pressadmin-2

pressadmin-2

Аԥшьаша, 25 Ажьырныҳәа 2024 14:33

«АЗиД» абылтәы аужьҭра еиҭалагеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәы еилазаара «АЗиД» аофициалтә саит аҿы абылтәы зҭаз авагонқәа аҳәаа иахыҵны Аԥсныҟа иалалеит ҳәа адырра ҟаҵоуп.  Убри инамаданы, иахьа, амш аҩбатәи азыбжа азы  етап-етапла «АЗиД» Абылтәыҭаҭәарҭатә Станциақәа раартреи абылтәы аужьҭреи ирылагоит. Иара убас акорпоротивтә клиентцәа рыхсаалагақәа рхарҭәаара азы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 10 рзы абоксиор Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы диԥылоит аԥышәа змоу урыстәылатәии адунеитәии атитулқәа рыпретендент Ваге Саруханиан (20-3-2, 4 КО). Икариера иалагӡаны Ваге Саруханиан Џьованни Страфона, Игнасио Мендос, Карлос Кордобу, уҳәа реиԥш иҟоу зыхьӡ нагоу абоксиорцәа дрыцлабхьеит, убас ала уи аԥышәа ду шимоу азгәаҭатәуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аиҳабы Русҭам Бжьаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла,  2023 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ашәҟәы иҭагалан  36 цәгьоура. Урҭ рахьынтә иаартын 32 цәгьоура (88,9%).  2022 шықәсазы иҟалеит  40 цәгьоура, иаартуп– 35.

Иӷәӷәоу ацәгьоурақәа 12 ҟалеит иҳаҩсыз  2023 шықәсазы, иаартуп – 9.  2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан  11 иӷәӷәоу ацәгьоурақәа, иаартуп – 8.

Еиҵахеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭазыргыло ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара.

2023 шықәсазы араион аҿы ашәҟәы иҭагалан атәым мал аӷьычра иадҳәалоу ацәгьоурақәа ҩба.  

Араион аҿы изакәанымкәа абџьар ахархәара, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра, амбжьахра, уҳәа реиԥш иҟоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵахара убаратәы иҟоуп, ҳәа иазгәеиҭеит Русҭам Бжьаниа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет аофициалтә саит аҿы иаатит Аԥсни Урыстәылеи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа алахәыла, асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа ронлаин-цәыргақәҵа «Аибашьцәа рпортретқәа».   

«Иарбоу онлаин-цәыргақәҵа Ареспублика Аԥсны акультура Аминистрреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети  Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет иԥшааху аҟазарақәа Ринститут асахьаркыра-графикатә факультет арҵаҩцәеи русеицураҿы раԥхьатәи шьаҿаны иҟалоит», - ҳәа иаҳәоит Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет аофициалтә саит адаҟьа аҿы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа арратә хәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи атәылахьчаратә Хылаԥшырҭа ашьҭаҵарҭақәеи рҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аинспекциатә гәаҭара ахықәкы хаданы иҟоуп: арратә нхарҭақәа реиқәыршәазаара агәаҭара, аруаа рыбзазаратә ҭагылазаашьеи архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рырратә зыҟаҵара аҩаӡареи ргәаҭара.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылара иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа рхыԥхьаӡареи урҭ рҭагылазаашьеи, иара убас асахьақәа ррестоврациа мҩаԥызго атәы ахаша, ажьырныҳәамза  24  рзы ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Сариа Маршьан.

Уи лажәақәа рыла, еиқәхаз асахьақәа ахьнагаз С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр ареквезиттә зал аҿы абар ҩымшуп урҭ реиқәыԥхьаӡара мҩаԥысуеижьҭеи.   Реиқәырхара алыршахеит 200 инарзынаԥшуа асахьаҭыхыҩцәа Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габлиа, Виссарион Ҵәыџьба рсахьақәа.  Асахьақәа рышәҟәҭагалара ашьҭахь И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахь ииагахоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  идикылеит Адоуҳа-иашахаҵаратә центр «Вятский Посад» ахада Геннади Цуркови Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада  Виссарион Аплиааи.

