pressadmin-2
Аҟәа ақалақь ахада Москва ақалақь аҿы ацәыргақәҵа Сomtrans 2023 даҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо Аҟәа ақалақь Ахадара аделегациа аусуратә визит ала Москва ақалақь аҿы иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.
Ақалақь ахада ицуп уи ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиеи Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
Иахьа аделегациа цәыббрамза 5 – 8 рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь, «Экспоцентр» аҿы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа Comtrans 2023 иаҭааит. Ацәыргақәҵа апартниор хаданы иҟоуп «КамАЗ».
Аҟәа ақалақь Ахадара аҭаххрақәа рзы иҷыдоу атехникеи автобусқәеи раахәаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир К-1 ачемпион имаҟҿаҳәага занашьахаз Григор Оганиан иԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир К-1 ачемпион имаҟҿаҳәага занашьахаз, Аԥсны акикбоксинг Афедерациа ҭаҷкәымла аисратә клуб «Чемпион» ааӡамҭа Григор Оганиан иԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә Еилакы асаит. Аспортсмен ааигәа, нанҳәамза 18 рзы Таиланд Акралра ақалақь Пхукете аҿы имҩаԥысыз К-1 азы апрофессионалтә турнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиндаҭлара аҿы Германиатәи аспортсмен анакаут ахь дишьҭит.
Григор Оганиан зыкапантә категориа 71 кьыла иҟоу рыбжьара жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир ачемпион имаҟҿаҳәага аиура иҽаԥсаитәит.
«Григор, уареи сареи ҳаибадырра агәахәара ду снаҭоит. Ҳара ааигәаӡоуп уқәгылара ателехәаԥшрала ҳанахәаԥшуаз, уаҟа уара умч-улшара ахьынӡаҳаракыз аабеит, 27-шықәса зхыҵуаз Германиатәи аспортсмен ииааира улшеит. Гәыкала иудаҳныҳәалоит иугаз аиааира. Ҳара ҳаигәырӷьоит уара зегьы ҳбираҟ ахьыдурбаз, ҳаспортсменцәа шаҟа азыҟаҵара бзиа шрымоу», – ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.
Иара аспортсмен иазыҟаҵаҩ Нико Сааков аспортсмен қәыԥш идибалаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, ами алшареи ахачҳареи, ас еиԥш иҟоу ааӡамҭацәа рацәаны изеиӷьаишьеит.
Аспортсмен иреспублика азы агәырӷьареи агәадуреи шинырыз азгәеиҭеит.
«Сара аиааира агара ахьсылшаз, среспублика абираҟ ари астадион аҿы ашьҭыхра ахьалыршахаз даара сеигәырӷьоит. Аиндаҭлара маншәаланы, ҳагәҭакқәа инарықәыршәаны имҩаԥысит», - ҳәа иҳәеит Григор Оганиан.
2023 шықәса нанҳәамзазы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иахыԥхьаӡалахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса нанҳәамзазы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иахыԥхьаӡалахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан 273,7 млн. мааҭ. Аҳазылхратә шәатәқәа рыплантә рбага нанҳәамза, 2023 шықәсазы 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аплантә рбага нанҳәамзазы 130% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Нанҳәамза, 2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аҳазылхратә шәатәқәа ралагалара аизак 94,3 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (нанҳәамза, 2022 шықәсазы – 262,6 млн. мааҭ).
Аԥсуа культура IV Афестиваль «Аԥсны» цәыббрамза 24 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа культура IV Афестиваль «Аԥсны» цәыббрамза 24 рзы Москва ақалақь, абаҳча «Ермитаж» аҿы имҩаԥысуеит.
Афестиваль амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – асасцәа Аԥсны атрадициақәа, амилаҭтә культуреи аҭоурыхи рырдырра, иара убас сынтәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵреи азгәазҭо атәыла аҿиара ҳаамҭазтәи асахьа дырбара.
«Истильрку аԥсуа ишҭа-гәара аҿы афестиваль асасцәа аԥсуа жәлар рыбзазара атрибутқәа рбара, амузыкатә инструментқәа рыла ахәмарра, иара убас амилаҭтә деликатесқәа ргьама абареи рылшоит.
«Апоет имҩа»: Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иаатит Мушьни Лашәриа ииубилеи иазку афотоцәыргақәҵа.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, цәыббрамза 5 рзы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи ирызку афотоцәыргақәҵа аатит Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы.
Афотоцәыргақәҵа ианыԥшуеит апоет иԥсҭазаара еиуеиԥшым апериодқәа: Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Евгени Евтушенко, Алеқсандр Твардовски, Андреи Вознесенски, уҳәа реиԥш иҟаз аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩцәеи еицырдыруа апоетцәеи ашәҟәыҩцәеи иналукааша аҵарауааи иареи реиԥыларақәа, иара убас иҳараку аҳамҭақәа ранашьара иазку ацеремониақәа.
Афотоцәыргақәҵа аартуа Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, Аҟәа ақалақь аҿы иналукааша аԥсуа поет Мушьни Лашәриа ииубилеи инамаданы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.
Аԥсны аусура иалагеит атехнологиатә мастер-классқәа рмарафон.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса цәыббрамза 5 инаркны цәыббраза 12 аҟынӡа Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол № 1 аҿы 5-11 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы имҩаԥыслоит атехникатә хырхарҭа змоу аҵарадырратә мастер-классқәа рмарафон «Амобилтә технопарк».
