pressadmin-2
Аҟәатәи аӡҭарчы аҿы Москва 876-шықәса ахыҵра Амш азгәаҭара инамаданы, аӡысразы ахәыҷтәы еицлабрақәа мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи олимпиатә ӡҭарчы аҿы Москва 876-шықәса ахыҵра Амш азгәаҭара инамаданы, аӡысразы ахәыҷтәы еицлабрақәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Москва Аҩны» апресс-маҵзура.
Зынӡа аицлабрақәа рхы аладырхәит 11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, иара убас 12 шықәса инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа, аӡысразы аҭыԥантәи асекциақәа рҟынтәи 45-ҩык аспортсменцәа.
«Ҳара зегьы иаадыруеит асовет аамҭа азы аӡытә спорт хкқәа Аԥсны акыр алаҵәара шрымаз. Убри аҟнытә даараӡа ишьахуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит уи иахьа аиҭаҿиара иахьаҿу. Ари аус аҿы рлагала дууп атренерцәа, дара ахәыҷқәагьы, жәаҳәарада ари аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара алзыршаз зегьы. Сара агәра сгар сҭахуп, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны иарбоу аспорт хкы еиҳа-еиҳа апопулиалра шаиуо, насгьы хара имгакәа алшықәсанык аӡысра аҽазыҟаҵара азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы шаԥҵахо», - ҳәа аусмҩаԥгатә аартуа иҳәеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны адиректор хада Александр Бигәаа.
Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз амашәыртә хҭыс иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Жданов имҩала игылоу ахатәы ҩны аҿы амашәыртә хҭыс ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҭҟәацра ҟалеит, уи иахҟьаны ҩыџьа ауаа рыԥсҭазаара иалҵит, аӡәы ахәышәтәырҭахь днагоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Иҷыдоу аҭагылазаашьа азы адырра Аминистрра ахь иҟалеит 11 сааҭи 40 минуҭи рзы. Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак амҩа иқәлеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша, амедицинатә ҟәша аусзуҩцәа, иара убас аԥсеиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи.
Уахь днеит аԥсеқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахадагьы Лев Кәыҵниа», - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.
Бадра Гәынба аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара иазкны араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аиԥылараҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара Амш 15-шықәса ахыҵреи ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҩагара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа нанҳәамза 26 рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыпланқәа инарҭбааны адгалара мҩаԥыргеит.
Ажәхәқәа инарықәыршәаны, араионқәа рҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концертқәа, ацәыргақәҵақәа, аконкурсқәа, атурнирқәа, аибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәеи рҳаҭгәынқәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониақәа.
Аныҳәақәа раламҭалазы апаркқәеи абаҟақәеи рҭеиҭыԥш арҽеира иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Иара убас аибашьра аветеранцәа рԥыларақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Аҳәынҭқарратә комиссиа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы азыҳәамҭақәа аԥхьанатә ишьақәырӷәӷәаз абиуџьет аасҭа акыр иахьеиҳахаз инамданы, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иаанхаз аобиектқәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа, иара убас иааиуа ашықәс азы хымԥада реиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Кавказ аиқәырхаразы аибашьра 80-шықәса ахыҵра иазкны Пыв аҩхааҿы игылоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз асовет аруаа рбаҟа аартра мҩаԥгахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Кавказ ахьчаразы аибашьра 80-шықәса ахыҵра инамаданы, Пыв аҩхаа аҿы игылоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз асовет аруаа рбаҟа аартра мҩаԥгахеит. Имҩаԥысит иара убас абаҟа амҵан иҭаҵәаххо, еиҵагыло абиԥарақәа рзы аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҩу ацҳамҭа «аамҭа акапсула» аҵаҵара иадҳәалоу ацеремониа.
Афонд «Платформа» анагӡаратә директор Дмитри Статеинов иажәақәа рыла, абаҟа аиҭашьақәыргылара Кавказ ахақәиҭразы аидыслара 80-шықәса ахыҵра иазку аҭоурых-арра-патриоттә проект «Кавказский фронт» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.
«Абаҟа аиҭашьақәыргылара хацыркын ԥхынгәымза агәазы, уи ҩымчыбжь-хымчыбжь заҵәык рыла иалыршахеит. Иара Урыстәыла Приволжтәи Афедералтә округ аҿы Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчуки атәылахьчареи акультуреи Рминистррақәа рҟынтәи иҟаҵаз адгылара иабзоурахеит. Владимир Литвинчук ишазгәеиҭаз ала, абаҟа аиҭашьақәыргылара иазкыз аусура акыр иаруадаҩуан аҭыԥ иуадаҩу арелиеф, иара убас лассы-лассы иҟалоз амшцәгьарақәа. Иара абаҟа аиҭашьақәыргылараҿы акырӡа ацхыраара ҟарҵеит атәылахьчара Аминистрра, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, акультура Аминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны», афонд «Аԥшааратә отриадқәа Реидгыла», абылтәы еилазаара «Аԥсны-Оил», Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк.
Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа, Афедералтә ҳәынҭқарратә унитартә Наплакы «Центральные научно-реставрационные проектные мастерские» (Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра) адиректор иабжьгаҩ Владимир Метельков, афонд «Аԥшааратә отриадқәа Реидгыла» аофициалтә хаҭарнак Алеқсеи Зоров, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра рхаҭарнакцәа, урыстәылатәи аруааи аԥснытәи аруааи, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи ахаҭарнакцәа, аветеранцәа Рхеилак, абыргцәа Рхеилак, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аитәылауаа Рхеилак рхаҭарнакцәа, аҿар, ареспублика асасцәа.
Абаҟа аартра ацеремониа алагеит аҳаҭыртә карул аргыларала. Анаҩс игеит Аԥсни Урыстәылеи ргимнқәа, Кавказ ахақәиҭтәраан иҭахаз минуҭктәи аҿымҭрала ҳаҭырла ргәалашәара. Уи ашьҭахь ажәахә ҟаҵо дықәгылеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа. Уи Пыв аҩхааҿы абаҟа аартра акырӡа зҵазкуа хҭысуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Ахақәиҭра аагаразы зхы ақәызҵаз иреиӷьу Аԥсны аҵеицәеи аҭыԥҳацәеи. Урҭ фырхацәан рыԥсы анҭазгьы, ус иагьаанхоит ҳара ҳгәалашәараҿы», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Ануа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа дырԥылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа рԥылараан далацәажәеит ҳтәыла акәша-мыкәша иҟоу актуалтә политикатә ҭагылазаашьа, Аахыҵ Кавказ арегион аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашаьқәа, ҳпартниор хада – Урыстәылатәи Афедерациа азыҟазаашьаҿы аԥыжәара змоу азҵаарақәа ртәы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҷыдала дазааҭгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара:
«Урыстәыла 2008 шықәса раахыс Аԥсны 110 миллиард мааҭ афинанстә цхыраара анаҭахьеит. Урҭ рҟынтәи 30 миллиард мааҭ – инвестициатә программоуп изҵазкуа, абиуџьеттә инвестициақәа ҳәа ишьоуп.
Даҽа 40 миллиард мааҭ – аулафахәқәа роуп. Абиуџьетбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуам аҽа 40 миллиард мааҭ – атәанчахәқәа. Атәанчахәытә цхыраара аҳасаб ала ҳтәыла иаиуеит шықәсык аҩныҵҟа 4 миллиард мааҭ. Ииасыз амзазы 24 400-ҩык ҳтәылауаа ироуит урыстәылатәи атәанчахәытә шәарақәа. Ари бжьаратәла мызкы 300 миллион мааҭ инаӡоит. Аԥсуа тәанчахәы 500 мааҭ роуп иҟоу. Атәылауаҩ урыстәылатәи атәанчахәы имоуазар, иара шәарак аҳасаб ала изыршәоит 2500 мааҭ. Атәанчахәы, иреиҵоу анхаралшаратә зыԥҵәа, 10 000 мааҭ аҟынӡа инаӡарц азы абиуџьет аҿа миллиард мааҭ аҭаххоит. Ар реиҭарҿыцра акәзаргьы иақәхарџьтәуп миллиард мааҭ еиҵамкәа аԥара. Иара убасҵәҟьоуп ишыҟоу егьырҭ аусхкқәа – агәабзиарахьчара, раҵарадырра уҳәа рҟынгьы. Напеиқәыԥса атәара алшом. Иԥшаалатәуп ахыҵхырҭа ҿыцқәа».
Инал Арӡынба иҳәеит уаанӡа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи еицырзеиԥшу Ар рыхәҭа аԥҵаразы алшара ахы иашамырхәаз, Очамчыра араин аҿы арартә қалақь аиҿкаара шалыршамыз.
«Иҳалшои иҳалымшоуи анализ рзыҟаҳҵалароуп, аҭагылазаашьа шьаҿак ԥхьаҟа ҳаԥысны ахә ҳшьалароуп, ацәаныррақәа аԥыжәара рыҭара ахәҭам. Урҭ ҳара шьҭахьҟа ҳдыргьыжьуеит ауп. Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿы сусураан сара знымзар зны исмаҳаит Аԥсны аекспансиа аӡәы иҭахны».
Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьаз азҵаара аҭак ҟаҵо Арӡынба иҳәеит Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәхҭратә еикәыршара 2,5 млрд. рҟынӡа ишхалаз, Урыстәыла Қырҭтәылаз хәаахәҭратә партниорны ишыҟоу, Қырҭтәылагьы аекономикатә интересқәа адгылара шрырҭо.
Арӡынба иара убасгьы дазааҭгылеит ақырҭуа диаспора Урыстәыла русура.
«Адунеитә економикеи адунеитә политикеи – еиндаҭло усхкқәоуп. Аиндаҭлараҿы уаҵахар, иуылымшар жәларбжьаратәи апроцессқәа рҳәаа уахцахоит» ҳәа иҳәеит аминистр.
