымкәа 4-5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡозароуп. Ари аицҵалыҵ аԥгаԥса аахәаразы астимул рынаҭоит автомашьынарныҟәцаҩцәа. Автомашьынарныҟәцаҩ иаҳҳәап амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс дықәшәазар, усҟан ахараԥса даҽа зықь мааҭ, мамзаргьы зқьы хәышә мааҭ ацлозароуп» , – ҳәа иҳәеит Ахра Кецба.
Ауадҳара ишьҭалаз асы аҿыгҳара 1,8 метр рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны Ауадҳараҟа амҩа аркуп. Уаҟа ишьҭалаз асы аҿыгҳара уажәы 1 метр 80 сантиметри рҟынӡа инаӡоит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
Уи иажәақәа рыла, Ауадҳара уажәы асы ауеит.
«Асыԥса алеира азы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы, уахь уажәазы амҩа аркуп», - ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.
Жәларбжьаратәи онлаин-олимпиада «INGENIUM» алахәылацәа ааԥхьара рнаҭоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 7 инаркны хәажәкырамза 25-нӡа Удмурттәи аҳәынҭқарратә Университет абарҭ ахырхарҭақа рыла: агеографиа, аекологиа, абиологиа, акологиатә биотехнологиақәа, аматематика, акомпиутертә наукақәа, афизикеи иҿыцу аматериалқәеи, пилотда аус зуа атехникатә системақәеи ароботтә техникеи рыла Жәларбжьаратәи онлаин-олимпиада «INGENIUM» мҩаԥнагоит.
Аолимпиада рхы аладырхәырц рылшоит знаукатә усура аҿы иарбоу ахырхарҭақәа рыла азҿлымҳара аазырԥшуа Урыстәыла атәылауаҩра змам, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи астудентцәеи ауниверситетқәа роушьҭымҭацәеи.
Аҳазалхыҩцәа 10 нызықь инареиҳаны асигареҭ рымхра мҩаԥыргеит Аҟәатәи амшынтә баӷәаза аҿы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа 10 нызықь инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ рымхра мҩаԥыргеит Аҟәатәи амшынтә баӷәаза аҿы.
Ажьырныҳәамза 29, 2023 шықәсазы аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Аҟәа» амшынтә пункт аҿы аԥсыӡкратә ӷба «Хопулу Осман» агәаҭараан Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа ирыԥшааит ашәҟәы иҭагаламыз 10 520 (526 асигареҭҭра) сигареҭ.
Аҭаҭынаалыҵ рымхра мҩаԥган. Административтә зинеилагара азы аусеилыргара хацыркуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара наӡа 105 штаттә акқәа рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 2023 шықәсазы атәыла Анапхгара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара наӡа 105 штаттә акқәа рҟынӡа инаӡоит.
Аԥснытәи амцарцәаҩцәа Бобруиск имҩаԥысуа иаарту атурнир рхы аладырхәраны иҟоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бобруиск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп есышықәса еиҿкаахо амцарцәаҩцәа-аԥсеиқәырхаҩцәа рыҟәшеиҵақәа рыбжьара иаарту атурнир. Уи азы адырра ҟанаҵоит аинформациатә Маҵзура «БЕЛТА».
Атурнир абар шьҭа 20-нтәи имҩаԥысуеит ажьырныҳәамза 17 - 20 рзы. Уи азанааҭтә ныҳәа – Аԥсеиқәырхаҩ Имш иазкхоит.
Атурнир иалахәхоит Белоруссиа, Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 14 командак. Урҭ еиуеиԥшым аиндаҭларақәа: анапылампыл, ашьапылампыл-маҷ, амцарцәаратә спорт, уҳәа рҿы еицлаблоит.
Аӡәы ахәрақәа иоуит Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр иахҟьаны.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡәы ахәрақәа иоуит Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр иахҟьаны.
Иҟоу адыррақәа рыла, амашьына аԥсҟы зкыз имашьына изаанымкылакәа амҩа зырлашо ашьаҟа даахеит.
«Ажьырныҳәа» азгәаҭара – «аԥсуаа рзы жәытә-натә аахыс традициала иаауа қьабзуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 14 рзы Аԥсны иазгәарҭоит «Ажьырныҳәа». Уи – аԥсуаа рзы жәытә-натә аахыс традициала иаауа қьабзуп. Атеологиа адоктор, архимандрит Дорофеи (Дбар) Феисбук аҿы идаҟьа аҿы бзыԥтәии абжьыуатәии Ашықәс Ҿыц азы аныҳәарақәа рвариациақәа ртәы аниҵеит.
Актәи 1855 шықәсазы раԥхьатәи аԥсуа етнограф Соломон Ажәанба (1809-1855 шш.) ила ишьақәырӷәӷәан, аҩбатәи – 1899 шықәсазы аҭоурыхҭҵааҩы, арккаҩы Џьанашьиа Николаи Семион-иԥа (1872-1918 шш.) ила.
