Иара убас иахьа, нанҳәамза 31 рзы «Белаиа» аӡиас аԥшаҳәаҟны астела «Уфа – аџьа афырхаҵара ақалақь» амҵан имҩаԥысит аԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирызкыз ааԥхьара зныз «Аамҭа акаԥсула» ашьҭаҵара.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны дықәгылеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа.
«Аԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирызку ааԥхьара зныз «Аамҭа акаԥсула» ашьҭаҵара иазку ари аусмҩаԥгатә аҭакԥхықәра ду ацуп, угәы архыҭхыҭуеит.
Асимволтә ҵакы амоуп абри аныҳәатә усмҩаԥгатә иахьалахәу еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа. Агәра згоит иахьатәи Ацҳамҭа ҵаҵӷәы хаданы ишамоу ажәларқәа реиҩызара, аԥхьаҟатәи абиԥарақәа реизҳазыӷьаразы аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа ҭынч мҩала арҿиара.
50 шықәса рышьҭахь «аамҭа акапсула» анаадыртуа Башкортостан аҳҭнықалақь 500 шықәса ахыҵуеит. Гәыҩбара ыҟам иахьагьы Урыстәыла ақалақь ԥшӡақәа ируаку Уфа аҿиарамҩа ишану, ашәышықәсабжа анаҩс еиҳагьы ишыӷьацо, зтехнологиа ҳараку қалақьны ишыҟало, Башкорҭосҭан Ареспублика ажәлар Урыстәыла ду ажәларқәа рҭаацәара агәҭаны ҭынч инхо-инҵуа ишыҟало.
Аҩызцәа, иахьатәи аныҳәа шәыцеиҩыршоит Аԥсны атәылауаа. Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьа аиҩызаратә ҟазшьа амоуп, активлагьы аҿиара иаҿуп. Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Уфа иқәынхо ауаажәларра, иара убас Башкортостан Ареспублика зегьы зеиӷьыҟам аиубилеи. Ақәҿиарақәа, аизҳазыӷьара!"