Иара иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рыстратегиатә ԥеиԥш ахаҭабзиара амазароуп ҳәа.
Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир “Ажәларқәа реиҩызара”.
Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 23 – 24 рзы Аҟәа ақалақь, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы имҩаԥысуан зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара». Атурнир 2014 шықәса инаркны есышықәса имҩаԥысуеит.
Аицлабрақәа рхы аладырхәит 2008 - 2009, 2010 - 2011 и 2012 – 2013 шш. рзы ииз арԥарцәа, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи, иара убас Урыстәыла (Адыгеиа, Даӷьсҭан, Ҟабарда-Балкариа, Краснодартәи атәылаҿацә, Москватәи аобласть, Шәача ақалақь, Чувашиа) рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
Ҩымш имҩаԥысуаз аицлабрақәа рышьҭахь Аҟәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа зхы иақәиҭу аиқәԥара асекциа аспортсменцәа рыбжьара абасала еихшахеит:
Аԥышәатә режим ала аусура иалагеит аелектронтә интернет-портал «Абхазия.РФ».
Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети азхаҵара ҟалеижьҭеи 15- шықәса аҵра инамаданы, Аԥсны аԥышәатә режим ала аусура иалагеит аелектронтә интернет-портал «Абхазия.РФ».
Амедиапроект «Аԥсни Урыстәылеи» ауаажәларратә еидгылара акультуреи аспорти адгылара аҭаразы Агәыҳалалратә Фонд «ЮнОлимп» (ақ. Москва) ацхыраарала «Аԥсны иқәынхо аурысцәа рхеилак» ала иаԥҵоуп.
Абизнесуаҩ Ҭемыр Заркуа иҿцәжәара иабзоураны, адомен «Абхазия.РФ» аԥсны-урыстәылатәи аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи Аԥсны аинформациатә ҿиареи рзы Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны иқәынхо аурысцәа рхеилак» ахантәаҩы Роман Риазанцев хәыда-ԥсада иаҭан.
Григор Оганиан Таиланд имҩаԥысуаз К-1 азы апрофессионалтә турнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиндаҭлара аҿы Германиатәи аиндаҭлаҩ дииааит.
Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акикбоксинг Афедерациа ҭаҷкәымла аисратә клуб «Чемпион» ааӡамҭа Григор Оганиан Таиланд имҩаԥысуаз К-1 азы апрофессионалтә турнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиндаҭлара аҿы Германиатәи аиндаҭлаҩ анакаут ала дииааит.
«16 шықәса зхыҵуа Григор Оганиан диԥылеит 27-шықәса зхыҵуа Германиатәи аиндаҭлаҩ, уи анакаут ала дииааит. Хә-раунд рыла ишьақәгылараны иҟаз аиндаҭлара, ҩ-раундгьы нагӡаны имҩаԥымсӡеит», – ҳәа иҳәеит аспортсмен изыҟаҵаҩ, Аԥсны кикбоксинг Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ Нико Сааков.
Константин Косачиов: Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи адгылара аҭара аганахьала абсолиуттә консенсус шыҟац иаанхоит иахьагьы.
Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азгәаҭара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аделегациа идикылеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟан – Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Косачиови Афедерациа Ахеилак атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Чижов. Аиԥылара аартуа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит: «Ҳара ҳгәырӷьара ҳацеиҩышәшарц шәахьаҳзааз даара гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ҭоурыхла аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Ҳара аԥсуа жәлар рмилаҭтә хаҭара аиқәырхара аҿы Урыстәыла иҟанаҵо адгылара ҳаҭыр ду ҳзақәуп», - ҳәа иҳәеит Апарламент Аиҳабы. Иара Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыжәларқәа рганахьала иамоу апринципиалра зныԥшуа ипозициа азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Гагра ақалақь аҿы амшын иҭаз аԥсшьаҩы ахбаҩ-лашатә ааха иоуит.
Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 24 рзы Гагра ақалақь аҿы амашәыртә хҭыс ҟалеит. Аскутерныҟәцаҩ аӡытә мотоцикл дақәтәаны мшынла дышнеиуаз аӡы иҭаз аԥсшьаҩы диаахеит. Аԥсшьаҩы ахбаҩ-лашатә ааха иоуит.
Гагра ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ааха зауз аԥсшьаҩы Аҟәа ақалақь Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит. «Ааха зауз аԥсшьаҩы асабрада иҿаҵаны аӡааҟәрыла ҟаиҵон. Уи зны аӡы дхылон, ӡных иҽӡааиҟәрылон. Аскутерныҟәцаҩ уи дизгәамҭаӡакәа диӷрысит.
Иаарту ахбаҩ-лашатә ааха зауз аԥсшьаҩы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь днаргеит. Уаҟа иара иҭагылазаашьа гәарҭеит, ахьаахәыга иларҵеит, анаҩс ареанимобиль ала Аҟәаҟа, Ареспубликатә хәышәтәырҭа анеирохирургиатә ҟәша ахь ддәықәырҵеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Адамыр Цышба.