Шәышықәсатәи аҭоурых змоу ари аиҿкаара адунеитә информациатә наӡааӡараҟны иналукааша аусбарҭақәа ируакуп. Шәара шәусбарҭа аинформациа аларҵәараан аиашара, аоперативтәра, ганкы адымцәылара рзы изҿыԥштәу акоуп.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп ҳреспублика иадҳәалоу ахҭысқәа раарԥшразы. Ҳара ҳазгәдууп Аԥсны Афырхаҵа, ТАСС афотокорреспондент Александр Соловиов Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан змаҵура анагӡараан аиашеи ақәнагеи ихы ахьрықәиҵаз. Уи ифырхаҵареи изанааҭ иазыҟазаашьеи хашҭра рықәӡамкәа ҳгәалашәараҿы инхоит», ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ТАСС аветеранцәеи аусзуҩцәеи агәабзиара, агәамч, арҿиаратә еихьӡарақәа, анаҩстәи русқәа рҿы аманшәалара рзеиӷьаишьеит. «Урыстәыла Аинформациатә телеграфтә усбарҭа аветеранцәеи аусзуҩцәеи ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа, аԥхьаҟагьы шәнапы злаку аусқәа рыҟны ақәҿиарақәа! Шәыпрофессионализм аринахысгьы ақәнагеи ҳажәларқәа реиҩызара арӷәӷәареи ирызкызааит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.