Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Уфа 450 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз «Аамҭа аӡиас» УСА Уфа-Аҟәа. Нанҳәамза аренаҟны атетартә қәгылара аҟазшьа змаз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны жәлар рыхьӡала Аҳәынҭқарра Ахада Башкорҭасҭан Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы Уфа ақалақь аԥҵоижьҭеи 450 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит:
Аслан Бжьаниа иқәгылараҟны иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа, акыр иаԥсоу аҩызцәа! Аԥсны жәлар рыхьӡала Башкорҭасҭан Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы ирыдысныҳәалоит Уфа ақалақь аԥҵоижьҭеи 450 шықәса аҵра Амш.
Исыцу сколлегацәагьы саргьы ҳзы ҳаҭыр дууп ара аҟазаара, аныҳәа шәыцеиҩаҳшартә аҭагылазаашьа ахьҳамоу. Аԥсни Башкорҭосҭани акыршықәса раахыс аиҩызара рыбжьоуп, уи хацыркын ҳтәылазы иуадаҩыз аамҭазы. Аԥсны ирхашҭӡом 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Башкириа иҟанаҵаз хәы змаӡам ацхыраара, фатәылеи амедицинатә цхыраареи, ҳҿар рзы ареспублика иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аҵарахьы рыдкылара. Абар шьҭа 30 шықәса ҵуеит Аҟәа амҩақәа руак «Башкириа» ҳәа ахьӡ ахуижьҭеи. Хәарада, ари абашкир жәлари аԥсуа жәлари ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа ирдыргоуп.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа, Аԥсни Урыстәылеи иҷыдоу, астратегиатә ҟазшьа змоу аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа аус рыцура ҳара ҳзы аҵак дуӡӡа амоуп. Аԥсни Башкорҭосҭани ирыбжьоу аиҩызара ари шьахәла ианыԥшуеит. Акыр шықәса ҵуеит шьҭа Аҟәеи Уфеи аиашьара зыбжьоу қалақьқәаны иҟоуижьҭеи. Иахьа ҳаҟан, иаабеит аҟәатәи аколоннада аиԥш зеиԥшу аргылара ахьымҩаԥысуа «Белаиа» аӡиас аԥшаҳәаҟны.
Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари аидеиазы. Агәра ганы сыҟоуп ари архитектуратә ргыламҭа ҳажәларқәа риашьара символра азызуа ак акәны ишыҟало.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Азин сышәҭозар, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәа ду! Уфа ақалақьи Башкорҭасҭан Ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьи ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аҿиара, аизҳазыӷьара. Алга, Башкорҭосҭан!»