Аиԥылараҿы аиашахаҵаратә, иааизакны акультуратә традициақәа реиқәырхареи реихаҳареи рганахьала аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы агәынамӡара зызцәырҵыз абылтәы еилазаарақәа рхаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит.   

Дара рахь дцәырҵит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр  Џьансыхә Нанба.

«Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ҳҿы абылтәы инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зегьы, атәыла анапхгарагьы уахь иналаҵаны, агәҭынчымра рызцәарнагеит. Ари Апарламент аплошьадка аҿы аԥснытәи абылтәытә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи адепутатцәеи ҩынттәи реиқәшәара ауп. Ареспублика анапхгара ари азҵаара аӡбаразы иалшо зегьы ҟанаҵоит.  Ҳара баша ари азҵаара ахала иӡбахоит ҳәа ҳазыԥшӡам, ҳара иҳалшо ала уи аӡбара ҳҽазаҳшәоит.  Аҩаша (ажьырныҳәамза 30 рзы – аред. АП азгәаҭара) Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниеи сареи Москваҟа ҳаиццараны ҳаҟоуп.  Уаҟа  Урыстәыла анапхгара иалоу ахаҿқәеи ҳареи иарбоу азҵаара налаҵаны хадара злоу егьырҭ аҳәынҭқарратә зҵаарақәагьы ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Аҳәынҭқарратә музеи аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы амитинг мҩаԥысит.    Уи алагаанӡа Аԥсны акультура аусзуҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа асквер аҿы анышә иамадоу раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны амца иалаблит Амилаҭтә галереиа афонд аҟынтәи асахьақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны иҟаз Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа зегьы.  

Амитинг иалахәыз ажьырныҳәамза 21  ауха Аԥсны амилаҭтә культура иазыҟалаз атрагедиа гәалсра дула иалацәажәеит.

«Иахьа ҳара ҳзеизаз зынӡа иҟамлараны иҟалаз ахҭыс бааԥсы азы ауп. Амца иалаблит Зыԥсадгьыл азааԥсара зыԥсҭазаара зегьы азызкыз иналукааша ҳкультура аусзуҩцәа аӡәырҩы рџьабаа. Иҟоуп жәларык иртәу аусумҭақәа, аха иҟоуп иара убас ажәларқәа иртәу аусмҭақәагьы. Афранцызцәа ирҭахын Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе дыфранцыззар, аурысцәа – доурысзарц, ақырҭцәа–дықырҭуазарц. Аха иара даԥсыуан, убасгьы иҳәон: «Сара сыԥсыуоуп, слахьынҵеи сырҿиареи зегьы сыжәлар ауп издысҳәало. Сара схаҭа сзымцаргьы, ма сусумҭақәа Сыԥсадгьыл ахь исышьҭуеит». Убасҵәҟьагьы иагьыҟаиҵеит иара, аха ҳара урҭ ҳзымыхьчеит умҳәозар.  Ааи, ахыбра блит, аха ҳара Амилаҭтә галереиа аиҭарҿиара аидеиа мап ацәаҳамкыроуп. Агәкажьразы азин ҳамаӡам, агәыӷра ҳахьчароуп. Дарбанызаалак уи аҩыза алшара змоу адунеи иалаԥсоу ҳҟазацәа русумҭақәа ԥшааны Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәра иҽазишәароуп. Амилаҭтә галереиа аиҭарҿиара аидеиа анагӡара аиуроуп», –  ҳәа иҳәеит апоет, ауаажәларратә усзуҩ  Дмитри Габелиа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика аҿы азинеиҿкаареи ашәарҭадареи рышьақәыргылара азы амчратә структурақәа еффективла русеицура азы,  атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаратә еилазаара гәыԥҩык аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура анапхгаҩы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа ала аџьшьаратә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранашьахеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.