Амастер-классқәа мҩаԥнагоит ақалақь Набережные Челны (Урыстәылатәи Афедерациа, Ареспублика Ҭаҭарсҭан) ахәыҷтәы технопарк акоманда «Кванториум».
Амарафон аартуа, ахәыҷтәы технопарк «Кванториум» адиректор Иулиа Фукина иааз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит:
«Бзиала шәаабеит ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, даара сеигәырӷьоит атехникатә хырхарҭақәа рыла амастер-классқәа рмарафон «Амобилтә технопарк» аартраҿы шәбара. Уи шәара шәзы имҩаԥыргоит ақалақь Набережные Челны аҟынтәи ахәыҷтәы технопарк акоманда «Кванториум».
Ахәыҷтәы технопаркқәа – ари Урыстәыла зегьы иахьаҵанакуа ҷыдала иаԥҵоу, зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку аиқәыршәагақәа рыла еибыҭоу аплошьадкақәа роуп. Урҭ иҿыцу, зыквалификациа ҳараку анџьныртә кадрқәа разыҟаҵара, аинновациатә технологиақәеи аидеиақәеи ралагалареи рԥышәареи реиқәыршәареи аус рыдуреи иазырхоуп. Урҭ Урыстәыла иназыцҵоу аҵарадырра асистема иалагалоуп», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Анаҩс ашколхәыҷқәеи аҵаҩцәеи идырбан апроект «Амобилтә технопарк» иазкны иҭыхыз аинформациатә видеонҵамҭа.
Амарафон – ари Аԥсны ашколхәыҷқәа ҳаамҭазтәи анаука атехнологиаҳаракытә хырхарҭақәа рахь ринтерес аизырҳара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рсериа ауп.
«Абри ахықәкы анагӡаразы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷтәы технопарк акоманда ала авиртуалтә реаллра, аеромоделҟаҵара, аԥырҩыда иԥыруа аппаратқәа, ароботтә техника, ацифратә дизаин, 3D-модельҟаҵара, акосмосттә технологиақәа, акосмонавтика, анеиронттә интерфеисқәеи soft-skills рыпроектҟаҵара, уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рыла амастер-классқәа еиқәдыршәеит», – ҳәа илҳәеит Иулиа Фукина.
Анаҩс ажәа иҭан Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов. Уи ари атехнопарк Урыстәыла иҟоу рыбжьара иреиӷьу атехнопаркқәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Лаша Ашәба: Ашкол дарбанзаалак ауаҩы илахьынҵаҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны ашколхәыҷқәеи астудентцәеи арҵаҩцәеи Адыррақәа рымш рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала аҵарашықәс ҿыц алагамҭа шәыдысныҳәалоит!
Ацәыргақәҵа «Урыстәыла – ҩ-дунеик» аатит Аҟәа ақалақь иҟоу Москва Аҩны аҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿыханҵатә усумҭақәа рцәыргақәҵа «Урыстәыла – ҩ-дунеик» Аԥсны аурыс культура Амшқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәахьа, цәыббрамза 4 рзы Аҟәа ақалақь иҟоу Москва Аҩны аҿы иаатит.
Араҟа ицәыргақәҵахеит москватәи аҿыханҵаҩцәа Наталиа Баженовеи Татиана Ошурковеи русумҭақәа. .
«Сара аԥышәа ду сымоуп аурыс культура Амшқәа Черногориа, Польша, Болгариа амҩаԥгарала, уажәы уи харҭәаахоит Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла алахәыла, ашәҟәыҩ Владимир Делба иажаәлагалала зымҩаԥгара аԥшьаҳгаз Аԥсны аурыс культура Амшқәа рымҩаԥгарала. Еиқәҳаршәеит «Аԥснытәи алитературатә тетрад» аномер ҷыда. Иаҳкьыԥхьит 21-ҩык ашәҟәыҩцәа раԥҵамҭақәа. Аха Владимир Делба ашәҟәыҩҩра анаҩсгьы дахьсахьаҭыхҩу, сара сакәзар, Москва асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла сахьалаху инамаданы, ҳара ахәаԥшцәа ирыдаагалар ҳаӡбеит абжьаратәи абиԥара иаҵанакуа асахьҭыхыҩцәа иахьатәи рыԥшаарақәа - аконструктивизм, аимпрессионизм. Арҭ аусумҭақәа иарбан биԥаразаалакгьы иаҵанакуа зегьы рзы аинтерес аҵазар алшоит», - ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо илҳәеит урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы, ажурнал «Литературные знакомства» аредактор хада Лола Звонариова.
Абесалом Кәарҷиа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Абесалом Кәарҷиа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵазааит Кәарҷиа Абесалом Алықьса-иԥа», - ҳәа иаҳәоит цәыббрамза 4, 2023 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аусԥҟа атекст аҿы.
Џьансыхә Нанба Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵура аҟынтәи ихы дақәыиҭтәуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Џьансыхә Нанба Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵура аҟынтәи ихы ақәыиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭызааит егьи амаҵурахьы ииагара инамаданы», - ҳәа иаҳәоит аусшәҟәы аҿы.