pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит.  Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит Ахада ицхыраагӡатә фонд, аиҳабыра рыцхыраагӡатә фонд, егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыҟнытә социалла ихьчам ауааԥсыра ирыҭоу ацхыраара аус. 

Иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз социалла ихьчам ауааԥсыра адгылареи ацхыраареи рыҭара абиуџьеттә система хадара злоу аныхтәқәа рахь иаҵанакуеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. 

 «2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраагӡатә фонди Аминистрцәа Реилазаареи аҟнытә хәҭақәак  рыла ҳтәылауаа 181 млн мааҭ рҟынӡа рзоужьрала ацхыраара рыҭан. Ус еиԥш ацхыраара зауз 2 011-ҩык рҟынӡа инаӡоит».  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. 

2020 шықәса инаркны Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи атәылахьчара Аминистрреи рбиуџьеттә финансыркра хәҭа-хәҭала аизҳара мҩаԥысуеит. 

3 шықәса рыла, 2020 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа, атәылахьчара Аминистрра азы аныхтәқәа 357 млн. мааҭ рҟынтәи  716 млн.  мааҭ рҟынӡа иазҳаит. 2024 шықәсазы иарбоу Ахылаԥшырҭа афинансыркра   730 млн. мааҭ рҟынӡа иазԥхьагәаҭоуп», - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. 

Аҟәа ақалақь Наӡаӡе лымҩала амашәыр зхылҿиаар алшо аҩны аҟынтәи ауааԥсыра даҽаџьара рнырхара азы  2023 шықсазы 284,6  млн. мааҭ азоужьхеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.   .

«Ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа аԥҵан, иарбоу аҩны аҿы инхоз зегьы ирыхәҭаз ашәатәқәа рызшәан. Аԥаратә хархәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара абиуџьет ахь инашьҭхон, анаҩс ауааԥсыра дара иахьырзыманшәалоу акоммерциатә банкқәа рҿы ахаҿытә ԥхьаӡара рзаартрала ирзоужьхон.   108-ҩык ауадақәа зтәыз аԥара роуит», –  ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смырԥҳеи Урыстылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимовеи ҭелла реиҿцәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.   

Динара Смыр Ольга Лиубимова Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ахәҭа аиҳарак абылра инамаданы Аԥсны иаиуз ацхырааразы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.

«Ҳара ҳреспублика иуадаҩу амомент аҿы ианыҟала аамҭазы ҳзықәшәаз арыцҳара аҿы Шәара иҳашәҭаз адгылареи ацхыраареи рзы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит», – ҳәа илҳәеит Динара Смыр.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан   Бжьаниа усуратә визитла  Москваҟа дцеит.

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны   Урыстәылатәи  Афедерациаҟны имҩаԥысраны иҟоуп амчхаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа злахәу аиԥыларақәа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура аихшьаалақәа ирызкын аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ашәахьа, ажьырныҳәамза 29 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥигаз анҭыҵтәи аусуратә еилатәара.  

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит 96 цәгьоура, урҭ рахьынтә иӷәӷәоу ацәгьоурақәа – 31. Иаартуп 88 цәгьоура ( 91,6%).

Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аусеилыргарахь иаднакылеит  41 шьаус, еилыганы аӡбарҭахь идәықәҵан  30 шьаус.

Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа Амаҵзура ацхыраарала имҩаԥган 150 аӡбаратә процессқәа, урҭ рахьынтә 60 акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа. Еиқәыршәоуп 288 административтә  пкаанҵақәа.

Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы иаадырԥшит 5708 амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Ижәны амашьына аԥсҟы акразы еиқәыршәан 390  административтә пкаанҵа. 218-ҩык автотранспорттә хархәага аныҟәцаразы азин аршаҳаҭга рымхуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк иахьаҵанакуа амҩа 29-тәи акилометр аҿы  иҿыбгеит.

«Ахҭыс ҟалеит ашьыжьымҭан. Аха асааҭ 12:00 рзы амҩа аадыртуеит. Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк аусзуҩцәа амҩа арыцқьара иаҿуп», - ҳәа Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.  

Аҟәа. Ажьырныҳәаза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵарауаа ҿарацәеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иаҵанакуа аинститутқәа хаҭарнакра рзызуа аҵарауаа ҿарацәа идикылеит.

Аиԥылара иалахәын иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа,  Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.

Аҳәынҭқарра Ахада аҵарауаа ҿарацәа аԥсшәа раҳәо, Аԥсны аҳәынҭқарратәраҟны аҭҵаарадырра инанагӡо ароли иаанакыло аҭыԥи азгәеиҭеит.

«Аҳәынҭқарра – шәарҭа ыҟамкәа, ҳҵас бзиақәа рықәныҟәарала ҳаҿиара ахьымҩаԥысуа ҳаҩноуп. Ҳара уаҵәтәи амш шәарҭа амамкәа иааирц азы мчыс иҳамоу ҳдыруазароуп. Абри атәы рҳәалароуп аҭҵаарадырра аусзуҩцәа», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара убас аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аҭҵаарадырреи аекономикеи реимадара атәы.   «Иҳамоу еилкаатәуп, ари аимадара ҭышәынтәалазарц азы иҟаҵатәу, аекономикаҟны иҟоу апроблемақәа рыӡбара иазкызарц азы. Аекономикатә суверенитет алыршара – зегь ирыцку уснагӡатәны иҟазароуп», - иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аиҳабыра алахәцәеи араионтә Администрациақәа рхадацәеи злахәыз аилацәажәара

Ажьырныҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәцәа,  араионтә Администрациақәа рхадацәа, Апарламент адепутатцәа, аӡбаратә уаажәларра ахаҭарнакцәа алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада - Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада дазыӡырҩит атәылахьчара аминистрра 2023 шықәсазтәи аусура алҵшәақәеи ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭаны ирымоу ауснагӡатәқәеи.

Атәылахьчара аусбарҭа Ахада адырра ҟаиҵеит арбџьар мчқәа аибашьратәи  аоперативтә ҽазыҟаҵарақәеи шымҩаԥысуазы, аԥсуа ар рыҿиара ахырхарҭа хадақәеи рзы.

«Аибашьратә шәарҭадара ахьчара - атәыла анапхгареи ауааԥсыреи  рзы акрызҵазкуа зҵаароуп. Украина ицо, аҭыԥ змоу арратә ҭагылазаашьа ҳасаб рзуны аибашьра ахацыркразы иҟоу аҭагылазаашьа есааира иацлоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, убри аан, инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла арбџьар мчқәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра хымԥадатәны ишыҟоу.

Владимр Ануа адырра ҟаиҵеит арбџьар мчқәа ҳаамҭа иақәшәо атехникалеи бџьарлеи ишеиқәшәоу, адгьылҵакыратә хьчара аштабқәа шеибыҭоу, иара убас арратә инфраструктура шеиӷьтәу азы.

Аслан Бжьаниа азҵаара шьҭихит арезервтә бригадақәа русбарҭақәа рышьақәыргыларазы. "Ҳара акраамҭа уи ҳазнеиуан. Уажәазы иаԥҵоуп аибашьраан ақалақьқәеи араионқәеи рыдгьылҵакырақәа рыҟны еиҿкаахо арезервтә бригадақәа быжьбеи аполки. Арҭ абригадақәа аҭынч аамҭазы еснагь аус рулоит, аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, иазԥхьагәаҭоу аҿҳәараан арратә зырхиара рымазаауеит",-иҳәеит иара, Адҵаҟаҵаҩ хада иҭабуп ҳәа иаҳәо ари азҵаара адгылара ахьаиҭо азы.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.