Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы Давид Сангәылиа 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нонна Дорофеи-иԥҳа 100-шықәса лхыҵратәи либиулеи лыдиныҳәалеит.
Давид Сангәылиа аветеран агәабзиареи агәамчи лзеиӷьаишьеит.
«Ҳара шәҭаацәа рыгәҭа шәбара даараӡа ҳаигәырӷьоит. Даҽа акыр шықәса агәабзиареи агәамчи шәыманы шҳамазааит, агәалаҟазаара бзиа шәыманы Аиааира Дуӡӡа Амшныҳәа шәаԥылалааит!», - ҳәа иҳәеит Давид Сангәылиа.
Нонна Дорофеева диит Урыстәылатәи Афедерациа Орловтәи аобласт Спицинка ақыҭаҿы. Лара зынӡа дқәыԥшӡан Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аналагоз.
Афронт ахь дцеит усҟан аус ахьылуаз азауад аҟынтәи, анаҩс аҳаиртә полк аилазаараҿы Берлин ақалақь аҟынӡа днаӡеит. Аибашьраҿы дшыҟаз Аԥснытәи афицар Иван Дорофееви лареи еибадырит, аҵыхәтәаны еибагеит. Убри нахыс лара Аԥсны дынхоит.