Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 – 19 рзы Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы Нхыҵ Уаԥстәылантәи иааз аҳақьымцәа «ахәыҷтәы дабла чымазара» ҳәа зчымазара шьақәыргылоу ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥсуан.
Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» амедицинатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Нхыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа иааит ԥшьҩык ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа: атравматолог–аортопедцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа Георги Чибирови Маирбек Плиеви, ахәыҷтәы анастезиолог–реаниматолог, амедицинатә наукақәа ркандидат Роланд Биченов, ахәыҷтәы кардиохирург, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахаҭарнак Заза Хугаев.
Аԥҟарақәа мҩаԥысит апроект аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны. Актәи етап аҿы ахәыҷқәа ирыхәаԥшит, игәарҭеит, анаҩс ахирургиатә знеишьазы иалԥшаан. Уажәы 11-ҩык зҵыргәа-ныҟәаратә система еиуеиԥшым апатологиақәа змоу ахәыҷқәа рыԥҟарақәа мҩаԥыргахьеит.
Ахирург Георги Чибиров ипациент хәыҷы Анита лҭаацәа аспециалистцәа аараны ишыҟоу атәы еилыркааит Афонд «Ашана» аҿы аус зуа џьоукы рҟынтәи. Аӡӷаб хәыҷы лшьапқәа рҿы иуадаҩыз аԥҟара мҩаԥыргеит. Уи лан Марҭа Чанач-оглы аҳақьым иҟазара азгәалҭеит:
«Аҳақьым инаигӡаз аԥҟара ашьҭахь сыхәҷы инагӡаны лҵыргәа-ныҟәаратә система аиҭашьақәыргыларазы алшара ҟалеит. Лара шьҭарынхыс уаанӡа еиԥш адәахьы данныҟәаз ирласны дшааԥсалоз еиԥш дааԥсалаӡом, лхалагьы аныҟәара далагоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, сагьақәгыӷуеит зегьы маншәалахап ҳәа, избан акәзар издыруеит сара даара иӷәӷәоу ачҳареи ахықәкынагӡареи злоу ахәыҷы дсымоуп, насгьы акыр ззанааҭ бзианы иаздыруа аҳақьымгьы дҳақәшәеит», – ҳәа илҳәеит лара.
Атравматолог–ортопед Маирбек Плиев хылҵышьҭрала Нхыҵ Уаԥстәылантәииуп, аҳабла хәыҷы Фиагдона диит. Аҵара иҵон Владиавказ, Амедицинатә Академиа аҿы, анаҩс Курган, зхатә клиникатә база ала еицырдыруа, академик Г. А. Илизаров ихьӡ зху атраватологиеи аортопедиеи рзы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә Центр аҿы азыҟаҵара дахысит:
«Сара даҽа тәылак ахь сцаны уаҟа аоперациақәа рымҩаԥгара даара сазҿлымҳан. Аԥсныҟа сара уажәрада смааӡацызт, иазгәасҭарц сҭахуп иаразнак аҩны сыҟоушәа ацәанырра шсызцәырҵыз. Даараӡа исгәаԥхеит ауаа рхымҩаԥгашьа, реизыҟазаашьа – аҳақьымцәа, апациентцәа. Аԥсны инхоит даараӡа згәы ҳалалу ауаа! Амедицинатә персонал акәзар – сара урҭ акыр сдыргәырӷьеит! Шьҭа иажәхьоу ахәышәтәырҭа аҿы аус шыруагьы, ргәы карыжьӡом, русура ҳәоуеиқәшәарала ишьақәгылоуп. Сара даҽазнык шәара шәахь ааԥхьара соур, гәахәара дула уи сыдыскылоит», – ҳәа иҳәеит Георги Плиев.
Ахәыҷтәы кардиохирург Заза Хугаев ас еиԥш аусеицуреи аԥышәеимадареи Аԥсны азы еиԥш, Нхыҵ Уаԥстәылазгьы акыр аҵанакуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Неироортопедиа – ахирургиа аҿы иҿыцу ахырхарҭаны иҟоуп, уи 10 шықәса роуп иахыҵуа, – егьырҭ ажәақәа рыла иуҳәозар, ари Ахәыҷтәы дабла чымазара ахирургиа ауп. Ауаажәларра адырра рыҭалатәуп ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара аҟаҵара шьҭарнахыс ишалыршахо, еиҳа ирацәаны ауаа ирдыруазароуп ацхырааразы иҟоу аметодқәа ртәы, уи ахархәара рылшаратәы. Ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа, аиашазы хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рыԥсҭазаара аиҭакра рылшоит. Хымԥада ауаа ирзеиҭаҳәалатәуп, урҭ ирдыруазароуп ҳаамҭазтәи амедицина аҿы иҟоу хра злоу аиҭакрақәа ртәы», – ҳәа иҳәеит иара.
Заза Хугаев, уи азы алшара шааҟалалакгьы анеирохирургцәа Аԥсныҟа иаараны ишыҟоу иҳәеит.
«Ҳара ҳаара аҵак ду аҵоуп, шәара ҳашьцәа шәоуп, ҳара ҳаицхырааралоуп», - ҳәа иҳәеит иара.