Нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы Урыстәыа Ахада (усҟан иҟаз Дмитри Медведев иакәын – аред.) Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа ахҳәаақәҵаразы ргәаҳәара ҳасаб азуны, жәларбжьаратәи адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит. Медведев иҟаиҵаз ааԥхьараҿы иазгәеиҭеит: «Ауаԥс жәлари аԥсуа жәлари рхы иақәиҭны рҿы иадырҳәаз агәаҳәара ҳасаб азуны, Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаара Аԥҟаԥҵәа аԥҟарақәеи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо жәларбжьаратәи азин апринципқәа ирызку 1970 шықәсазтәи адекларациеи, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи ирызку аилацәажәара 1975 шықәсазтәи Хельсинктәи ахыркәшаратә акти, егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи адокументқәеи инарықәыршәаны – сара снапы рыҵазҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсныи рхьыԥшымрақәа шазханаҵо азы Аусԥҟақәа».
Дмитри Медведев иааԥхьара Урыстәылатәи афедералтә каналқәа рыла ианырышьҭ аамышьҭахь, Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иеизо иалагеит, абраҟа игылоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иблыз уаанӡатәи Аиҳабра рыҩны аҿаԥхьа. Сааҭқәак рыла ашҭа уаала иҭәит, жәанызқьҩыла ҳауаажәлар ааит арахь Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтә. Ажәлар ргәырӷьара ҳәаак амамызт, икәашон, ишәаҳәон, игәыдеибакылон, акыраамҭа жәлары зегь ззыԥшыз ҳтәыла ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш еидырныҳәалон.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит усҟан Аԥсны Ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь, иара убас атәыла аиҳабыра, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аԥсны ахы иақәиҭызтәуаз. Ашҭаҿы ныҳәаран. Сергеи Багаԥшь еизаз ажлар дрыдныҳәало ари амш атәылеи ажәлари рыԥсҭазаараҿы аҭоурыхтә ҵак ду змоу мшны иаанхоит ҳәа иҳәеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара — ари аԥсуа жәлар зегьы рџьабаа иалҵшәоуп, ари амш ҳтәылеи ҳажәлари рыԥсҭазаараҿы аҭоурыхтә ҵак ду змоу мшны иаанхоит. Ари зеиӷьаҟам аныҳәа ҳара иахьатәи амш аҟынӡа изымнеиз ирзаҳкуеит. Зыԥсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз аҵеицәа зааӡаз анацәа рҿаԥхьа схырхәоит. Аԥсны зегьы иахьа ари аныҳәа азгәарҭоит. Ҳара ари аиааира акыр шықәса ҳыззыԥшыз, ҳыззықәԥоз ауп. Ашәышықәсақәа иргәылганы аԥсуа жәлар иааргаз ргәазыҳәара иахьа иҟалеит», – ҳәа Ахақәиҭра Ашҭаҿы еизаз ажәлар рахь ихы рханы иҳәеит Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.
Сергеи Багаԥшь иахьа Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҿы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы ирыдыркылаз аӡбамҭа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аганахьала раԥхьатәи шьаҿоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара ҷыдала иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аԥыза, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба инаигӡаз ароль. «Владислав Арӡынба ахааназ ҳҭоурых ианхало, иналукааша амилаҭ рԥыза, иахьатәи Амш азы иԥсҭазаара зегьы ззикыз, ижәлари иԥсадгьыли рхьыԥшымра азхаҵара раԥхьатәи ашьаҿа ҟалеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
«Сара иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациеи ари аҳәынҭқарра дуӡӡа Ахада Дмитри Медведеви Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа ахҳәаақәҵаразы ргәаҳәара ҳасаб азуны, жәларбжьаратәи адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны ҳара ҳзы насыԥ дуны иҟалаз аӡбамҭа ахьрыдыркылаз», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахьыԥшымра ахзаҵара инамаданы хымш аныҳәатә ԥсшьарамшқәаны ирылеиҳәеит. «Ҳара арҭ амшқәа рзы доусы ҳкабинетқәа ҳаарыҩныҵны ауаа ҳарԥылалоит, зџьабаала ари ахьыԥшымра аазгаз ҳрыҿцәажәалоит», - ҳәа иҳәеит Сергеи Багаԥшь.
Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иадҳәалаз аполитикатә акт ареспублика астатус ихьыԥшым иазхаҵоу аҳәынҭқарра аҩаӡара аҟынӡа ишьҭнахит. Цәыббрамза 9, 2008 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы алаҳәара ҟарҵеит, цәыббрамза 14 рзы аофициалтә визит ала Аҟәаҟа дааит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Сергеи Лавров Аԥсныҟа иҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аԥҵара азҵаара аӡбара алыршахеит.
Цәыббрамза 17, 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҵакыраҿы урыстәылатәи арратә база аҟазааразы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчаразы Аиқәшаҳаҭра, иара убасгьы аҳәынҭқаррабжьаратәии аиҳабырабжьаратәии адокументқәа жәпакы рнапаҵыҩра мҩаԥысит.
Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь инақәырццакны егьырҭ атәылақәа рыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵарақәа ҟалеит. Убас, цәыббрамза 5, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҩбатәи тәыланы иҟалеит Ареспублика Никарагуа. Шықәсык ашьҭахь, цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра аофициалла иазханаҵеит Боливарианттәи Ареспублика Венесуела, ԥхынҷкәынмза 15, 2009 шықәсазы – Ареспублика Науру, лаҵарамза 23, 2011 шықәсазы – Ареспублика Вануату, цәыббрамза 18, 2011 шықәса рзы – Ареспублика Тувалу. Лаҵарамза 29, 2018 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәылатә Арабтәи Ареспублика.
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу быжь-ҳәынҭқаррак – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.