Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҟаиҵаз адҵа ала Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ареспублика амҩақәа рҿы ирӷәӷәоу арежим ала ареидқәа мҩаԥыргоит.
Ареидқәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра идҵоуп Автоҳәнҭинспекциа Аусбарҭа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡбеи араионтә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәеи.
Араионқәа зегьы рҿы аинспекторцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа. Арыжәтә адкылара азы агәаҭарақәа есыҽны имҩаԥыргоит.
Ижәны амашьына аԥсҟы акра азы раԥхьаӡа иаанкылоу амашьынырныҟәцаҩцәа ирықәҵахар алшоит 30 нызықь мааҭ ахараԥса ашәареи 6 мыз рыҩныҵҟа амашьына арныҟәцаразы азин рымхреи. 15 мши-ҵхи аҭакреи амашьынарныҟәцаразы азин амхреи рықәҵахоит амедицинатә гәаҭара ахысра мап ацәызкуа. Аҩынтәраан иаанкылахаз амашьынарныҟәцаҩцәа убасҵәҟьа административтә хьырхәреи шықәсык иалагӡаны атранспорттә хархәага аныҟәцаразы азин рымхреи рзыԥшуп.
Ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа рхьырхәра иазку ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара азы урҭ рмашьынақәа ахараԥсатә машьынаргыларҭақәа рахь инагахот.
Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа иара убас амашьына арццакра арежим ақәныҟәара, амашьына аргылара аԥҟарақәа, ашәарҭадара амаҟақәа рныҟәгара, автомашьына асаркьақәа рыԥшшәыхәыркра анормақәа, уҳәа гәарҭоит.
Акурорттә раионқәа рҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит атакси аныҟәцаҩцәа русура. Урҭ алицензиа амазаара, ахәыҷтәы автокреслоқәа рыҟазаара, анорма ахыхь апассаџьырцәа рыиагара, уҳәа аганахьала игәарҭоит.
Асабша, нанҳәамза 17 рзы иаарԥшын амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалаз 344 факт. 11-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны иҟан. Дара зегьы автомашьына арныҟәцаразы азин рымхуп, рмашьынақәа ракәзар, ахараԥсатә ргыларҭа аҿы иргылоуп.