Соломон Ажәанба: «Шьашәы Абжьныха. Уи аԥсуаа бжь-хаҿык иманы дадырбоит, Абжьныха ҳәагьы ишьҭоуп. Ари анцәахәы есышықәса имҵаныҳәоит ажьицәеи аихаҟазацәеи. Ашықәс Ҿыц аламҭалазы (ажьырныҳәамза 13, иулиантәи амзар ала – аред. АП азгәаҭара) ахәылбыҽха, ажьи ашьтәа ишьуеит, уи иԥшәмаԥҳәыс ажьира иадгыло рыцԥхьаӡа арбаӷьқәа, ма ақәытқәа лшьуеит, ачашыла иалхны ачашә ду лӡуеит. Ашьтәа ажьы ржәуеит, арбаӷьқәа аҵәы иахаҵаны ирӡуеит, ачашәгьы рӡуеит. Зегьы аныхиахалак ашьҭахь, ажьи имаругақәа ажьираҿы инаганы аԥсынгьери ааигәара ишьҭеиҵоит; уахь инаргоит идырхиаз афатәгьы, аҭаацәагьы еизоит.
Аныҳәара иалаху аҭаацәа зегьы ажьираҿы ишьамхышгылоит, ажьи иакәзар, ихылԥа ааихыхны ацәашьы аиркуеит, асаҟәмал ажьирахь инагаз акәиц иалеиҵоит, анаҩс аныҳәара далагоит. Дныҳәаны данаалгалак ашьҭахь, иара еизаз ашьтәеи арбаӷьқәеи ргәи-ргәаҵәеи ачашәқәеи ргьама дирбоит. Ажьираҿы иныҳәо аҭаацәа доусы афатә агьама анырбалак ашьҭахь иныҳәа-ныԥхьаны хԥа-хԥа ҿамҩа аҩы еиқәаҵәа ржәуеит. Убас ала, аныҳәара ианалгалак ашьҭахь, изыхныҳәаз афатә-ажәтә зегьы ажьира аҟынтәи аҩныҟа инаргоит. Араҟа аԥшәма агәыла-азла наидгаланы аишәа иахатәоит. Крырфоит-крыржәоит, игәырӷьоит-иччоит. Убри аан дара ажьира анцәахәы Шьашәы иҳәоит дрыцхраарц азы».
Нико Џьанашьиа: «Ҳаамҭазтәи аԥсуаа рдинхаҵара аҿы иналукааша аҭыԥ ааннакылоит ажьира акульт, уи ажьырныҳәа, даҽакала иуҳәозара ажьира амҵаныҳәара» ҳәа иашьҭоуп. Зқьышықәса уажәаԥхьа аԥсуаа зыгәра ргоз рынцәахәқәа дыруаӡәкуп Шьашәы. Аԥсуаа ажәытәан ишхарҵоз ала, Шьашәы ажьирақәеи ажьицәеи рынцәахәы иакәын. Ажьира анцәахәы – Шьашәы-хьаҳ – ахьтәы аҳ Шашәы. Абжьааԥны Ажьырныҳәа аԥсуаа иазгәарҭоит ажьырныҳәамза 13 ауха, Ажәытә амзар ала ашықәс ҿыц аналаго амш азы. Уи џьоукы-џьоукы агырцәа ртермин ала «Хьычхәама» ҳәа иашьҭоуп. Убри аан иазгәаҭатәуп, «Ажьырныҳәа» аԥсуаа аӡәырҩы Ашықәс ҿыц ашьҭахь раԥхьатәи рымшшьара азы, амра анҭашәалак ашьҭахь ишазгәарҭо.
Ажьырныҳәамза 13 рзы ихыркәшахеит амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…».
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 13, 2024 шықәсазы К.С. Станиславскии В.И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Музыкатә театр аҿы, нанҳәамза 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаатыз Амузыкатә фестиваль ду «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит» аркра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит афестиваль апресс-маҵзура.
Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка сценак аҿы илыцқәгылеит Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз Актәи Жәларбжьаратәи аконкурс алауреатцәа Алексеи Кулагин, Ольга Маслова, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Ливеи Хоу, Екатерина Савинкова, Мариа Лупариова, Артуш Полеиан, Дамир Садуахасов, Жаргал Цырендагбаева, Елизавета Пахомова, Гульдана Алдадосова. Афестиваль аркра иҷыдоу асас иаҳасабала аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Сон Чи Хун.
Урыстәыла, Китаи, Ҟазахсҭан, уҳәа атәылақәа рҟынтәи абаҩхатәра злоу ашәаҳәаҩцәа аурыс композиторцәеи аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәеи иаԥырҵаз ариақәа нарыгӡеит. Аконцерт мҩаԥнагеит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр. Адерижиор –Ариф Дадашев.
Ахәылԥаз арежиссиор — Урыстәыла жәлар рартист Алеқсандр Титель.
Аопертә сцена иҩацхахо аиаҵәаџьқәа злахәыз аныҳәатә гала-концерт ала ихыркәшахеит Урыстәыла, Аԥсны, Ҟазахсҭан, Белорусиа еиеуеиԥшым ақалақьқәа рҿы имҩаԥысуаз, акыраамҭа зҵазкуаз амузыкатә марафон.